Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амза асахьа змоу ача, ачашә, ацәашьы: "Адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара Ҷлоу ишымҩаԥыргаз

© Foto / Есма ҬодуаԥҳаНелли Ҷкадуа-Кверквелиа
Нелли Ҷкадуа-Кверквелиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ҳҟны жәытә аахыс иаарго аныҳәарақәа ируаку "Адәныҟа" шымҩаԥырго Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа лматериал аҟны.
"Адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара ҳматериалқәа рҟны ҳазааҭгылахьеит. Аха иҳәатәуп, ари аныҳәара амҩаԥгашьа ҭыпла аивгарақәа шамоу еиԥш, (иаҳҳәап, бзыԥааи абжьыуааи рныҳәашьа еиԥшым), дара аныҳәаҩцәа рхаҭагьы еиуеиԥшымкәа иныҳәоит, досу иара ишиқәу, аныҳәара анидыркуаз ишидырбаз еиԥш.
Ааигәа Ҷлоу ақыҭа, Андроу аҳаблан Кәарҷиаа рҭаацәараҿы ԥа-гәырӷьа рыман. Урҭ традициала ишаԥу еиԥш, ахәыҷы ҩынҩажәа мшы данырҭыс нахыс аныҳәара мҩаԥыргеит.
Аныҳәаҩ, 72 шықәса зхыҵуа Нелли Ҷкадуа-Кверквелиа ани ахшареи рныҳәара далагеижьҭеи рацәак ҵуам. Лара ишылҳәаз ала, уи иаҿыз лаҳәшьеиҳаб лоуп. Аха нас лықәра анынаскьа, аныҳәара леиҵбы иллыркит. Уи ишыллырбазгьы иналыгӡоит.
Мама с ребенком - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2018
"Аглахьа", ма "агылхьа": ани ахәыҷи ирыдҳәалоу аныҳәарақәа рзы азгәаҭақәа
"Саҳәшьа дныҳәон, ус лҳәеит лара: "Сааԥсахьеит, сықәра неихьеит, иахьарнахыс ацәашьы бсыркуеит, бара бысныҳәоит. Уинахыс бхәыҷкәагьы бара ибныҳәоит, амаалықьцәа Аԥсны ииуа, аизҳара ахьыҟоу, бааи ҳәа ахьбарҳәо мап бымкыкәа, бгәы разны, ишыбсыркыз, ишыбсырбаз абас, акы агмыжькәа, ахәыҷкәа бныҳәоит", - ҳәа. Саҳәшьа жәохәшықәса ҵуеит, иагьеиҳауп дныҳәоижьҭеи, сара ҩышықәса ҵуеит абри слыркижьҭеи. Ҩышықәса раахыс иахьсарҳәо, схы самеигӡаӡакәа, амаалықьцәа агәабзиара рыманы, ишахәҭоу, абри "Адәныҟа" ҳәа, ахьыԥшы рымамкәа, ԥырхагак рмоукәа, алаԥш цәгьоума, амышьҭа цәгьоума, абри ахәыҷкәа рааигәара имааиуа, абас сныҳәаны, ацәашьы рхызгоит", – ҳәа аныҳәара лара дшалагаз атәы еиҭалҳәоит Нелли Ҷкадуа-Кверквелиа.
"Адәныҟа" азы изыхныҳәо ҳәа зшьа карҭәо (арбаӷь, арцына) рнаҩсгьы, ачашә, акәакәарқәа, аилаџь, мамзаргьы акәтаӷьқәа жәны иҟазҵо ыҟазар, Нелли Ҷкадуа-Кверквелиа "илықәу" хазуп.
