Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акциа "Амузеи аҟны аҵх" мҩаԥгахоит Аԥсны

© SputnikАкция «Ночь в музее» прошла в Сухуме
Акция «Ночь в музее» прошла в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2022
Анапаҵаҩра
"Аҵх амузеи аҟны" – жәларбжьаратәи культуратә акциоуп, уи раԥхьаӡакәны иаԥшьыргеит Франциа 1999 шықәсазы. Ари ауха амузеиқәа жәпакы рахь анеира хәыда-ԥсадоуп. 2015 шықәсазы ари акциа Аԥсны имҩаԥган Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аԥшьгарала.
АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik. Лаҵара 18 рзы Аԥсны имҩаԥгахоит "Амузеи аҟны аҵх" Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи, Аԥсны Абанк амузеи, Дырмит Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи, Сергеи Дбар ихьӡ зху гәдоуҭатәи амузеи рҟны.
"Акциа хацыркын 2015 шықәсазы. Раԥхьаӡа акәны иара ҳмузеи аҿы имҩаԥган, убри азы ҳусзуҩцәа ауснагӡатә амҩаԥгаразы аԥышәа ду рымоуп. Иахьа ҳмузеи 105 шықәса ахыҵуеит. Срыдныҳәалоит сколлегацәеи сҩызцәеи", - иҳәеит лаҵара 17 рзы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы Аԥснытәи аҳәынҭмузеи адиректор Аркади Џьопуа.
Государственный музей Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2022
Аԥсны
Аҭоурых згәыҵаҳәҳәоу ахыбра: Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи иахыҵит 105 шықәса
Иара иажәақәа рыла амузеи аусзуҩцәа ауснагӡатә рҽазыҟарҵоит. Аҭааҩцәа ирбар рылшоит амузеи азалқәа рҿы шамаха иумбо аекспонатқәа.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы акциа иалагоит асааҭ 20:00 рзы, Дырмит Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аҿы – асааҭ 17:00 рзы, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны - асааҭ 18:00 рзы. Аԥсны Абанк амузеи аҿы аҭааҩцәа иддырбоит иуԥыхьамшәо аԥараҿырп (асааҭ 18:00 рзы), Гәдоуҭатәи амузеи ашәқәа аанартуеит асааҭ 20:00 рзы.
Дырмит Гәлиа илитературатә-мемориальтә музеи адиректор Светлана Қорсаиаԥҳа илҳәеит акциа 2016 шықәса раахыс ишымҩаԥырго.
"Раԥхьа иргыланы ашколхәыҷқәеи астудентцәеи ҳрыдҳәалоуп. Сынтәа ауснагӡатә иалахәхоит ақалақь ашколқәа зегьы. Актәи ашкол аҵаҩцәа Баграт Шьынқәба ирҿиамҭақәа ирылхны акомпазициа шьақәдыргылоит. Ирыԥхьоит апоет иажәеинраалақәа", - лҳәеит лара.
© Sputnik / Марианна Кубрава Акциа "Амузеи аҟны аҵх" мҩаԥгахоит Аԥсны лаҵара 18 рзы
Акция Ночь в музее пройдет в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2022
Акциа "Амузеи аҟны аҵх" мҩаԥгахоит Аԥсны лаҵара 18 рзы
Акциа ахықәкы хада – ашколхәыҷқәа, астудентцәа, аҿар амузеиқәа, аԥсуа культуреи алитературеи радԥхьалароуп.
"Ҳҿар ирдыруазароуп Дырмит Гәлиа, егьырҭ ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳпоетцәеи. Ирдыруазароуп аԥсуа литература. Ари аҩыза акциа аҭааҩцәа иҷыдоу аҭагылазаашьа рзаԥнаҵоит. Лаҵара 18 рзы алитературатә хәылԥазы мҩаԥгахоит. Актәи ахәҭаҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәылацәа рбиографиақәа дҳардыруеит, аҩбатәи аҿы - рпоезиа", - лҳәеит Қорсаиаԥҳа.
Ахьӡ-аԥша амузеи адиректор Мзиа Беиаԥҳа илҳәеит "Амузеи аҟны аҵх" аҿы ишцәыргахо Владислав Арӡынба имашьына "Волга". Асааҭ 18:00 азы амузеи аҿы аибашьра аамҭазтәи ашәақәа рконцерт мҩаԥгахоит, еиҿкаахоит аекскурсиақәа.
Сергеи Дбар ихьӡ зху Аибашьра амузеи аҿы акциа ҵхагәанынӡа имҩаԥысуеит. Уаанӡа иӡыргамыз аекспонатцәа цәыргахоит – Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба амузеи иеиҭаз аҳамҭақәа, ихатәы маҭәа. Уи адагьы аҭааҩцәа идырбахоит 1937 шықәсазы идырӡыз Ҩарданаа рҭаацәара рыҩнымаҭәа. Амузеи аусзуҩцәа еиҭарҳәоит ари аҭаацәара рҭоурых, аԥсуа револиуционер, аполитик Нестор Лакоба иҩыгатә стол дара ишрыднагалаз. Ицәыргахоит Нестор Лакоба иревольвер.
Гагра араион аҿы акциа мҩаԥгахом.
Выставка ко Дню рождения  Владислава Ардзинба в Гудауте  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2022
Аԥсны
Владислав Арӡынба Иирамш иазку аконцерти ацәыргақәҵеи мҩаԥысит Гәдоуҭа
Ажәабжьқәа зегьы
0