Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Алахьеиқәреи агәыӷреи рымш: амҳаџьырра иагаз Гагра ишыргәаладыршәаз

© Sputnik / Саида ЖибаДень памяти жертв Кавказской войны в Гагре.
День памяти жертв Кавказской войны в Гагре. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2022
Анапаҵаҩра
Гагратәи амшын аԥшаҳәатә парк аҟны амҳаџьырра иалаӡыз ҳџьынџьуаа ргәалашәара ахьӡала наҟ-наҟ абаҟа аргылара ахьазԥхьагәаҭоу аҭыԥ аҟны ашәҭшьҭаҵареи алахьеиқәҵаратә митинги мҩаԥысит.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Традициала, амра аҭашәамҭазы, Гагра араион ахадареи, Пицунда ақалақьи, аҳаблақәеи, ақыҭақәеи рхадацәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәеи амшын аԥшаҳәа иқәсны ашәҭқәа шьҭарҵеит ҳаԥхьаҟа амҳаџьырра иагаз ҳашьцәа ргәалашәара иазку абаҟа ахьышьақәыргылахо аҭыԥ аҟны. Анаҩс имҩаԥган алахьеиқәҵаратә митинг.
© Sputnik / Саида Жиба

Амҳаџьыраа ргәалашәара аҳаҭыр азы Гагра аусмҩаԥгатәқәа жәпакы мҩаԥган

Амҳаџьыраа ргәалашәара аҳаҭыр азы Гагра аусмҩаԥгатәқәа жәпакы мҩаԥган - Sputnik Аҧсны
1/2

2/2

Ажәахә ҟазҵоз 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аветеранцәа злахәу ареспубликатә ауаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа еизаз рҿаԥхьа лаҵара 21 амш аҵакы дазааҭгыло иҳәеит ари аҩыза ахлымӡаах 30 шықәса раԥхьа ҳшацәцаз.
"Амҳаџьырра ҳаналацәажәо, иаҳхаагаз арыцҳара зны аурыс, нас аҭырқәа ихараҳтәуеит, аха иаҳхаҳмыршҭым усҟан ҳажәлар ирхаразгьы шыҟаз. Зегьы еидыскылом, аха реиҳараҩык аидгылара ахьаадмырԥшыз иалҵшәоуп рыԥсадгьыл гәакьа ааныжьра. Уамак ҵуам шәареи ҳареи иаҳхаагаз Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аахыс. Усҟан анцәа ахдырра ҳаиҭеит аӡәк иеиԥш ҳаидгылрац, уи иалҵшәаны иҟалараны иҟаз аҩбатәи агеноцид ҳацәцеит", - ҳәа наҵишьит иара.
В память о жертвах Кавказской войны в Сухуме зажгли поминальную свечу и костер - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2022
Аԥсны
Наунагӡа ҳгәалашәараҿы: Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рымш Аҟәа ишазгәарҭаз
Гагра араиотә Еизара адепутат Дауҭ Ақаҩба ихәҭакахьалагьы иазгәеиҭеит, ҳҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоу арҭ ахҭысқәа хашҭшьа шрымам. Иахьа адунеи иалаԥсоу ҳџьынџьуаа раӷьырак мышкызны Аԥсныҟа ихынҳәыртә еиԥш алшара шыҟалогьы агәрагара ааирԥшит.
Амитинг ашьҭахь, афольклортә ансамбль "Кьараз" ахкынагӡаҩцәа ашәақәа рҳәеит. Гагратәи абжьаратә школқәа рҵаҩцәа ирыԥхьеит ажәеинраалақәа.
© Sputnik / Саида ЖибаДень памяти жертв Кавказской войны в Гагре.
День памяти жертв Кавказской войны в Гагре. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2022
День памяти жертв Кавказской войны в Гагре.
Ианааилахәла, алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатә аартын Ҳараз Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә школ №1 аҟынгьы. Арахь ааԥхьара иман, арҭ амшқәа рзы Гагра иаҭааны иҟоу, Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь инхо ҳџьынџьуаҩ Ерол Ԥлиа. Иара игәаҵанӡа инеит ахәыҷқәа амҳаџьырра 158 шықәса ахыҵра иазкны рышкол ашҭаҟны 158 цәашьы аркны ахҵәара иақәшәаз ҳауаажәлар ирыхьӡынҩыланы изыԥхьаз ажәеинраалақәа.
© Sputnik / Саида ЖибаАмҳаџьыраа ргәалашәара аҳаҭыр азы Гагра аусмҩаԥгатәқәа жәпакы мҩаԥган
День памяти жертв Кавказской войны в Гагре. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2022
Амҳаџьыраа ргәалашәара аҳаҭыр азы Гагра аусмҩаԥгатәқәа жәпакы мҩаԥган
"Сара сабду иаб Жьагәа амҳаџьырра ҟалаанӡа Цандрыԥшь аҩахыс дынхон. Аамҭа хьанҭақәа раан, мчыла зыԥсадгьыл нзыжьыз ахьҷыԥсаа дрыцны Ҭырқәтәылаҟа дықәымҵыр амуит. Лаҵарамза 21 аҽны, есышықәса Қьефқьен имҩаԥысуа агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа схы рыласыхәуеит. Сынтәа ус слахьынҵа ианын Аԥсны сааны шәара шәахь сымҩахыҵыртә еиԥш. Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа шәасҳәоит аҭоурых ахьышәхамшҭуа", - иҳәеит ҳџьынџьуаҩ иқәгылараҟны.
© Sputnik / Саида Жиба

