"Кьараз" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа Sputnik Аԥсны иаҭааит

© Sputnik / Леон Адлейба Подопечные фонда "Киараз" в Sputnik Абхазия
Подопечные фонда Киараз в Sputnik Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2022
Анапаҵаҩра
Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш шьақәырӷәӷәан Париж Аҳәса жәларбжьаратәи рдемократиатә федерациа аԥшьгарала 1949 шықәса абҵарамзазы.
АҞӘА, рашәара 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа жәаҩык Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш аҽны аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иаҭааит.
Sputnik апресс-центр аиҳабы Инал Лазба ахәыҷқәа аекскурсиа рзымҩаԥигеит аредакциа ауадақәа рҿы. Дара хаҭала ирбеит ажәабжьқәа шырыҩуа, рхаҭақәагьы аредактор ицхыраарала ажәабжьқәа асаит ахь иҭарҵеит. Уи ашьҭахь авидеомонтаж амаӡақәа рзеиҭарҳәеит, арадио аҿы ажәабжьқәа ирыԥхьеит.
Анаҩс "Кьараз" ахәыҷқәа апресс-центр аҿы иааинырсланы апресс-конференциа мҩаԥыргеит. Гәыԥҩык ахәыҷқәа ажурналистцәа рроль шьҭырхит, егьырҭ апрезидиум аҿы итәаны афонд аусушьа иазкыз азҵаарақәа рҭак ҟарҵон. Аекскурсиа ахыркәшамҭаз асасцәа хәыҷқәа Sputnik Аԥсны ахьӡала аҳамҭақәа рырҭеит.
Афонд "Кьараз" аԥҵан 2015 шықәса рзы. Аиҿкаара аусура иалагеит Аԥсны зылшарақәа маҷу аҭаацәарақәа рзы амаҭәеизгара аволонтиорцәа ианхацдыркыз инаркны. Уажәазы "Кьараз" иааигәаны аус рыцнауеит ақыҭақәа рхадарақәеи ауаажәларратә активистцәеи - урҭ амаҭәа, афатә-ажәтә, ашкол азы амаҭәахәқәа еизыргоит, хылаԥшра зырҭо амедицинатә цхыраара роуразы адгылара рырҭоит.
Афонд анагӡаратә директор Кадыр Аргәын иажәақәа рыла, уажәазы "Кьараз" ацхыраара рынаҭоит 300-ҩык инареиҳаны зсоциалтә ҭагылазаашьа уадаҩу, ахәыҷырацәа змоу аҭаацәарақәа.
Министр здравоохранения Эдуард Бутба принял исполнительного директора благотворительный общественной организации Киараз Кадыра Аргун и куратора медицинских программ организации Алису Туйба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2022
Аԥсны
Афонд "Кьараз" зхылаԥшуа ргәабзиара агәаҭара хәыда-ԥсада амедусҳәарҭақәа рҿы имҩаԥгахалоит
Ажәабжьқәа зегьы
0