Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Абзиараз, ашкол!": Аԥсны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит

Анапаҵаҩра
Sputnik акорреспондентцәа Аҟәатәи 5-тәи ашкол иаҭааны аушьҭымҭацәа аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы шазгәарҭаз рбеит, урҭ ргәырӷьареи маҷкгьы рылахьеиқәреи рыцеиҩыршеит. Ацәаныррақәа - Sputnik афотолентаҿы.
Аԥснытәи ашколқәа 153 рҿы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит рашәара 3 рзы. 28 539 нызқьҩык аҵаҩцәа рҟынтәи 1892-ҩык ашкол иалгеит. 12-ҩык ахьтәи араӡни медалқәа роураны иҟоуп.
Аушьҭымҭацәа аконцерттә программа аздырхиеит - амилаҭ кәашарақәа, авальсқәа, афлешмобқәа мҩаԥыргеит. Актәи акласс аҵаҩцәагьы, ишаԥу еиԥш, аушьҭымҭацәа ашәҭқәеи аҳамҭақәеи рырҭеит, ирзышәаҳәеит, ирзыкәашеит.
Аушьҭымҭацәа уажәшьҭа ирзыԥшуп ашкол алгарази иреиҳау аҵараиурҭа аҭаларази аԥышәарқәа, урҭ рахьтә аӡәырҩы рзанааҭқәа алырххьеит. Шьоукы ҳақьымцәахарц рҭахуп, ҽа шьоукы иматематикцәахарц, изындырыҩцәахарц, иекономистцәахарц, иргылаҩцәахарц, инџьнырцәахарц, IT-аусхк аҟны иҟазаҩцәахарц.
2022 шықәсазы Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрра аҵарашықәс мчыбжьык иацнаҵеит, аӡын аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны акарантин ахь иахьыҟаз азы.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит аԥснытәи ашколқәа 153 рҿы.

Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит аԥснытәи ашколқәа 153 рҿы. - Sputnik Аҧсны
1/10

Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит аԥснытәи ашколқәа 153 рҿы.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Традициала ацәаҳәа Аԥсны агимни зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ашкол аушьҭымҭацәа ргәаларшәареи рыла иалагеит.

Традициала ацәаҳәа Аԥсны агимни зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ашкол аушьҭымҭацәа ргәаларшәареи рыла иалагеит. - Sputnik Аҧсны
2/10

Традициала ацәаҳәа Аԥсны агимни зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ашкол аушьҭымҭацәа ргәаларшәареи рыла иалагеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҟәатәи ахәбатәи ашкол аҵаҩцәа рахьтә шьоук гәырӷьоит, шьоук ргәы иалоуп ашкол иахьалгаз.

Аҟәатәи ахәбатәи ашкол аҵаҩцәа рахьтә шьоук гәырӷьоит, шьоук ргәы иалоуп ашкол иахьалгаз. - Sputnik Аҧсны
3/10

Аҟәатәи ахәбатәи ашкол аҵаҩцәа рахьтә шьоук гәырӷьоит, шьоук ргәы иалоуп ашкол иахьалгаз.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Гәаларшәагас дара-дара ркьаҿқәа рҿы еиуеиԥшым анҵамҭақәа нрыжьуеит. Ари аҩыза атрадициа акыр шықәса аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы амш аҽны иаԥшьган иҟоуп.

Гәаларшәагас дара-дара ркьаҿқәа рҿы еиуеиԥшым анҵамҭақәа нрыжьуеит. Ари аҩыза атрадициа акыр шықәса аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы амш аҽны иаԥшьган иҟоуп. - Sputnik Аҧсны
4/10

Гәаларшәагас дара-дара ркьаҿқәа рҿы еиуеиԥшым анҵамҭақәа нрыжьуеит. Ари аҩыза атрадициа акыр шықәса аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы амш аҽны иаԥшьган иҟоуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ари аныҳәа актәи аклассаагьы алахәуп, аха шьоукы рзы уи усҟак имариоу усым.

Ари аныҳәа актәи аклассаагьы алахәуп, аха шьоукы рзы уи усҟак имариоу усым. - Sputnik Аҧсны
5/10

Ари аныҳәа актәи аклассаагьы алахәуп, аха шьоукы рзы уи усҟак имариоу усым.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Еиҳараӡак аиԥырҵра зцәыцәгьоу аушьҭымҭацәеи акласс анапхгаҩи роуп.

Еиҳараӡак аиԥырҵра зцәыцәгьоу аушьҭымҭацәеи акласс анапхгаҩи роуп. - Sputnik Аҧсны
6/10

Еиҳараӡак аиԥырҵра зцәыцәгьоу аушьҭымҭацәеи акласс анапхгаҩи роуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Абзиараз ҳәа еибыҳәо, аҵаҩцәа агәы асахьа аҭаны иҭырффаз ақьаадқәа еимырдеит, еицыкәашеит.

Абзиараз ҳәа еибыҳәо, аҵаҩцәа агәы асахьа аҭаны иҭырффаз ақьаадқәа еимырдеит, еицыкәашеит. - Sputnik Аҧсны
7/10

Абзиараз ҳәа еибыҳәо, аҵаҩцәа агәы асахьа аҭаны иҭырффаз ақьаадқәа еимырдеит, еицыкәашеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ашкол ашҭаҿ еизаз зегьы рзы аконцертхаҭа мҩаԥган - аԥсуаҵас икәашеит, ишәаҳәеит, идырлахҿыхит.

Ашкол ашҭаҿ еизаз зегьы рзы аконцертхаҭа мҩаԥган - аԥсуаҵас икәашеит, ишәаҳәеит, идырлахҿыхит. - Sputnik Аҧсны
8/10

Ашкол ашҭаҿ еизаз зегьы рзы аконцертхаҭа мҩаԥган - аԥсуаҵас икәашеит, ишәаҳәеит, идырлахҿыхит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Сынтәа аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1892-ҩык аушьҭымҭацәа.

Сынтәа аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1892-ҩык аушьҭымҭацәа. - Sputnik Аҧсны
9/10

Сынтәа аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1892-ҩык аушьҭымҭацәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Уажәшьҭа дара ирзыԥшуп ашкол алгарази иреиҳау аҵараиурҭа аҭаларази аԥышәарқәа, аԥсҭазаара ду ахь амҩа.

Уажәшьҭа дара ирзыԥшуп ашкол алгарази иреиҳау аҵараиурҭа аҭаларази аԥышәарқәа, аԥсҭазаара ду ахь амҩа. - Sputnik Аҧсны
10/10

Уажәшьҭа дара ирзыԥшуп ашкол алгарази иреиҳау аҵараиурҭа аҭаларази аԥышәарқәа, аԥсҭазаара ду ахь амҩа.

Ажәабжьқәа зегьы
0