Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кәарҷиа Аԥснытәи афорум аҟны ишьҭыхыз азҵаарақәа ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Кәарҷиа Аԥсуа форум аҟны ишьҭыхыз азҵаарақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Аурыс-аԥсуа ҳәаа аиасра арԥсыҽра, уи акәша-мыкәша иҟоу ацәажәарақәа, аинвестициақәа рызҵаара, аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара уҳәа рзы арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит Ауаажәларратә палата алахәыла Абесалом Кәарҷиа.
Москва жәларбжьаратәи амультимедиатә пресс–центр "Россия сегодня" аҟны имҩаԥысит Аԥснытәи афорум. Иара аԥшьызгаз Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ауп. Ари аусутә форум иалахәын аҳәынҭкарратәи ауаажәларратәи усзуҩцәа, анаплакыҩцәа, Аԥсни Урыстәылеи рҿарацәа, адипломатиатә усбарҭакәа рхаҭарнакцәа. Афорум аҟны ирзааҭгылан аинвестициақәа, аҳаиртә еимадара, аҳәаа ахысра арԥсыҽра уҳәа азҵаарақәа жәпакы.
"Ҳара иалаҳхуеит апарламент, атәыла анапхгара, аиҳабыра ажәлар рымаҵ зуа. Убарҭ ирҳәогьы есымша агәҩара аҵаҵаны иҳадҳамкылароуп, агәынамӡара ыҟоуп урҭ рыгәра ҳамгошәа, уигьы иашам. Иҟоу акәамаҵамақәа зегьы ҳаздыруам, уи иаҿу ауаагьы иаартны иҳарҳәароуп. Сгәаанагарала, аҳәаа рԥсыҽтәуп ауаа риасразы, ақәгара иашаӡам, ҟалашьа амаӡам, избанзар атәым ҳәынҭқарраҟынтәи иаауа-ицо гәамҭакәа иузҭажьлаӡом. Еиҳарак ауадаҩрақәа ахьыҟоу Урыстәыла аҳәааҟны ауп, Аԥсны аганахьала уадаҩра ыҟам, усгьы-усгьы аиасра ԥсыҽуп. Дара рганахьала идырԥсыҽыр, убасҟан ауаа рзы аҭагылазаашьа еиӷьхон", - иҳәеит Кәарҷиа.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны иҟоу амал иашаны ахархәара шамам, ишыӡуа збо егьырҭ идеилҳаркаароуп ҳбызшәагьы шыӡуа, уи аҟны дгыларас иҳарҭар ирылшои ҳәа азҵаара ақәыргылашьа ҳақәшәароуп, ацхыраара ҳарҭартә иҟаҵатәуп ҳәа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0