Адәныҟа ҳәа ахәыҷы иныҳәара - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2018
"Адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара аҵаки амҩаԥгашьеи
"Иҟасҵо – акәакәар сара исықәӡам, сара исдыркит: ачашә, ацәашьы, амза асахьа аҭан ԥшь-цырак (ашә аҩнуҵҟагьы иагәылаҵаны хыхьгьы иақәыԥсаны иҟаҵоу ача хагьежьаа хәыҷқәа.–Е.Ҭ.). Амза асахьа змоу ани ахәыҷи ирфоит. Ахәыҷы дхәыҷуп, изымфо - ан илфоит. Ачашә зегьы ирфоит. Арцынеи арбаӷьи – аҷкәын изы арбаӷь, аӡӷаб лзы арцына. Ахәыҷы хәыҷык аамҭа цангьы, дандухалакгьы дырныҳәоит, заа иззыҟамҵаз, уи аԥырхагаӡам, аха ахәыҷы дышхәыҷу ибныҳәо абас, акгьы ихьыԥшуам-егьиуам, дманшәалахоит, ԥсыуаҵас ҳныҳәоит абас. Абарҭ (ачашә хәыҷқәа.–Е.Ҭ.) ԥшь-цырак аҭахуп, абри ԥшь-цырак, амза анкыду асахьоуп иамоу, абри бара быда аӡәы ифар ҟалаӡом, ахәыҷы ихәгьы быхәгьы бара ибфоит. Ижәны акагь ҟасҵаӡом. Абри хыхь ашә ақәыԥсан, ашә иаласҵо хыхьгьы иақәыԥсан, иҟаԥшьӡа исӡуеит", – ҳәа лҳәоит лара, илҳәо-илуа гәыразыла дшазыҟоу аарԥшуа.
© Foto / Есма ҬодуаԥҳаНелли Ҷкадуа-Кверквелиа
Нелли Ҷкадуа-Кверквелиа - Sputnik Аҧсны
1/4
Нелли Ҷкадуа-Кверквелиа
© Foto / Есма ҬодуаԥҳаНелли Ҷкадуа-Кверквелиа
Нелли Ҷкадуа-Кверквелиа - Sputnik Аҧсны
2/4
Нелли Ҷкадуа-Кверквелиа
© Foto / Есма ҬодуаԥҳаНелли Ҷкадуа-Кверквелиа
Нелли Ҷкадуа-Кверквелиа - Sputnik Аҧсны
3/4
Нелли Ҷкадуа-Кверквелиа
© Foto / Есма ҬодуаԥҳаНелли Ҷкадуа-Кверквелиа
Нелли Ҷкадуа-Кверквелиа - Sputnik Аҧсны
4/4
Нелли Ҷкадуа-Кверквелиа
1/4
Нелли Ҷкадуа-Кверквелиа
2/4
Нелли Ҷкадуа-Кверквелиа
3/4
Нелли Ҷкадуа-Кверквелиа
4/4
Нелли Ҷкадуа-Кверквелиа
Нелли Ҷкадуа-Кверквелиа имҩаԥылгаз аныҳәараҿы, арбаӷь адәаҿы (ашҭаҿы) дахныҳәеит, аԥсы шҭоу Баграт хәыҷы ихы иакәлыхшоит, нас иршьуеит, егьи (арцына) – аҩны ашәхымс аҿы, акәты шьны, ианыржәлак ашьҭахь, ахылҩа-ԥсылҩа шцо дныҳәоит. Ацәашьқәагьы аҩбагьы уа ашәхымс аҿы икыдылҵоит. Ацәашьқәа руак ан лыхьӡала иҟалҵоит, егьи – ахәыҷы.
Уаанӡатәи санҵамҭақәеи уажәтәи еиҿурԥшуазар, игәаумҭар залшом еиуеиԥшым араионқәа, ақыҭақәа рҿы аныҳәашьа аформақәа шеиԥшым (алокалтә традициақәа ҳәа ззырҳәо), уи анаҩсангьы, дара атрадициақәа атрансформациа ишахысуа, рыҽшырыԥсахуа.
Ажьаҳара аныҳәара ажәытә амҩаҧгашьеи иахьа ишыҟарҵои - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2018
"Дҧариуа, дыҧҳариуа": Ажьаҳара аныҳәара амҩаԥгара иазкны
Аныҳәаҩ лхаҭа ишазгәалҭо ала, аныҳәара иацу азыҟаҵарақәа зегьы, иара изыхныҳәо ачыс архиара инаркны, лара лхаҭа лоуп иҟазҵаша, ҽаӡәы далакьысӡом (аныҳәара ахьымҩаԥырго аҩнаҭаҿы аԥҳәысеиба дыҟазар, длыцхраауеит акәымзар). Урҭ архиарақәа ус имариам, зықәрахь инеихьоу ирылшом, аҿар ишьҭызкаауа маҷуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0