Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара амаамынқәа рцәырԥшӡа алаҵәара бжьаратәны иршьеит

CC0 / / Тест на коронавирус
Тест на коронавирус  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2022
Анапаҵаҩра
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара адыррақәа рыла амаамынқәа рцәырԥшӡа 257-ҩык ирыдбалоуп.
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) амаамынқәа рцәырԥшӡа алаҵәара бжьаратәны ахә ршьеит, аха убри аан аҭагылазаашьа еицәахар шалшогьы азгәарҭеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Лаҵара 26 азтәи адыррақәа рыла, ААЕ 257 лабораториала ишьақәырӷәӷәоу ахҭысқәа ртәы рдыруеит, даҽа 120 лабораториа рзы иароуп ҳәа агәызҩара рымоуп.

"Иахьазы ауаажәларратә гәабзиарахьчараз ашәарҭара бжьаратәуп, Африка Мраҭашәаратәи агәҭатәи атәылақәеи ирыдҳәаламкәа иаарԥшуп", - ҳәа аҳәоит аиҿкаара адырраҭараҿы.

Уа иарбоуп аҿкчымазара еиҳарак изыхьуа ахаҵа-аԥҳәыс ҳәа еицынхо ахацәа шракәу. Уи адагьы ауаҩы иҟынтәи ауаҩ иахь аҿкра аиасра азгәаҭоуп. Авирус акырмчыбжь иузгәамҭакәа аӡәы иҟынтә аҽаӡә иахь ииасуазар ауиет.
ААЕ ишазгәанаҭо ала, амаамынқәа рцәырԥшӡа ауаажәларратә гәабзиарахьчараз ашәарҭара аҵалоит "авирус ауаҩы изы апотоген ҳасабла ишьақәтәар, ахәыҷқәа ма зиммунитет лаҟәу ауаа рахь ииасуа иалагар".
Уральские ученые предложили препарат против коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2022
Аԥсны
Матуаԥҳа амаамынқәа рцәырԥшӡазы: иҟоуп хра аманы иаҿагылаша
Аиҿкаара аҳәамҭала ауааԥсыра реиҳарак амаамынқәа рцәырԥшӡа рыхьыр алшоит 40 шықәса раԥхьа ацәырԥшӡазы алаҵа аҟаҵара иахьаҟәыҵыз азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0