Елизавета II атәыла дахагылоижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны апарад мҩаԥган

© AFP 2023 / DANIEL LEALПразднование платинового юбилея королевы Елизаветы II
Празднование платинового юбилея королевы Елизаветы II - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2022
Анапаҵаҩра
Официалла британиатәи амонархцәа рирамшқәеи раҳра аанкылареи аԥхынраз ауп ианазгәарҭо.
АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Елизавета II атәыла дахагылоижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкыз аныҳәа Лондон апарад амҩаԥгарала иалагеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, The Independent адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Апарад иалахәын 1 400-ҩык аофицарцәа. 250-ҩык аҽыуаа рыгвардиа иашьҭанеиуан Ирландиатәи агвардиа актәи абаталион, рмундир ҟаԥшьқәа рышәҵаны. Имҩаԥысуаз апарад иахәаԥшуан зықьҩыла ауааԥсыра.

Апарад иалахәын 70 ҳаирплан. Урҭ рыхәҭак ахыԥхьаӡара 70 еиԥшны еишьҭагылан, авиаотряд "Ахҿа ҟаԥшьқәа" ажәҩан британиатәи абираҟ аԥшшәқәа рыла иҵдырлашаауан.
96 шықәса зхыҵуа акралԥҳәыс Елизавета апарад дахәаԥшуан Букингемтәи ахан аҟынтә лԥа апринц Чарльз, лмоҭа апринц Уилиами иԥҳәыс Кеит Миддлтони, егьырҭ лмоҭацәеи аҭаацәа алахәылацәеи лыцны. Ара иҟан апринц Гаррии Меган Маркли.
Акралԥҳәыс илыдныҳәалеит Еммануель Макрон, Џьо Баиден, Ким Чен Ын, Пол Маккартни, Девид Бекхем.
Елизавета 1952 шықәса жәабран 6 рзы кралԥҳәысс дҟалеит. Лирамши лыкралра аамҭеи инарыдҳәаланы шықәсык ҵуеит атәылаҿ еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоижьҭеи.
Официалла британиатәи амонархцәа рирамшқәеи раҳра аанкылареи аԥхынраз ауп ианазгәарҭо. Рашәара 2-5 атәылаҿы иԥсшьарамшқәаны ирылаҳәоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0