Затулин: аԥсуа-аурыс ҳәаа аӡәгьы иаԥихӡом

© SputnikГраница на реке Псоу
Граница на реке Псоу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҿ имҩаԥысит Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгыла аусқәеи, евразиатәи аинтеграциеи, аџьынџьуаа рымадара аусқәеи рзы Аҳәынҭқарратә Дума аилак, уи аҟны аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа, хаҭала аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра армариара азҵаара иалацәажәеит.
АҞӘА, лаҵара 26 – Sputnik. Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгыла аусқәеи, евразиатәи аинтеграциеи, аџьынџьуаа рымадара аусқәеи рзы Аҳәынҭқарратә Дума аилак аилатәара аихшьаалақәа аҭо, Аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин аԥсуа-аурыс ҳәаа аӡәгьы иаԥихӡом, Аԥсны асуверенитет аӡәгьы ишаԥыимхуеиԥш ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит.
Ҿырԥштәыс иааигеит Урыстәылеи Белоруссиеи рҳәаа, аушьҭырҭа-хылаԥшратә ҭыԥқәа ахьыҟам, уи азы аргыларақәа ахьаԥҵам.

"Сара ишызбаз ала, аушьҭырҭатә ҭыԥ аиҭеиҿкаара ахарџь рацәа азоужьра ҳгәы иҭоуп, уи зынӡа аԥыхра анаҭаху аамҭазы. Ари иаразнак иааинырслан иузымыӡбозар акәхап, аха уи иазкылстәуп. Уи ауп 2014 шықәсазы нап зҵаҩыз аиқәшаҳаҭраҿы иарбоугьы – аҳәаа ахысра апроцедура ишалшо ала армариара аиҿкаара", - иҳәеит Адума адепутат.

Затулин иҳәеит аиԥылараҿы ишықәгылаз еиуеиԥшым аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа, иҟоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны атуристтә мҩасра аизырҳара зыгәҭаку атуризм азы Афедералтә маҵзура назлоу. Апарламентари иҳәеит атранспорт азы Аминистрра агәы ишҭоу ԥхынгәымзазы аилаӡара абжьаҵара. Уи инақәыршәаны 4 миллиардки 900 миллион мааҭи аушьҭырҭатә ҭыԥ аиҭеиҿкаара иазырхахоит, апроект азы аусурақәагьы аамҭала шықәсык, ҩышықәса рҭаххоит, анаҩс иара аргылара ахаҭа аамҭа аҭаххоит.
"Аиаша ҳәатәуп аӡәгьы изы ишыманшәалам арҭ агәаҭаратә ҭыԥқәа раԥыхра. Ишаадыруа ала, урыстәылатәи аҳәаахьчаратә маҵзура аԥснытәи амаҵзура инаваргыланы Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿ аусурақәа мҩаԥнагоит. Қырҭтәыла аганахьала Аԥсны ахьыԥшымра аназхаҵам, уи азы апроблема аныҟоу – уоуп иахәҭоу аинфраструктура ахьаԥҵатәу. Арҭ аԥынгылақәа раԥыхра ацынхәрас аԥараныхра сгәаанагарала иаԥсам", - иҳәеит иара.
Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгыла аусқәеи, евразиатәи аинтеграциеи, аџьынџьуаа рымадара аусқәеи рзы Аҳәынҭқарратә Дума аилак аилатәара мҩаԥысит Москва лаҵара 25 рзы. Ирылацәажәан аԥсны-урыстәылатә еизыҟазаашьақәеи аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра армариареи. Аилатәараҿ иӡбан аусутә гәыԥ аԥҵазарц. Иара иалахәхоит урыстәылатәи аган аиԥш аԥсуа ган аҟынтәгьы адепутатцәеи апрофильтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи.
Аусутә гәыԥ алахәылацәа алацәажәараны иҟоуп аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра армариара, алкаақәа инарықәыршәаны ирыдкылахоит еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа.
Аиԥылара ашьҭахь Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аҳәамҭа ҟаиҵеит Ԥсоу аӡиас аҿы аҳәаахыҵырҭатә ҭыԥ аԥыхразы аӡбара рыдкыламызт, уи азы еиуеиԥшым агәаанагарақәа ҳәан ҳәа.
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2022
Аԥсны
Арӡынба: Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы агәаҭаратә ҭыԥ аԥыхразы аӡбара рыдкыламызт
Ажәабжьқәа зегьы
0