Сынтәа Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара атауареикәыршара иазҳап ҳәа иԥшуп

© AFP 2023 / OZAN KOSEДизель-электрическая подводная лодка класса "Кило" ВМФ России "Ростов-на-Дону" проходит через пролив Босфор по пути в Черное море мимо города Стамбул
Дизель-электрическая подводная лодка класса Кило ВМФ России Ростов-на-Дону проходит через пролив Босфор по пути в Черное море мимо города Стамбул - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. 2022 шықәсазы Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара атауареикәыршара иазҳап ҳәа иԥшуп, уи азы иҟаҵоуп иахәҭоу ашьаҿақәа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Ҭырқәтәыла ҳара ҳзы акрызҵазкуа економикатә лахәылоуп. Ахәаахәҭра-економикатә усеицура ҳабжьоуп. Есышықәса иазҳауеит атауареикәыршара. Ииасыз ашықәс азы 33 миллиард доллар ыҟан. Сынтәа иҵегь иацлап ҳәа ҳаԥшуп. Ҭырқәтәылатәи ҳлахәылаҩцәеи ҳареи ахәаахәҭратә еикәыршара ашьҭыхраз ҳаилацәажәеит", - ҳәа иҳәеит иара.

Новак иазгәеиҭеит атәылақәа рыҩбагьы рҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа ишреиуоу административтә ԥынгылақәа раԥыхра, амилаҭтә валиутақәа рхархәара аиҿкаара, алогистикатә мҩа ҿыцқәа реиҿкаара.
Аԥыжәара аманы дрыхәаԥшуеит ақыҭанхамҩа, аенергетика, атранспорт, ааглыхра русхкқәа.
Новак иҳәеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи аԥарахсаалага "Мир" ҭырқәтәылатәи асасааирҭақәа рҿы ахархәараз ишеилацәажәаз.
Ажәабжьқәа зегьы
0