Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа араион инхоз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҵыхәтәантәи аветеран иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Сария КварацхелияВетеран Великой Отечественной войны зажег Вечный огонь в Гудауте
Ветеран Великой Отечественной войны зажег Вечный огонь в Гудауте - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2022
Анапаҵаҩра
Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьраан Асовет Еидгылаз еибашьуаз Рубен Керопиан Приморск ақыҭан лаҵара 31 азы анышә дамардеит.
АҞӘА, рашәара 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион аҟны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа рҟынтәи зыԥсы ҭаны иаанхаз Рубен Керопиан иԥсҭазаара дшалҵыз Sputnik иазеиҭалҳәеит иԥҳа Светлана Керопиан.
Лара лажәақәа рыла лаҵара 28 азы лаб деиҭашәеит, ацхыраара ласы иаԥхьеит. Аҟәатәи ақалақьтә хәшәтәырҭаҿы Керопиан аинфаркт имоуп рҳәеит. Хара имгакәангьы иԥсҭазаара далҵит.

"Саб зегьы бзиа дырбон. Ҳгәылацәа "Дхьуп" ҳәа ишьҭан. Еснагь алаф иҳәон, зегьы дрыцхраауан. 97 шықәса шихыҵуазгьы еснагь акы даҿын. Бжьымз раԥхьа иԥа дыԥсит. Уи ҳәарада дыҵнашәааит. Иҟалон иҵегь днеиргьы аха…", - лҳәеит лара.

Рубен Керопиа 1941-1945 шықәсқәа рылацәажәаран бзиа ибомызт. Аха лаҵара 9 азы асасцәа, ачынуаа аниҭаауаз ҭоурыхқәак дрылацәажәалон.
Светлана илҳәеит лаб аибашьраҿы иҟасҵаз-изуз ҳәа ахаангьы дшаламҽхәоз.
Лаҵара 9 азы Аԥсны иазгәарҭеит Аиааира Ду иазкыз аныҳәа, Рубен Керопиан Гәдоуҭа иҿымцәаауа амца аиркит.
Приморск ақыҭа ахада Алиас Габуниа ишиҳәаз ала аветеран иқәра иахьмырԥшыкәа имч-илша ыҟан.

"Аиааира Амшныҳәа азгәаҭаразы Гәдоуҭаҟа ҳҽеибаркны ҳцеит. Рубен Захар-иԥа еишьҭагылаз раԥхьа дгыланы араион ахадараҟынтә иҭахаз рбаҟа аҟынӡа днеит. Амашьына ақәтәара мап ацәикит. Иҳәеит есыҽны ҩ-километрк шьапыла дышныҟәо, иара изы ишыуадаҩым. Иҿымцәаауа амца аҟәырҷаха аиркит, дагьыкәашеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габуниа.

Рубен Керопиан амемориал ааигәара еиҵырхыз аишәачараҿ аныҳәаҿақәа шьҭихит ҳәа иажәабжь иациҵеит ақыҭа ахада.
"Ас иаалырҟьаны идунеи иԥсахып ҳәа аӡәгьы дыҟамызт. Сгәанала иԥа иԥсра ишьапы дықәнаҟьеит. Игәырҩа даара ихьанҭаны ихигон", - иҳәеит Габуниа.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит Керопиан аибашьра алацәажәара бзиа ишимбоз, аха аҿар ма Аиааира амш азы иҭаауаз аниҳәалак ишигәалаиршәоз.
Иҭоурыхқәа алаф аҵаҵаны акәын ишиҳәоз.
Празднование дня Победы в Гудауте  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Аԥсны
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Гәдоуҭа Иҿымцәаауа амца аиркит
"Дахыччан иҳәон алемсаа асабшеи амҽышеи ԥсшьарамшны ишыршьоз. Асовет солдаҭцәа уи рхы иархәаны ишжәылалоз", - иҳәоит иара.
Рубен Керопиан диит жәабран 23 1925 шықәсазы Аԥснытәи АССР, Гәдоуҭа араион Приморск ақыҭан.
1944 шықәсазы Керопиан еибашьра дцоит, Асовет ар дрылан машьынарныҟәцаҩыс дыҟан. Актәи Белоруссиатәи афронт даланы Польшанӡа днаӡеит. Дхәын. Анаҩс аҩныҟа доурышьҭит.
Рубен Керопиан ианашьоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден II аҩаӡареи "Германиа аиааирази" амедали.
Ажәабжьқәа зегьы
0