Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҩӡба Қоџьаели имҩаԥгаз аҽыбӷаҟазаҩцәа реицлабразы: аԥсуаа ҳзы аҵакы дууп

Аҩӡба Қоџьаели имҩаԥгаз аҽыбӷаҟазаҩцәа реицлабразы: аԥсуаа ҳзы аҵакы дууп
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла Қоџьаели ақалақь аҟны амҳаџьырцәа ргәаларшәара аҳаҭыр азы имҩаԥысит аҽыбӷаҟазаҩцәа реицлабра. Уи еиҿызкааз, иалахәыз, аицлабра алҵшәақәа ртәы еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба.
Лаҵарамза 24 рзы Ҭырқәтәыла, Қоџьаели ақалақь Қарҭеԥе аҽырҩырҭаҟны имҩаԥысит "Аԥснытәи аиԥхныҩлара" захьӡу аҽырыҩра, уи азкуп Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара. Аҽырыҩра еицеиҿыркааит Қоџьаели ақалақь аҟны иаԥҵоу Аԥсуа культуратә центр, Ҭырқәтәыла ақыҭанхамҩа аминистрра, Қоџьаели ақалақь анапхгара. Қоџьаели ақалақь аҟны аус зуа Аԥсуа культуратә центр ахантәаҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден lll аҩаӡара занашьоу Ҳасан Қардиа иазгәеиҭеит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара аҳаҭыр азы Ҭырқәтәыла раԥхьаӡа акәны ишаԥшьгоу аҽырыҩра, насгьы аусмҩаԥгатә аиҿкаараҟны еиуеиԥшым ауадаҩрақәа цәырҵзаргьы, рыӡбара шалыршахаз.
Аиԥхныҩлара абжьаӡара 1900 метра ыҟан. Актәи аҭыԥ азы аԥхьахә иартәеит – 77 000 аҭырқәа лир, аҩбатәи аҭыԥ – 30 800, ахԥатәи аҭыԥ - 15 400 аҭырқәа лир.
Ҭырқәтәыла имҩаԥысуа аҽырыҩрақәа актәи рлигаҟны есышықәса Аԥсни аԥсуа жәлари рыхьӡала аицлабрақәа реиҿкаара ӡбаны иҟоуп. Уи ахьӡала имҩаԥысло аҽырыҩрақәа ҳара ҳзы аҵак ду рымоуп иҳәеит арадио аефир аҟны Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба.
"Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа рхаҭарнакцәа ахьынхо аҭыԥқәа зегь рҟынтә еизаны, ирацәаҩны аҽырыҩрҭаҟны ҳаҟан. Ари аҽырыҩра амҳаџьырра иагаз ргәалашәара ахьӡала еиҿкааны иҟоуп. Ас еиԥш ахҭыс раԥхьаӡа акәны еиҿызкааз Қоџьаели аԥсуа дернеқь аиҳабы Қардиа Ҳасан, насгьы Қоџьаели ақалақь анапхгара аиҳабы Тахир Биуиукакин, Ҭырқәтәылатәи аҽтәы клуб аиҳабы Ҭунсер Бганба. Актәи аҭыԥ игеит аҽыҩҷкәын Гиоркан Озчелик. Аҽырыҩра аиҿкаара мариамызт, избанзар макьана ҳҳәынҭқарра азхарымҵацт. Аԥсуа ҳәынҭқарра, ҳауаажәлар рыхьӡала Аԥсны ахраҿа ҳәа еиҿкааны, насгьы аҽырыҩра актәи алигаҟны ас еиԥш ахраҿа аиҿкаара даараӡа имариаӡам. Насгьы ари ашықәс азы мацара акәӡам, есышықәса ҳауаажәлар рыхьӡала Аԥсны ахраҿазы аҽырыҩрақәа ҟалоит", - иҳәеит Аҩӡба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0