Аҭоурых згәыҵаҳәҳәоу ахыбра: Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи иахыҵит 105 шықәса
20:20 17.05.2022 (ирҿыцуп: 21:15 17.05.2022)
© Sputnik / Марианна Кубрава Государственный музей Абхазии
© Sputnik / Марианна Кубрава
Анапаҵаҩра
Аԥсуа милаҭ хаҿра еиқәырханы иаазго, уи аиҷаҳареи ахьчареи ирзааԥсо Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аартын лаҵарамза 17, 1917 шықәсазы. Иахьа уи 105 шықәса ахыҵуеит.
XIX ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рыбзиабаҩцәа раԥшьгарала, аполковник А.Н. Введенски инапхгарала, Аҟәа атәылаҿацәҭҵааратә музеи аԥҵареи уи ахарҭәаареи рзы аусурақәа реиҿкаара иалагеит. Аха аусқәа ишақәнагаз рҭыԥ рықәҵара иахьымӡакәа, Аурыс-аҭырқәа еибашьра (1877-1878 шш.) алагамҭазы хәы змамыз аԥсабаратәи, аҭоурыхтәи, археологиатәи, аетнографиатәи материалқәа наунагӡа Аԥсны иацәырӡын.
Амузеи аԥҵаразы азҵаара еиҭацәырган 1913 шықәса рзы гәыԥҩык агрономцәеи, абнахлаԥшыҩцәеи, арҵаҩцәеи раԥшьагарала, усҟан дара аус адырулеит Аԥсны аҭоурыхтә материалқәа реизгареи рыҭҵаареи ирызкыз Аилазаара аԥҵаразы апроект.
Убас, 1915 шықәсазы Аҟәа имҩаԥысит "Аҟәеи Аҟәатәи аокруги рыԥсабареи руааԥсыреи рыҭҵаара абзиабаҩцәа Реилазаара" алахәыҩцәа рзеиԥш еизара. Уи анапхгараҿы иҟан А. Синицын (ахантәаҩы), Б. Киселиов, В. Козлов, В Семашко, Б. Захаров, Д. Градилевски, В. Крастелевски. Аизараҿы ирыдыркылеит атәылаҿацәҭҵааратә музеи шаԥҵоу ала ақәҵара. Убри инаркны иалагоит амузеи азы инеиԥынкыланы аматериал аизгара.
Ари аус иадгылаз аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа ибзиаӡаны еилыркаауан, закә ҵакыз иамаз усеиԥш иҟоу амузеи ашьақәыргылара. Урҭ рџьабаа иалҵшәаны, уи аартын иахьа иахьыҟоу ахыбраҿы ҩ-уадак ахьазалырхыз аҭыԥ аҿы лаҵарамза 17, 1917 шықәсазы.
"Усҟантәи ашықәсқәа раан аҵарауааи аинтеллигенциеи рхы ааидкылан ирыӡбеит Аԥсны ахаҿсахьа, аҭоурых аиқәырхара, аӡыргара шьаҭас иҟаҵаны амузеи ашьақәыргылара. Аҟәа ақалақь анапхгара амузеи аусура алыршаразы иазоурыжьит цхыраарак аҳасабала 500 мааҭ. Уи даараӡа акраҵанакуан аԥсуа милаҭтә культура аӡыргараҟны", - ҳәа иҳәоит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи иахьатәи аиҳабы Аркади Џьапуа.
© Sputnik / Марианна Кубрава Акция "Ночь в музее" пройдет в Сухуме
Акция "Ночь в музее" пройдет в Сухуме
© Sputnik / Марианна Кубрава
1920 шықәса анҵәамҭазы, Аԥсны ақырҭуа меншевикцәа аҳра аныруаз, "Аҟәеи Аҟәатәи округи рыԥсабареи руааԥсыреи рыҭҵаара абзиабаҩцәа Реилазаара" зынӡа иаԥыхын, инашьҭарххны амузеигьы аркын, аекспонатқәа ықәганы Қырҭҭәылаҟа иган.
"Ҳмузеи аџьамыӷәа цәгьа аамҭақәа ахнагахьеит. Аԥсны аменшевикцәа ахаԥаны ианыҟаз ашықәсқәа рзыҳәаны амузеи аусура аанкылан. Уи иагәылаҵәахыз аекспонатқәа зегьы ықәганы иргеит, уи ала ирҭахын ҳҭоурых ахәаҽра", - иҳәоит Аркади Џьапуа.
Аԥсны Асовет мчра аиааира анага ашьҭахь атәылаҿацәҭҵааратә усура еиҭашьақәыргылан. 1922 шықәса, нанҳәамзазы Аҟәа иаԥҵан Аԥсуа ҭҵаарадырратә Еилазаара (АБНО). Уи аиҿкаара активла иалахәын: Н.А. Лакоба (Аԥсны жәлар ркомиссариат ахантәаҩы, Аԥсуаҭҵааратә еилазаара аҳаҭыртә хантәаҩы), Д.И. Гәлиа, А.И. Чыкәбар, Г.П. Барач, А.И. Григолиа, В.И. Кәыкәба, Н.С. Џьанашьиа, М.М. Ивашьенко, В.И. Стражев, С.П. Басариа, С.М. Ашәхәаҵаа, В. Козлов, В. Малеев, Р. Какәба.
Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара хантәаҩыс даман Г.П. Барач, уи амузеи раԥхьатәи аиҳабысгьы иҟаз иакәын. Иара ихаан иаԥҵан Аԥсны аҭоурыхи, аетнографиеи, аԥсабареи ирызкыз аекспозициа, иҭыжьын Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара аусумҭақәа 4-томкны.
1928 шықәса рзы амузеи даҽа ҩаӡарак ахь ихалеит, уи аҳәынҭқарратә статус аиуит.
Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара жәашықәсатәи аусура иалагӡаны ареспублика аҭҵаарадырратә хшыҩеизҳараҿы иалшаз акыр ирацәоуп, атәылаҿацә аҭҵаараҿы, ааглыхратә мчқәа реизҳараҿы акрызҵазкуа ахәҭа лагалагьы ҟанаҵеит. Аилазаара алахәыҩцәа русумҭақәак рҟны усҟан иӡбатәны иқәдыргылаз зҵаарақәак иахьагьы актуалра рцәымӡӡеит, рынагӡара аҭахынгьы иҟоуп.
1933 шықәсазы амузеи еиҳабыс дахаргылан атәылаҿацәҭҵааҩы И.Е. Аӡынба. Иара ихаан ареволиуциа-ҭоурыхтә ҟәша афондқәа иазкыз аусқәа ирыцҵан, иаартын аменшевикцәа, ареволиуциа, асовет мчра ашьақәгылара уҳәа ирызкыз аекспозициақәа.
1937-38 ашықәс еиқәаҵәақәа рхыԥша амузеигьы ианыԥшит – НКВД аусзуҩцәа амузеи афондқәа рҟынтәи иргеит хәы змаӡамыз адокументқәа рацәаны, Нестор Лакоба, Ефрем Ешба, Николаи Ақырҭаа уҳәа ирыдҳәаланы иҵәахыз аматериалқәа жәпакы.
"Еиуеиԥшым аамҭақәа рзыҳәаны амузеи иахнагеит акыр арыцҳара. 1930-тәи ашықәсқәа раан амузеи аҟны иҵәахыз аԥсуа жәлар ҳҿахәы зҳәоз архивтә материалқәа ықәганы иган, урҭ зынӡа ибжьаӡит, уаҳа хнырҳәышьа змам акакәны иаанхеит наунагӡа, уи даара угәы унархьыртә иҟоуп", - ҳәа дазааҭгылоит Аркади Џьапуа.
© SputnikАкция ночь в Музее
© Sputnik
1937 шықәсазы амузеи аиҳабыс дарҭеит Л.Н. Соловиов, уи ихаҭа 40 инарзынаԥшуа аиланхарҭа ҭыԥқәа (Иашҭхәа, Бырцха, Ешыра убас егь.) рҿы ирацәаӡаны археологиатә материалқәа еизигеит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ианалага инаркны амузеи аҿы еизырго иалагеит аибашьратә тематика иазкыз аматериалқәа зегьы: адокументқәа, амаҭәа, абџьар, асаламшәҟәқәа уҳәа - Аԥсны афашизм иаҿагыланы ишықәԥоз шаҳаҭра азызуаз зегьы.
XX ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа раахыс есааира амҽхак ҭбаахо иалагеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи. Уи аусзуҩцәа Москватәи, Ленинградтәи, Киевтәи, Минсктәи, убас Асовет Еидгыла егьырҭ ақалақьқәа рҟынтәи рколлегацәеи дареи реиҿцаарақәа.
1978 шықәсазы СССР Акультура аминистрра аколлегиа иаднакылаз Ақәҵарала, Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи ианашьан Актәи акатегориа.
Амузеи аусураҿы алагала ду ҟарҵеит еиуеиԥшым аамҭақәа рзы уи иахагылақәаз: Е.К. Габелиа, А.Хә. Аргәын, И.Гә. Аргәын, А.М. Ҭариа. Убас аҟәшақәа реиҳабацәа: Л.Б. Лакрба, М.К. Хотелашвили-Инал-иԥа, Е.К. Аџьынџьал, Л.М. Прицкер, Г.Д. Аланиа, В.К. Кәыҵниа, Р.Ҳ. Гәажәба, С.И. Ҳашба.
Амузеи аусзуҩцәа лассы-лассы Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рыҟны еиҿыркаауан атематикатә цәыргақәҵақәа, иара убасгьы ҳтәыла анҭыҵгьы – Ҟарачы-Черқьесиа, Ҟабарда-Балкариа, Адыгатәыла, Краснодартәи атәылаҿацә, Шәачатәи, Адлертәи араионқәа рҟынгьы.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан амузеи аусзуҩцәа фырхаҵарыла рыԥсадгьыл ахьчаразы игылеит. Урҭ иреиуоп: М.М. Хәарцкиа, Д.А. Амқәаб, Р.С. Цәышба, А.С. Агәмаа, В.Ш. Аҳәба, Б.Ф. Берулаа, Л.Ш. Еныкь, Р.Ҳ. Ӷәынџьиа, С.М. Сақаниа.
