Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аспорт ахәыҷы дааӡоит": зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа иазкны

© Foto / предоставила Саида Жиба Зых иақәиҭу ақәп,аразы Пицундатәи асекциа
Зых иақәиҭу ақәп,аразы Пицундатәи асекциа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2022
Анапаҵаҩра
Аашықәса ҵуеит Пицунда ақалақь аҟны зых иақәиҭу аиқәԥаразы асекциа аартуижьҭеи. Ари аамҭа иалагӡаны азыҟаҵаҩ Анри Кьетиа еиҵаиааӡахьеит 500-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа. Асекциа аусушьеи алҵшәақәеи анаҩстәи анҵамҭаҿы.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Аԥсни анҭыҵи еиуеиԥшым жәларбжьаратәи атурнирқәеи аицлабрақәеи зхы рылазырхәхьо, изныкымкәа аԥхьахәқәеи ачемпион ититули иаԥсахахьоу зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа ааӡамҭацәа иахьа ҳтәылауаа зегьы рылаҽхәаратәы иҟоуп. Згәы иамыхәода аҳәаанхыҵ убираҟ шьҭыхны, агимн арҳәауа удгьыл иааӡаз аҿарацәа реихьӡарақәа ианрылацәажәо.
Зых иақәиҭу аиқәԥаразы Пицунда иаԥҵоу асекциа аҭаацәеи ахәыҷқәеи ргәазыҳәаралоуп ашьаҭа шакыз. Ари аспорт хкы гәыблыла иазыҟаз аҭыԥантәи анхаҩы Саса Хәытаба ааԥхьара ииҭеит гәдоуҭатәи арԥыс, аамҭала зых иақәиҭу аиқәԥаразы Аԥсны иачемпионхахьаз Анри Кьетиа. Арԥыс бзиа иибоз аспорт аҿиара дадгылан, нап аиркит аҿар реиҵааӡара. Саса Хәытаба ибзоурала аҭыԥантәи ахәыҷтәы поликлиника ахыбраҟны азал еиқәыршәаны аҷкәынцәа аспорт ду ахь ршьаҿакәа еихырго иалагеит. Сынтәа иҵит аашықәса асекциа аус ауеижьҭеи. Ари аамҭа иалагӡаны азыҟаҵаҩ иоуижьхьеит 500-ҩык рҟынӡа аԥышәа зауз аҿарацәа.
© Foto / предоставила Саида Жиба

