Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа иаадыртит ашьапылампыласырҭа адә маҷ

© SputnikОткрытие нового мини-футбольного поля в Сухуме
Открытие нового мини-футбольного поля в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2022
Анапаҵаҩра
Аҳаскьынхаҭа зқәыиаауа аспорттә ргылара ҩышықәса иаҿын.
АҞӘА, рашәара 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахәыҷқәа рыхьчара Амш аҽны Аҟәа иаадыртит ашьапылампыласырҭа адә маҷ. Иара ақалақь ҳамҭас иаиҭеит анаплакҩы Гиви Чамагәуа.

"Гиви Чамагәуа ашьапылампыласырҭа дәы аргылара игәы ианҭеик ақалақь ахада Беслан Ешба иахь днеины иҳәеит ихарџь ала иргылар шиҭаху. Игәҭакы адгылара аиуит. Ахәыҷқәа ашьапылампыл иасыртә аҭагылазаашьа бзиа роуит. Ара анапылампыли амҵәышәмпыли рыхәмарырҭақәагьы ҟалоит", - иҳәеит ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе.

Анаплакҩы ихаҭа иҳәеит даныхәыҷыз ари адәаҿы дшыхәмарлоз, аха усҟан амашьынақәа маҷын, уажәы урҭ анырацәаха, адәы хкаатәхеит ҳәа.
"Исыцхрааз рацәаҩуп, аха далыскаар сҭахуп Дмитри Ҳалбад. Уи ара акамерақәа рықәыргылара шысҭахыз аниасҳәа, хәыда-ԥсада иаҳзыҟаиҵеит. Ацхыраара ҟазҵаз зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит", - иҳәеит Чамагәуа.
Адә маҷ аҿы аҳаскьын аауеит. Уи ажәла ҷыдала Голландиантәи иааган. Ашьацркыра ишақәнагоу иҟаларцаз дахылаԥшуан агроном Виктор Ҵулукьиа. Иара акыр ашьапылампылтә дәқәа аус рыдиулахьеит, астадион "Фишт" назлоу.
Уаанӡа Ҵулукьиа агрономс дыҟан Казан ашьапылампылтә клуб "Рубин" астадион аҿы. Виктор ииааӡаз аҳаскьын иҩуа иқәын Лионель Мессии егьырҭ ахәмарҩцәеи.
Ауснагӡатә иалахәын Аспорт азы Аҳәынҭеилакы Џьемал Гәбаз, ашьапылампыл Афедерациа ахада Ҭарашь Ҳагба, Аҵара аминистрра ахаҭарнакцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0