Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аекономика аминистрраҿы ЕААЕ анормақәа рыла Аҳазалхратә тариф ҿыц аԥҵара иалацәажәеит

Встреча рабочей группы - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2022
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 1 аҟынӡа аусутә гәыԥ аус рыдуланы Аминистрцәа реилазаара иазынанашьҭроуп Аԥсны аҳазалхратә ҳәаа ахысра ҳәаақәызҵо анорматив-зинтә актқәа рахь аԥсахрақәа.
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Аԥсны Аекономика аминистрраҿ имҩаԥысит Евразиатәи аекономикатә еидгыла (ЕААЕ - аред.) анормақәа ирықәшәо Аҳазалхратә тариф ҿыц аус адулараз аусутә гәыԥ реилатәара.
Аусутә гәыԥ иалахәуп аекономика, афинансқәа, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррақәа, Аҳазалхратә еилакы рхаҭарнакцәа. Аусутә гәыԥ аус адуланы Аминистрцәа реилазаара иазынанашьҭроуп Аԥсны аҳазалхратә ҳәаа ахысра ҳәаақәызҵо анорматив-зинтә актқәа рахь аԥсахрақәа.

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара Ақәҵара инақәыршәаны Аԥсны аҵакыраҿы Евразиатәи аекономикатә еидгыла адәныҟаекономикатә усура атауартә номенклатура ахархәара аҭахалоит. Ақәҵара амч аиуеит 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.

Алагалара ҿыц астатистика амҩаԥгара, астатистикатә дыррақәа реимдара еиӷьнатәуеит, иҭышәыннартәалоит адәныҟаекономикатә усура ҳәа азгәанаҭоит аусбарҭа.
ЕААЕ атауартә номенклатурахь аиасра – Урыстәылеи Аԥсни рзакәанԥҵарақәа реишьаршәалара ашьаҭала азеиԥш социал-економикатә ҵакыра аиҿкаара аҳәаақәа ирҭагӡоу программатә уснагӡатәуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0