Аибашьҩы гәымшәа, ауаҩ иаша: Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба дыргәаладыршәеит Гәдоуҭа
15:55 04.04.2022 (ирҿыцуп: 16:59 20.05.2022)
© Sputnik / Бадри Есиава Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба дыргәаладыршәеит Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы
© Sputnik / Бадри Есиава
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьаз Гиви Агрба мшаԥы 4, 2022 шықәсазы 85 шықәса ихыҵуазаарын.
ГӘДОУҬА, мшаԥы 4 – Sputnik, Бадри Есиава. Мшаԥы 4 рзы Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба дыргәаладыршәеит Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы.
Агәалашәаратә церемониаҿы иӡырган Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭыхыз Гиви Агрба ифотосахьақәа.
© Sputnik / Бадри Есиава Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба дыргәаладыршәеит Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы
Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба дыргәаладыршәеит Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы
© Sputnik / Бадри Есиава
Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟаз Раули Смыр иҳәеит Гиви Агрба ихы-иԥсы зегьы ижәлари иԥсадгьыли ирзикуан ҳәа. Иара дпатриот иашан, аԥсуара аҵасқәа зегьы ирыҵагылоз уаҩԥсын.
"Ишыжәдыруа еиԥш, аибашьра зегьы иԥацәа ҩыџьа иваргыланы дагәылсит. Урҭ руаӡәк амина дахаԥжәеит, ахәра ӷәӷәақәа иоуит. Иԥеиҵыб иакәзар, аибашьра амҩа ахы инаркны аҵыхәанынӡа данысит, Леон иорден ианашьоуп. Гиви Камыгә-иԥа илшара дууп Аҟәа ахақәиҭтәразы", - иҳәеит Смыр.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит Гиви Агрба иарбан маҵзуразаалак дызхагылаз рҿы иааирԥшуан азанааҭдырра ҳаракы, аԥсуа иҟазшьа, аиашара, агәымшәара.
"Гиви иеиԥш зеиԥшыз ахацәа ҳамамызҭгьы, иҟаларын аибашьраҿы ҳазымиааиргьы", - иҳәеит Смыр.
Леон иорден занашьоу, аибашьреи, аџьеи, Арбџьармчқәеи рветеранцәа Рреспубликатә Хеилак ахантәаҩы, аинрал-маиор Закан Нанба ауснагӡатә аиҿкааҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит. Ирзеиҭеиҳәеит гәдоуҭатәи амилициаҿы аусура даналагаз Гиви Агрбеи иареи шеибадырыз.
© Sputnik / Бадри Есиава Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба дыргәаладыршәеит Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы
Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба дыргәаладыршәеит Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы
© Sputnik / Бадри Есиава
"Усҟан иара аҟәатәи ААР аиҳабыс дыҟан. Сара сыԥсҭазаараҿы дысԥымлеит аҽаӡәы, Гиви Камыгә-иԥа иеиԥш знапынҵақәа ҩаӡара ҳаракыла иназыгӡоз. ААР аколлегиақәа анымҩаԥысуаз Гиви Камыгә-иԥа иқәгылара зегьы азыԥшын. Ииҳәозгьы хьаҳәхьачарыда инагӡазар акәын", - иҳәеит Нанба.
Леон иорден занашьоу, Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба иҳәеит Гиви Агрба раԥхьаӡа акәны дшибаз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет даныстудентыз. Усҟан азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи астудентцәеи аамҭа-аамҭала еиԥылон, еицәажәон.
Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь Аршба Агрба инапаҵаҟа дыҟаны Ашәарҭадаратә маҵзураҿы аус иуан.
"Иҟазшьа ҷыданы идубалоз иреиуан ауаҩра ду, агәыҳалалра. Ауаа ҳаҭыр рықәҵара. Акыр дышсеиҳабызгьы, дысҩыза иашан. Дарбанзаалак инапаҵаҟа иҟаз ҳаҭырла, патула дырзыҟан, ихшаз реиԥш ибон", - иҳәеит Аршба.
Гәдоуҭа Араионтә еизара ахантәаҩы Валери Малиа агәра игоит Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ баша-маша дшаԥсамхаз Гиви Агрба. Уи агәымшәара данҿаз аахысгьы иааирԥшуан. Асовет аамҭазы ақырҭуа еиҳабыра еснагь иусқәа рҿы иԥырхагахарц иаҿын, аха иара урҭ дрыҵахомызт.
"Ажәлар рҿы ирҳәоит: иаԥсуара иаԥхьа игылоуп ҳәа. Абри аҩыза ззырҳәоз дреиуан Гиви Агрба. Иахьа уажәраанӡа дҳалагылазҭгьы, ҳтәылаҿ аҭагылазаашьа еиҳа еиӷьзаарын", - иҳәеит Малиа.
Аиԥылара хыркәшо, амузеи адиректор и.н. Гәыгәыца Џьыкырԥҳа даԥхьеит амузеи аартраан Гиви Агрба иҟаиҵаз анҵамҭа.
"Иҭахаз ҳаҷкәынцәа рыеаҵәахәқәа камшәеит. Урҭ рыԥсы ҭоуп аԥсыуак игәы еисуанаҵы. Сшәыкәыхшоуп. Шәыԥсқәа еснагь исыцуп".
Ауснагӡатә иалахәхеит араион, Атәылахьчара аминистрра рхаҭарнакцәа, Гиви Агрба игәакьацәа, иҩызцәа, аррамаҵзурауаа. Џьырхәатәи абжьаратә школ аҵаҩы Леон Цкәуеи гәдоуҭатәи абжьаратә школ №4 аҵаҩы Диана Абӷаџьааи Аԥсны ахьчаҩцәа ирызкыз ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
Аибашьра ашьҭахь Гиви Камыгә-иԥа аус иуан Аҟәатәи агарнизон аиҳабыс, нас – Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс (1993 – 1996), 1996–2002 шықәсқәа рзы Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс, 2002–2004 шықәсқәа рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩыс.аҵаҩс, Гәдоуҭатәи агарнизон аиҳабыс дыҟан. Дрылахәын Аԥсуа ар имҩаԥыргоз ажәыларақәа.
Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба ианашьан "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара. Гиви Агрба иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 27 2014 шықәса рзы.