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа - Sputnik Аҧсны
1/7

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

© Foto / предоставила Саида Жиба

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа - Sputnik Аҧсны
2/7

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

© Foto / предоставила Саида Жиба

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа - Sputnik Аҧсны
3/7

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

© Foto / предоставила Саида Жиба

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа - Sputnik Аҧсны
4/7

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

© Foto / предоставила Саида Жиба

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа - Sputnik Аҧсны
5/7

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

© Foto / предоставила Саида Жиба

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа - Sputnik Аҧсны
6/7

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

© Foto / предоставила Саида Жиба

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа - Sputnik Аҧсны
7/7

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

1/7

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

2/7

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

3/7

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

4/7

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

5/7

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

6/7

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

7/7

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы пицундатәи асекциа

"Азыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит мчыбжьык хынтә. Аицлабрақәеи атурнирқәеи анҳԥеиԥшу есыҽны Гәдоуҭантәи саауеит. Арахь иныҟәоит бжьышықәса зхыҵуа инадыркны жәохә шықәсанӡа зхыҵуа аҷкәынцәа. Пицундаа рыдагьы асекциа иалоуп ақалақь акәша-мыкәша иҟоу, иаҳҳәап лӡаатәи, асычқәатәи, бзыԥҭатәи, ԥсахаратәи уҳәа ахәыҷқәагьы. Дара ари аспорт хкы ахь ирымоу абзиабара сара еиҳагьы аҭакԥхықәра сыднаҵоит", - ҳәа агәеиҭеит азыҟаҵаҩ Анри Кьетиа.
Зых иақәиҭу аиқәԥаразы Пицундатәи асекциа ааӡамҭацәа рахьтә иҟоуп наҟ-наҟ ари аспорт хкы професионалла иазнеиуеит ҳәа ззуҳәаша. Анри Кьетиа рыӡбахә иҳәеит ачемпионра иаԥсахахьоу аҷкәынцәа. Урҭ иреиуоуп Рамини Расули Арсҭаақәа, Богдан Ӡиӡариа, Нестор Кәарцхьиа, Инали Владислави Ладариаа, Сандро Џьакониа, Сандро Жьиба.
© Foto / предоставила Саида Жиба Ставрополь атурнир аҟны
Ставрополь атурнир аҟны - Sputnik Аҧсны
1/2
Ставрополь атурнир аҟны
© Foto / предоставила Саида Жиба Сандро Жьибеи иазыҟаҵаҩ Анри Кьетиеи
Сандро Жьибеи иазыҟаҵаҩ Анри Кьетиеи - Sputnik Аҧсны
2/2
Сандро Жьибеи иазыҟаҵаҩ Анри Кьетиеи
1/2
Ставрополь атурнир аҟны
2/2
Сандро Жьибеи иазыҟаҵаҩ Анри Кьетиеи
"Иахьазы асекциахь иныҟәо аҷкәынцәа 38-ҩык сымоуп. Ааигәа ари аспорт хкы ахь зшьаҿақәа еихызгаз санрыхәаԥшуагьы, избоит алшарақәа шрымоу. Иалскаар сҭахуп аҟыбаҩ ҷыда злоу, змахәҿа ӷәӷәоу абарҭ аҷқәынцәа: Инал Гьегьенаа, Алим Ханагәуа, Дамир Кәакәасқьыр, Баграт Џьакониа. Агәра ганы сыҟоуп дара ҳаспорт хкы аҟны ахаан ҳашдмырԥхашьо", - инаҵишьит азыҟаҵаҩ.
Зых иақәиҭу ақәԥаразы Пицундатәи асекциа ааӡамҭацәа ааигәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа рыманы иааит Ставропольтәи атурнир аҟынтәи. Иқәԥоз быжьҩык рахьтә Санро Жьиба актәи аҭыԥ даԥсахеит, аишьцәа Расули Рамини Арсҭаақәа аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит, аишьцәа Владислави Инали Ладариаа рықәратә гәыԥ аҟны аҩбатәи аҭыԥ ргеит. Инал Гьегьенаа даԥсахеит ахԥатәи аҭыԥ. Нестор Кәарцхьиа илшарақәа ӷәӷәан, аха уажәтәила дзымиааизаргьы, игәы каимыжьит.
Юные борцы из Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2022
Аԥсны
Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Ставрополь имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы аԥыжәаратә ҭыԥқәа ныркылеит
"Ҳара Аԥсни Урыстәылеи еиҿыркаауа аспорттә усмҩаԥгатәқәа рахь ааԥхьарақәа анҳарҭо гәахәарыла иҳадаҳкылоит. Аха, ишыжәдыруа еиԥш, уахь ацара, аара, аангылара, ахәыҷқәа рыфатә, рыжәтә хымԥада ахарџь ацуп. Убри аҿы есқьынгьы иҳацхраауа Саса Хәытаба ҩаԥхьа иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп. Иара убас Гагра араион ахадара иҳарҭо авагыларазы аџьшьара рысҭоит", - иҳәоит Анри Кьетиа.
Зых иақәиҭу аиқәԥаразы Пицунда иаарту асекциа азал апроблемақәа уанрылацәажәо, иумҳәарц залшом ихымԥадатәины ишыҟоу аҽеиҭакырҭақәеи, аҽыкәабарҭақәеи, аԥхарреи рыла реиқәыршәара. Азыҟаҵаҩи ахәыҷқәеи агәыӷра рымоуп абри азҵаара аӡбараҿгьы ирыдгылаша ҟалап ҳәа.
Аспорт ахәыҷы дааӡоит, ишьақәнаргылоит иҟазшьа, инарҵоит акомандатә ҭакԥхықәра. Анри Кьетиа инапаҵаҟа изызҳауа аспортсменцәа рҭаацәа ргәы ҭынчуп рыхшара рзы, избанзар иара ириҭо азыҟаҵара адагьы, аиашьа еиҳабы иеиԥш дрылабжьоит, амҩа иаша иқәиҵоит. Уи даара акраҵанакуеит азеиԥш ус аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0