Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи авиациа уахык ала 320-ҩык аибашьцәеи УАМ иатәу 47 ак абџьармаҭәеи ҭадырхеит

© Sputnik / Aleksei Malgavko / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИстребитель Су-30М2 на аэродроме Бельбек под Севастополем
Истребитель Су-30М2 на аэродроме Бельбек под Севастополем - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2022
Анапаҵаҩра
Украина абџьархыхреи Донбасс ауааԥсыра рыхьчареи ирызку урыстәылатәи арратә операциа ҷыда шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит.
АҞӘА, лаҵара 30- Sputnik. Урыстәылатәи авиациа уахык ала Украина 320-ҩык аибашьцәеи 47 ак абџьармаҭәеи ҭадырхеит, абри азы ашәахьаҽны имҩаԥгаз абрифинг аҟны адырра ҟаиҵеит Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков.
Аракетатә ар уахык ала иҭадырхеит УАМ абатальионқәа акомандаҟаҵаратә-ԥшыхәратә ҭыԥқәа ҩба, аимадаратә ҭыԥқәа, иара убас УАМ рыри ртехникеи ргыларҭақәа", - иҳәеит аинрал.
Урыстәылатәи аоператив-тактикатәи, арратәи, аԥырҩы дызҭам авиациеи иҭадырхеит анапхгараҭаратә ҭыԥқәа хԥа, иара убас УАМ рыри ртехникеи ргыларҭақәа 67 раион, ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Иааидкыланы авиациа уахык ала 320-ҩык аибашьцәеи УАМ иатәу 47 ак абџьармаҭәеи ҭадырхеит", - иҳәеит Конашенков.
Празднование Дня Победы в Мелитополе - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Мелитополь иҟаз атеракт иахҟьаны хҩык аахақәа роуит
Аҳауахьчаратә системақәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам жәохә-хархәагак, иааныркылеит "Смерч" жә-реактивтә хеиҵаҵа.
Аракетатә ари артиллериеи иҭадырхеит анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 62, ари атехникеи ргыларҭа ҭыԥқәа 593, артиллериатәи аминаршәгатәи аҟәшақәа 55.
Иҭархоуп РСЗО БМ-21 "Град" абатареиақәа ԥшьба, 46 ак украинатәи арратә техника, иара убас Донецктәи Жәлар рреспублика Навомихаиловка араион аҟны иҟаз аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Последствия обстрела в Донецкой области - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ДЖәР Украинатәи агрессиа иалагежьҭеи 7,5 нызқьҩык ауааԥсыра ҭахахьеит
Ажәабжьқәа зегьы
0