Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аполитолог Аԥсни Шьамтәылеи арратә еиқәшаҳаҭраз: аҩызцәа шҳамоу дҳарбоит

© Foto / Пресс-служба Президента Республики АбхазияФлаги Сирии и Абхазии
Флаги Сирии и Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Атәылахьчара аминистрреи Шьамтәылатәи Арабтә республикеи арратә аусхк аҟны аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵараҩит амҽыша лаҵара 29 азы.
АҞӘА, лаҵара 30 – Sputnik. Аԥсни Шьамтәылеи ртәылахьчаратә усбарҭақәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра- адунеи аҟны арҭ аҩтәылак шзаҵәым аанырԥшуеит иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу аҭо аполитолог Александр Студеникин.

"Иаҳҿагыло идҳарбоит адунеи аҟны ҳшызаҵәым, аҩызцәа шҳамоу, ҳполитикатә шьаҿақәа ишрыцаҳҵо, ари ахырхарҭаҟны иус бзиоуп", - иҳәеит иара.

Аԥсны аҭоурых- аибашьцәа рҭоурых ауп, аибашьра ашьҭахьтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара атәылахьчара иадҳәалоуп ҳәа азгәеиҭеит аполитолог. "Аибашьра адәаҟны ҳажәлар аиааира ргеит уи алагьы алшара ҳарҭеит ҳҳәынҭқарра ашьақәыргылара", - иҳәеит Студенкин.
Адунеи аҟны иҟоу ауадаҩрақәа азгәаҭаны амилаҭтә шәарҭадара аԥхьатәи аҭыԥ ааннакылоит, уи аҟнытә атәылахьчара иазку азҵаарақәа хадара злоу акакәны иҟоуп, иҳәеит иара.
"Ҳара аҭынчра ҳадгылоит, сара исыздырӡом аибашьра зҭаху аӡәы дҟалап ҳәа. Аха адунеи аҟны иҟоу аҭагылазаашьа хьанҭа азгәаҳҭозароуп. Адунеи аҽаԥсахит, уажәраанӡа ишыҟаз еиԥш иҟалаӡом, аҿыц аамҭа ҳаламӡарц ихымԥадатәиуп алшарақәа рацәаны риура", - иҳәеит аполитолог.
Ашәҟәы анапы аҵеиҩын Аԥсны Атәылахьчара аминистр аинрал-полковник Владимир Ануа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа усутә ныҟәарыла Шьамтәыла рыҟазаараан.
Шьамтәыла Атәылахьчара аминистр аинрал-леитенант Али Махмуд Аббас иштаб-квартираҿ аԥснытәи иколлега дидикылеит. Ирылацәажәеит аҩтәылак рыбжьара арра аусхк аҟны аусеицураз азҵаарақәа.
Флаги Сирии и Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2022
Аԥсны
Барцыц Аԥсни Шьамтәылеи русеицураҿ аԥыжәара змоу ахырхарҭақәа дрылацәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0