Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Афрахазаамҭа", "аԥагәалра", "аԥҟьаԥса": ажәытә ажәақәаки урҭ рҵакқәеи

© Sputnik / Томас ТхайцукАбхазская азбука.
Абхазская азбука. - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2022
Анапаҵаҩра
Ажәытә аԥсыуа ажәақәак рҵакы ҳадылгалоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа ажәеиҭарсқәа, афоризмқәа, мамзаргьы ажәаԥҟақәа "ажәытә ажәажәқәа" ҳәа рзырҳәоит. Аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба ишәҟәы: "Аԥсны – ҳаб игәара, ҳара ҳзааӡаз – ҳан лгара…" аҟны "ажәытә ажәажәқәа" ҳәа хыс иаҭаны аԥсуа жәаԥҟақәа ааигоит. Араҟа иуԥылоит Аԥсны еиқәымхаз, аха атәым дгьыл ахь иагаз ҳџьынџьуаа еиқәдырхаз ажәақәа – ажәажәқәа.
Алабашьа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.08.2019
Ахшыҩеилаҵара, аҳаҭырқәҵара, аиашара: аԥсуаа ражәаҳәаратә ҟазара аҷыдарақәа
Амҳаџьырра иахырҟьаны Аԥсны иҟаз хыԥхьаӡара рацәала адиалектқәа рҟынтәи инхаз абжьыуатәи бзыԥтәи адиалектқәа роуп, иара убас самырзаҟантәи адиалект (ари адиалект ала ицәажәо еиҳа имаҷуп, уи ахьеиқәхаз ақыҭақәа Агәыбедиеи, Рекеи, Чхәарҭали рҟноуп). Убри аҟнытә аԥсуа жәытә ажәақәа-ажәажәқәа раӷьырак ныҵаба ицеит, иаанхазгьы аҿар рзы зҵакы еилкаам маҷым.
Араҟа иаазгоит аԥсуа бызшәа иазку аҭҵаарақәа ирызҿлымҳау, зхатә нҵамҭақәа ҟазҵо афилолог Индира Қәҭалиаԥҳа хаҭала исзаалышьҭыз ланҵамҭақәа рҟынтәи ажәытә ажәақәеи урҭ реилыркаарақәеи:
"Аԥагәалра шьҭихуеит" ("Аԥҟьаԥса шьҭихуеит") – зегь здыруеит ҳәа иҟоу;
"Афрахазаамҭа ҳҭагылоуп" - "аамҭацәгьа ҳҭагылоуп" аҵакоуп иамоу;
"Гәырӡда-шашәардӡда ддырӡит" - хабарда дыӡит;
"Рҭаҳәрықь цәгьоуп" - рҟазшьа бааԥсуп;
"Диланӡӷьит" - дирԥхашьеит;
"Дбаҳбачит" - дпахәӡа дчит;
"Имаӡӷьабаруа" - зыԥсы қымқымуа иуҵагьежьуа (ала, ацгәы рзы ирҳәоит);
"Аӷ ауит" - ақәа рацәаны иауит;
"Аӷныжәҩанха шәабацо?" - аӡыблараха, амшцәгьаха шәабацо?
Арҭ анҵамҭақәа ҟаҵан Индира Қәҭалиаԥҳа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аԥсуа бызшәа азанааҭ ала астуденттә практика данахысуаз 2008 шықәсазы. Лара арҵаҩы изанааҭ лнапы алакуп, иахьагьы абас еиԥш ажәытә ажәақәа дрызҿлымҳауп, еизылгоит.
© Foto / предоставлено Индирой КутелияИндира Кутелия
Индира Кутелия - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2022
Индира Кутелия
Ажәабжьқәа зегьы
0