https://sputnik-abkhazia.info/20220524/avirusolog-eieieit-amaamyn-tsyrsha-aepidemia-zzyamlo-1039226729.html
Авирусолог еиҭеиҳәеит амаамын цәырԥшӡа аепидемиа ззыҟамло
Авирусолог еиҭеиҳәеит амаамын цәырԥшӡа аепидемиа ззыҟамло
Sputnik Аҧсны
Жәабала европатәи атәылақәеи Канадеи Австралиеи рҿы иазгәаҭоуп амаамын цәырԥшӡа ачымазара. 24.05.2022, Sputnik Аҧсны
2022-05-24T10:24+0300
2022-05-24T10:24+0300
2022-05-24T10:24+0300
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0a/1032810928_0:320:3072:2048_1920x0_80_0_0_955e197d8cbf4a88b566b051ad728be7.jpg
АҞӘА, лаҵара 23 – Sputnik. Амаамын ацәырԥшӡа апатогенреи аконтагиозреи амам, уи агәра унаргоит аепидемиа шцәырымҵуа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит авирусолог, Гамалеи ихьӡ зху ацентр аҭҵаарадырратә усзуҩ хада Анатоли Альтштеин.Авирусолог иажәақәа рыла ацәырԥшӡа аиҳарак иахьцәырҵуа Африкоуп, егьырҭ аконтинентқәа рҿы аӡәык-ҩыџьак ирыдбалахоит.Урыстәыла акәзар, аҵарауаҩ ишиҳәо ала макьаназ ацәырԥшӡа аӡәгьы идбалам, аха авирус ыҟам ҳәа аҳәарагьы заауп.Альтштеин игәаанагарала амаамын цәырԥшӡеи акоронавируси реиҿырԥшра иашам. Дара еилазаашьала зынӡагьы еиԥшӡам.Лаҵара 22 азтәи адыррақәа рыла ААЕ 92 лаборатортә шьақәырӷәӷәара аман. Ачымазара ԥсыҭбара ацым, ашәҟәы иҭагалоу ахҭысқәа аҽа тәылак ахь аҟазаара иадҳәалам.Амаамынқәа рцәырԥшӡа мчыбжьқәак рыла иухугоит, аха ахьанҭара анацугьы ыҟоуп, аԥсыҭбара аҟынӡа. Иааидкылан ари ачымазара ауаҩ изы имарианы имҩасуеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20220524/matuaa-amaamyna-rtsyrshazy-ioup-khra-amany-iaagylasha-1039224270.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0a/1032810928_341:0:3072:2048_1920x0_80_0_0_13c78ad6bfdb4ac0f565c838e48c4826.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Авирусолог еиҭеиҳәеит амаамын цәырԥшӡа аепидемиа ззыҟамло
Жәабала европатәи атәылақәеи Канадеи Австралиеи рҿы иазгәаҭоуп амаамын цәырԥшӡа ачымазара.
АҞӘА, лаҵара 23 – Sputnik. Амаамын ацәырԥшӡа апатогенреи аконтагиозреи амам, уи агәра унаргоит аепидемиа шцәырымҵуа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит авирусолог, Гамалеи ихьӡ зху ацентр аҭҵаарадырратә усзуҩ хада Анатоли Альтштеин.
"Ари авирус ауаҩы изы аҿкра лаҟәуп. Згәы бзиоуи ичмазаҩуи ауаа акраамҭала еинырроуп ачымазара аиасразы. Авирус аӡәы иҟынтәи аҽаӡә иахь аиасраан иара апатогенра еиҵахоит. Абри иахҟьаны аепидемиа ацәырҵра шәарҭаӡам", - ҳәа иҳәеит иара.
Авирусолог иажәақәа рыла ацәырԥшӡа аиҳарак иахьцәырҵуа Африкоуп, егьырҭ аконтинентқәа рҿы аӡәык-ҩыџьак ирыдбалахоит.
Урыстәыла акәзар, аҵарауаҩ ишиҳәо ала макьаназ ацәырԥшӡа аӡәгьы идбалам, аха авирус ыҟам ҳәа аҳәарагьы заауп.
Альтштеин игәаанагарала амаамын цәырԥшӡеи акоронавируси реиҿырԥшра иашам. Дара еилазаашьала зынӡагьы еиԥшӡам.
"Еиҳа ишәарҭоу авирус ахкы цәырҵыр алшаргьы ауеит, аха уи аԥхьанатә вирус рацәак иацәыхарахом. Сгәаанагарала аԥысҭбарақәа зцу ҿкчымазарак цәырҵра ҟалом", - ҳәа азиԥхьаӡоит аҵарауаҩ.
Лаҵара 22 азтәи адыррақәа рыла ААЕ 92 лаборатортә шьақәырӷәӷәара аман. Ачымазара ԥсыҭбара ацым, ашәҟәы иҭагалоу ахҭысқәа аҽа тәылак ахь аҟазаара иадҳәалам.
Амаамынқәа рцәырԥшӡа мчыбжьқәак рыла иухугоит, аха ахьанҭара анацугьы ыҟоуп, аԥсыҭбара аҟынӡа. Иааидкылан ари ачымазара ауаҩ изы имарианы имҩасуеит.