Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьапуаԥҳаи Сангәлиаԥҳаи Абазашҭа рекспедициа иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьапуаԥҳаи Сангәлиаԥҳаи Абазашҭа рекспедициа иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклор аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҵбы Шьазина Џьапуаԥҳаи аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Елисо Сангәлиаԥҳаи арадио аефир аҟны еиҭарҳәеит Абазашҭа имҩаԥыргоз аекспедициа ахықәкы атәы.
Аиашьаратә жәларқәа аԥсуааи абазақәеи рҵас, рқьабз, ркультура ахьынӡеиԥшу, иахьынӡеишьашәалоу аилкааразы Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа хҩык аҭҵаарадырратә експедициа мҩаԥыргон ҩымчыбжьа Ҟарачы-Черкесиа - Абазашҭа.
Аҵарауаа иазгәарҭеит Абазашҭа имҩаԥыргоз раԥхьатәи аҭҵаарақәа ԥшыхәрак ишырзаҩызоу, быжьба–ааба қыҭа ирылсны аматериал шеизыргаз, ирбаз-ираҳаз агәахәара шырнаҭо.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0