Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҟәланырхәа ақыҭа амҩаду Гиви Агрба ихьӡ ахырҵеит

© SputnikВ Героя Абхазии Гиви Агрба назвали одну из улиц в селе Куланырхуа
В Героя Абхазии Гиви Агрба назвали одну из улиц в селе Куланырхуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2022
Анапаҵаҩра
Мшаԥымзазы Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Гиви Агрба 85 шықәса ихыҵуазаарын.
ГӘДОУҬА, лаҵара 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Ҟәланырхәа ақыҭа амҩаду Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Гиви Агрба ихьӡ ахырҵеит.
Ҟәланырхәа ақыҭа ахада Руслан Гәлиа ишиҳәаз ала ари амҩаду ақыҭаҿы ихадақәоу иреиуоуп. Уаанӡа иара хьӡы амамызт. Ахы акуеит Гәдоу ацҳа инаркны, инҵәоит Арыҩҭаа аиланхарҭаҿы. 11 километра рҟынӡа инаӡоит.
Аусмҩаԥгатә иалахәын араион анапхгара, аиҳабыра рлахәылацәа, Апарламенти араионтә Еизареи рдепутатцәа, Аԥсны Абыргцәа рхеилак алахәылацәа, Гиви Агрба иуацәа, иқыҭауаа, ивагылан еибашьуаз.
Даур Ахба ихьӡ зху Ҟәланырхәатәи 2-тәи абжьаратә школ аҿы Гиви Агрба ихьӡала агәалашәаратә уснагӡатә мҩаԥысит. Аҵаратә усҳәарҭа уахьынеҩнало еиҿкаан аибашьраан иҭыхыз архивтә фотосахьақәа рыла ацәыргақәҵа.
© Sputnik

Ҟәланырхәатәи 2-тәи абжьаратә школ аҟны имҩаԥысит Гиви Агрба игәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә

Ҟәланырхәатәи 2-тәи абжьаратә школ аҟны имҩаԥысит Гиви Агрба игәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә - Sputnik Аҧсны
1/3

2/3

3/3

Ашкол азал хадаҿы ашколхәыҷқәа аконцерт мҩаԥыргеит, ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, асценкақәа ықәдыргылеит, еиҭарҳәеит аԥсуа офицер Гиви Агрба иԥсҭазаареи иусуреи ртәы. Минуҭктәи аҿымҭрала ареспублика ахьчаҩцәа, Ҟәланырхәаа рыҷкәынцәа 29-ҩык иҭахаз ргәаладыршәеит.
Аԥсны Афырхаҵа Вианор Ашба Гиви Агрба илегендатәу напхгаҩын, дҵаҟаҵаҩын, рҵаҩын ҳәа иҳәеит.

"Ҳара даара иаҳныруеит ҳдҵаҟаҵаҩ, ҳҩыза, абык иеиԥш иаҳзыҟаз ауаҩ иҟамзаара. Даара дҳагуп. Ақырҭуа агрессорцәа Аԥсны ианақәла Гиви Камыгә-иԥа иаразнак аҩбатәи авзвод адҵаҟаҵаҩ Зураб Кьышьмариа адҵа ииҭеит Ацҳа ҟаԥшь никыларц. Аамҭа кьаҿла Аԥсны аҩнуҵҟатәи архәҭала адҵа нагӡан", - иҳәеит Ашба.

Иазгәеиҭеит Агрба илша шалоу ари апозициа анкылара, иара уи нзыжьыз рахьынтә дышҵыхәтәантәиз.
Аԥсны Афырхаҵа Аполлон Шьынқәба иҳәеит мшаԥымзазы Гиви Агрба 85 шықәса шихыҵуаз, иҟамзаара адкылара шыхьанҭоу. Иара убасгьы иазгәеиҭеит Агрба иашьцәа, иԥацәа аиааира рлагала шшьардоу.
"Иԥацәа иаԥхьа игыланы ицон еибашьра. Иашьцәа ивагылан. Ауаҩ изааигәоу ашәарҭара ианҭагылоу ицәыуадаҩуп, аха ус шакәызгьы анапынҵа ҷыдақәа неигӡон, активла ажәыларатә операциақәа зегьы дрылахәын. Игәра ргон. Иаргьы зегьы дрыхьӡон", - иҳәеит Шьынқәба.
Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба дыргәаладыршәеит Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2022
Аԥсны
Аибашьҩы гәымшәа, ауаҩ иаша: Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба дыргәаладыршәеит Гәдоуҭа
Гиви Агрба иколлега, амилициа аполковник Аслан Дгьебиа Агрба ҩызак, напхгаҩык иҳасаб ала дзеиԥшраз игәалаиршәеит. Иара иажәақәа рыла Агрба атәыла апатриотцәа рабиԥарақәа акыр еиҵаиааӡеит, иазыҟаиҵеит азинхьчаратә усбарҭақәа рыпрофессионалцәа.
"Гиви Камыгә-иԥеи сареи аус еицаауан. Иусура ахәшьара уадаҩуп. Аусура ҳарҵара адагьы ауаҩра, аламыс, аҳаҭырқәҵара ҳалаиааӡон. Аколлектив дуқәа напхгара риҭон. Еснагь ауаа дрықәшәон. Ирацәаҩуп инапаҵаҟа иҟаз рахьынтә анапхгаратә ҭыԥқәа ирхагылоу", - иҳәеит Дгьебиа.
Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба асасцәа ҭабуп ҳәа риеҳәеит, иазгәеиеҭеит ақыҭа амҩаду хада Гиви Агрба ихьӡ ахҵара ақыҭауаа, абыргцәа ишраԥшьгамҭоу.
Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант, аорден Ахьӡ-аԥша II аҩаӡара занашьоу Гиви Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2018
Арратә комендант иҭоурых: Гиви Агрба игәаларшәара
Аԥсны Абыргцәа рхеилак алахәыла Џьамал Аҩӡба иазгәеиҭеит, Гиви Агрба ихьӡала ишаԥҵоу акымкәа-ҩбамкәа адокументалтә фильмқәеи ашәҟәқәеи. Урҭ рҟны авторцәа азааҭгылоит Агрба аруаҩ иҳасабала мацара акәымкәа, уаҩык, ҩызак, ԥсыуак иҳасабалагьы.
Ауацәеи аҭынхацәеи рыхьӡала еизаз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит Арзадин Агрба.
"Гиви Камыгә-иԥа иҭоурых беиуоуп, ихьӡ анаӡаӡатәраз аиҳабыреи ахәҷқәеи иҟарҵаз акыр иаԥсоуп. Сара ашкол аҟны аус зуан, аџьабаа иацу бзианы еилыскаауеит. Иҭабуп идууӡаны", - иҳәеит иара.
Ауснагӡатә алахәылацәа Гиви Агрба анышә дахьамадоу ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьаз Гиви Агрба диит мшаԥы 4, 1937 шықәсазы. Аибашьра ашьҭахь Гиви Камыгә-иԥа аус иуан Аҟәатәи агарнизон аиҳабыс, анаҩс Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс (1993 – 1996), 1996–2002 шықәсқәа рзы Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс, 2002–2004 шықәсқәа рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩыс, Гәдоуҭатәи агарнизон аиҳабыс. Дрылахәын Аԥсуа ар имҩаԥыргоз ажәыларақәа.
Гиви Агрба иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 27 2014 шықәса рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0