Шәачатәи амҩаду аҿы аԥкрақәа аԥыхуп

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвтомобильная дорога Джубга – Сочи
Автомобильная дорога Джубга – Сочи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2022
Анапаҵаҩра
Аремонт ахьыҟарҵоз аҭыԥқәа зегьы рҿы ареверстә схемақәа зегь аԥыхуп, амҩа акаҭран ықәҵаны адыргақәа анҵоуп, амҩатә дыргақәа ргылоуп.
АҞӘА, рашәара 1 – Sputnik. Аԥхынра аԥхьатәи амш инаркны афедералтә мҩаду А-147 Џьубга – Аԥсны аҳәаа абжьааԥнытәи арежим ала аусура иалагеит ҳәа аанацҳауеит Афедералтә автомҩақәа русбарҭа "Черноморье".

"Афедералтә мҩаҟаҵаҩцәа аремонттә усурақәа ирҿуп ҭыԥқәак рҿы, аха аныҟәара шьақәыргылоуп. Лаҵара алагамҭаз ареверстә схемақәа ааба аҭыԥ рыман амҩаду А-147 аҿы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Макьаназ ҭыԥла аремонттә усурақәа мҩаԥысуеит: аиланхарҭақәа Волконка (117 км), Головинка (128, 132, 137, 138-139 км), Вардане – Лоо (143-158 км), Аладатәи Уч-Дере (159-161 км) рҿы.
Атуристтә сезон анхыркәшахалак, цәыббра 15 инаркны ашықәс нҵәаанӡа еиҭах ҽынла ареверстә ныҟәара алагалахар ҟалоит.
Амҩатә усурақәа реиҳарак аплан анҭыҵ ала имҩаԥысуан, адгьылҳәазарақәа ирхырҟьаны амҩа ақәҵақәа реиҟәышьшьара иахырҟьаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0