Аслан Бжьаниа Сергеи Шоигу иирамш идиныҳәалеит

© Foto / пресс-служба Президента РААслан Бжания провел переговоры с министром обороны России Сергеем Шойгу
Аслан Бжания провел переговоры с министром обороны России Сергеем Шойгу - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2022
Анапаҵаҩра
Лаҵара 21 рзы Урыстәыла атәылахьчара аминистр 67 шықәса ихыҵит.
АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу иирамш идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Ари аҭагылазаашьа схы иархәаны даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп шәара хаҭала Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрреи хра змоу русеицура, аҩтәылак реимадарақәа уҳәа рырӷәӷәаразы шәлагалазы", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Иара убас атәыла ахада иазгәеиҭеит Сергеи Шоигу Урыстәыла атәылахьчара, арбџьармчқәа рырӷәӷәараҿы илшамҭа дуқәа, изеиӷьеишьеит агәабзиара, Урыстәыла жәлар реизҳазыӷьара иазырхоу аиааира ҿыцқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0