Аибашьраан амузеи иаиуит аматериал ԥхасҭа ду аиуит ҳәа азӷәеиҭеит амузеи аиҳабы.
"1992-1993 шш. раан ацәыӡ ӷәӷәа аиуит ҳмузеи, идәылганы иргеит архивтә материалқәа, урҭ рсиа шьақәыргыланы иҳамоуп. Иҟоуп Аԥсны иалганы игоу, убас ҳтәыла аҩнуҵҟа иаҳзымԥшааз аматериалқәагьы", - ҳәа инаҵишьит Аркадиа Џьапуа.
Изықәшәаз ауадаҩрақәа хымԥада ириааир акәын. Раԥхьа инаргыланы амузеи ахыбра еиҭашьақәыргылатәын, ирҭбаатәын, избанзар уаанӡатәи ауадақәа ҭшәан, шәнызқь инарзынаԥшуа аекспонатқәа зегьы цәырганы иша-шаны рҭыԥқәа рзалхтәын ҳәа дазааҭгылоит аиҳабы.
Убас, 1998 шықәса рзы, аекономикатә ҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ахыбра арҽеиратә усқәа рымҩаԥгара адгылара аиҭеит, афинанстә зҵаарақәа рыӡбара илшеит. Урҭ ирыбзоураны амузеи аусзуҩцәа рыҭҵаарадырратә усура иацырҵартә алшара роуит. Анаҩсан шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган 2010-2012 шықәсқәа рзы. 2012 шықәса абҵарамза 16 рзы акапиталтә рҽеирақәа рышьҭахь амузеи аҭааҩцәа рзы ашәқәа аанартит.
"Амилаҭ рхаҿра ӡырызго, ҳҭоурых зҳәо, изакәызаалак аԥсуа ихаҿра инагӡаны иаазырԥшуа, ҭыԥк аҟны еидызкыло - уи Аҳәынҭқарратә амузеи ахыбра ауп. Арахь имҩахыҵуеит адунеизегьтәи аҵарауаа рхаҭарнакцәа, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи асасцәа, аҵаҩцәа, астудентцәа, аррамаҵзуҩцәа", - иҳәоит Аркади Џьапуа.
Иахьа амузеи аҟәшақәа ԥшьба аус руеит: аԥсабаратә ҟәша, археологиатә ҟәша, аетнологиатә ҟәша, ҳаамҭазтәи аҭоурыхтә ҟәша. Уаҟа иаартуп аекспозициа ҿыцқәа, аусзуҩцәа, дасу рыҟәшақәа рҿы есыҽны ихаҭәаау аҭҵааратә усқәа мҩаԥыргоит; афондқәа иааиԥмырҟьаӡакәа иҿыцу, аинтерес зҵоу аекспонат лыԥшаахқәа рыла рхарҭәааратә усурақәа цоит.
"Амузеи аҟны иахьа аус руеит 68-ҩык аусзуҩцәа. Досу инаигӡоит инапынҵа, ҭакԥхықәрала рус иазнеиуеит. Аусзуҩцәа рыҟәшақәа рҿы ихаҭәаау аҭҵааратә усқәа мҩаԥыргоит. Афондқәа иҿыцу, аинтерес зҵоу аекспонат лыԥшаахқәа рыла рхарҭәааратә усурақәа цоит", - иҳәеит Аркади Џьапуа.
105 шықәса рыҩнуҵҟа амузеи аҿы еизган Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынхазы мацара акәымкәа, адунеи зегь аҵак ду змоу иҷыдоу аекспонатқәа. Урҭ рыбжьара иҟоуп Асовет Еидгыла зегь аҟны реиҳа ижәытәӡатәиу Иашҭхәатәи ажәытә уаҩы игыларҭеи мезолит аамҭа иаҵанакуа Адамра Хьшәашәеи рымаҭәахәқәа, ҳера ҟалаанӡатәи III азқьышықәса иаҵанакуа адольментә культура аметаллыхқәа, аџьазтә аамҭа иаҵанакуа аԥшаахқәа уҳәа акыр.
Иара убас амузеи зхыҽхәо аматериалқәа иреиуоуп Аҟәатәи абаӷәаза аҵан иԥшааз антикатәи аамҭа иатәу амармалташьтә стелеи абиусти, аҽыуаҩи алеи рсахьа змоу ихьшәо аџьазтә аамҭа иаҵанакуа аҽырԥшӡага, агрифон асахьа змоу ассириатәи аџьазтә ԥырак (ҳера ҟалаанӡа VI ашә.), абырзен кәылӡхылԥеи аԥыраки (ҳера ҟалаанӡа IV-V ашә.)