Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рашәарамзазы еиҭахацыркхар ҟалоит

© Sputnik / Бадрак Авидзба Заместитель министра иностранных дел Абхазии Ираклий Тужба провел встречу с сопредседателями Международных женевских дискуссий по безопасности и стабильности в Закавказье.
Заместитель министра иностранных дел Абхазии Ираклий Тужба провел встречу с сопредседателями Международных женевских дискуссий по безопасности и стабильности в Закавказье. - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2022
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа 56-тәи рраунд 2022 шықәса хәажәкыра 29-30 рзы имҩаԥысраны иҟан, аха ацхантәаҩцәа раԥшьгамҭала уи ҟамлеит.
АҞӘА, рашәара 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа дырԥылеит лаҵара 31 рзы.

"Хәажәкырамзазы имҩаԥысраны иҟаз араунд аамҭа иахыган ацхантәаҩцәа раԥшьгамҭала. Ҳақәгәыӷуеит иахьазы иҟоу азҵаарақәа зегь ҳаицрықәшаҳаҭны рашәарамзазы иазԥхьагәаҭоу араунд амҩаԥгара алыршахап ҳәа", - иҳәеит иара.

Ҭыжәба иҳәеит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа рымшхәаԥштә аконсервативтә ҟазшьа амоуп, избанзар иара апунктқәа реиҳарак еиҭакрыда иаанханы иҟоуп ҳәа.
"Апроцесс зегьы азеиԥш ҳара ҳазгьы ипроблеманы инханы иҟоуп арегион, ҳреспублика иахьрыҵаркуа ашәарҭадара аиҿкаара азҵаара. Ҳара уи амч ахамырхәаразы Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иадаҳҳәалоит.
"Аха иҳәатәуп ақырҭуа делегациа ҳажәалагалақәа рылацәажәара мап шырцәыркуа абри азҵаара аганахь ала", - иҳәеит иара.
Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар иҳәеит адунеи аҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩу, Евроеидгыла шақәгәыӷуа уи ауадаҩра женеватәи аиҿцәажәарақәа анырра арҭарым ҳәа.
"Ҳара ҳәарада женеватәи аиҿцәажәарақәа рҵакы бзианы иаадыруеит, иаадыруеит иҟалар зылшо ауадаҩрақәа, араунд еиҭахыгахар. Асеиԥш аҭагылазаашьақәа аимак иахҟьаны ааха зауз ауаа аемоциатә нырра рырҭоит. Ахҟьаԥҟьақәагьы ахылҿиаар алшоит", – иҳәеит иара.
ЕАР ахаҭарнак Џьихан Султаноӷлу илҳәеит ацхантәаҩцәа ишрымоу алшара Женеватәи аиҿцәажәарақәа хра рыманы рыҟазааразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара.
"Аиҿцәажәарақәа рфон аҽаԥсахит, аха ҳара ари аформат хымԥада аиқәырхара ҳҭахуп. Иаҳҭахуп иара ахықәкы – аимак аҭыԥ ақәҵара хыркәшазарц", - лҳәеит лара.
Здание Министерства иностранных дел РФ на Смоленской площади в Москве.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2022
Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа: Аахыҵ Кавказ иазку Женеватәи аиҿцәажәарақәа аанкылоуп
ОБСЕ ахаҭарнак Виорел Мошану иҳәеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рформат арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ишацхраауа.
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамзаахыс. Азҵаара хадақәа иреиуоуп амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра. Москва, Цхинвал, Аҟәа Қарҭ ааԥхьара арҭоит уи анапаҵаҩраз, аха иара мап акуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0