Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Багаҭелиа еиҭеиҳәеит сынтәатәи акурорттә аамҭа ицәырнагаз аҿыцрақәа ртәы

Багаҭелиа еиҭеиҳәеит, сынтәатәи акурорттә аамҭа ицәырнагаз аҿыцрақәа ртәы
Анапаҵаҩра
Иреиҳау аԥсшьарҭа ҭыԥқәа иреиуоу Пицундатәи акурорт аԥсшьаҩцәа рыдкылара иахьынӡазхиоуи, сынтәатәи аԥсшьара аамҭа иацу аҿыцрақәеи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Акурорт Пицунда" иаҵанакуа еиду апансионатқәа рменеџьер Азамаҭ Багаҭелиа.
Иара иажәақәа рыла, уаанӡа ишыҟаз еиԥш аԥсшьаҩцәа заатәи аҿаҵарақәа рыҟаҵара иаҟәыҵит, уи зыхҟьогьы адунеи аҿы иҟам аҭышәнытәалароуп. Зыԥсы зшьар зҭаху ҩымш-хымш шагу иасны еилыркаауеит иҭацәу аҭыԥқәа ртәы, иҟоуп иааны рынхарҭа анааныркылогьы ҳәа азгәеиҭеит Багаҭелиа.
"Уажәазы иаҳзаахьоу маҷым, аха 2021 - тәи ашықәс иаҳа ирацәан. Аҭагылазаашьа аҽеиҭанакып ҳәа ҳгәы иаанагоит", - ҳәа иҳәеит Азамаҭ Багаҭелиа.
Иара иҳәеит сынтәа ахәқәа 20% ишацлаз, иара уигьы зыҩыӡара ҳараку ауадақәа ишрыҵаркыз. "Акурорт Пицунда" иаҵанакуа еиду апансионатқәа рменеџьер еиҭеиҳәеит, имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахәқәа реиҭакра ишаныԥшыз атәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0