Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аҩӡбеи Аџьынџьали Аҟәа амшныҳәа азгәаҭара аиагаразы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аҩӡбеи Аџьынџьали Аҟәа амш ныҳәа азгәаҭара амш аиагаразы
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡбеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымадаразы аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьали Аҟәа ақалакьтә еизара адепутатцәа ражәалагала Аҟәа амшныҳәа азгәаҭара аиагаразы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.
2500 шықәса инахыҳәҳәан изхыҵуа Аԥсны аҳҭнықалақь абри аҽны ишьақәгылеит ҳәа амш аҭоурых аҿы иалкаан иарбаӡам. Убри аҟнытә 2016 шықәса раахижьҭеи ԥхынгәымза актәи асабшаҽны амш алхны иазгәаҳҭоит Аҳҭнықалақь амшныҳәа ҳәа. Аҟәа ақалақьтә еизара адепутатцәа ақалақьуаа рахь ажәалагала ҟарҵеит аҳҭнықалақь амшныҳәа Аҟәа Ахакәиҭтәра амш Цәыббрамза 27 рзы иазгәаҭалазарц.
Рисмаг Аџьынџьал игәаанагарала, Цәыббрамза 27 Аҟәа иамшны иԥхьаӡоуп, даара ҳзыхӡыӡаауа мшуп ҳәа азгәеиҭеит иара аиҿцәажәараҿы.
"Исгәаԥхеит ари ажәалагала, Сентиабр 27 Аҟәа иамшиираҵәҟьоуп. Сақәшаҳаҭуп амшқәа реидҳәалара", - иҳәеит Аџьынџьал.
Аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба иажәақәа рыла, аныҳәақәа хаз-хазы имҩаԥгалатәуп. Аҩхҭыск аԥсуа ҭоурых аҿы аҵак ду рымоуп, рыҩбагь ҽнак разгәаҭара иашам ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0