Амҳаџьыраа ргәалашәара аҳаҭыр азы Гагра аусмҩаԥгатәқәа жәпакы мҩаԥган

Амҳаџьыраа ргәалашәара аҳаҭыр азы Гагра аусмҩаԥгатәқәа жәпакы мҩаԥган - Sputnik Аҧсны
1/2

Амҳаџьыраа ргәалашәара аҳаҭыр азы Гагра аусмҩаԥгатәқәа жәпакы мҩаԥган

© Sputnik / Саида Жиба

Амҳаџьыраа ргәалашәара аҳаҭыр азы Гагра аусмҩаԥгатәқәа жәпакы мҩаԥган

Амҳаџьыраа ргәалашәара аҳаҭыр азы Гагра аусмҩаԥгатәқәа жәпакы мҩаԥган - Sputnik Аҧсны
2/2

Амҳаџьыраа ргәалашәара аҳаҭыр азы Гагра аусмҩаԥгатәқәа жәпакы мҩаԥган

1/2

Амҳаџьыраа ргәалашәара аҳаҭыр азы Гагра аусмҩаԥгатәқәа жәпакы мҩаԥган

2/2

Амҳаџьыраа ргәалашәара аҳаҭыр азы Гагра аусмҩаԥгатәқәа жәпакы мҩаԥган

Аԥсуа школ адиректор Хана Гәынԥҳа асас иалҳәеит арҵаҩратә еилазаара ирылшо зегь шыҟарҵо, аԥсуа жәлар рҭоурых амырӡреи ахатәы бызшәа аиқәырхареи рзы.
Амҳаџьырра иахнагаз ҳашьцәа ирызкны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿкаан Алықьса Канџьариа ихьӡ зху Гагратәи алицеи-интернат аҿгьы. "Зыԥсадгьыл зцәыӡыз зегьы ицәыӡит" ҳәа хьӡыс иаҭаны акласстә сааҭ мҩаԥысит. Аҵаҩцәа иҭырхит ари атемала асахьақәа, ирыԥхьеит ажәеинраалақәа. Ахәылбыҽха, хәыҷи дуи амшын аԥшаҳәахьы илбааны аӡы ихырҵеит рнапала иҟарҵаз ақьаад иалху аӷба хәыҷқәеи, ашәҭқәеи.
© Sputnik / Саида ЖибаАмҳаџьыраа ргәалашәара аҳаҭыр азы Гагра аусмҩаԥгатәқәа жәпакы мҩаԥган
День памяти жертв Кавказской войны в Гагре. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2022
Амҳаџьыраа ргәалашәара аҳаҭыр азы Гагра аусмҩаԥгатәқәа жәпакы мҩаԥган
Ажәабжьқәа зегьы
0