Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Апарламент аиҳабы Матвиенкои Володини Урыстәыла Амш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Лаша Ашуба
Лаша Ашуба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Амш - ихадоу аҳәынҭқарратә ныҳәақәа ируакуп. Уи азгәарҭо иалагеит рашәара 12 1990 шықәса раахыижьҭеи, уи аҽы имҩаԥысыз РСФСР Жәлар рдепутатцәа актәи Реизара ду аан ирыдыркылеит Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа.
АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Аԥсны Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба Урыстәыла Афедералтә Еизареи Аҳәынҭқарратә Думеи рнапхгаҩцәа Урыстәыла Амш рыдиныҳәалеит.
Ашәба иазгәеиҭеит Урыстәыла - зҭоурых аҿы аиааирақәеи алшара дуқәеи ыҟоу аҳәынҭқарра шакәу.
Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко лахь иишьҭыз адныҳәалараҿы Аԥсны Апарламент аиҳабы агәрагара ааирԥшит Жәлар Реизареи Афедерациа Ахеилаки реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара аҩҳәынҭқаррак рҿаԥхьа игылоу адҵақәа рыӡбара ишацхраауа.

"Ҳара ҳҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьақәа рыҿиара иахьатәи аамҭазы даҽа етап ҿыцк иануп. Агәраганы ҳаҟоуп ҳамчқәа еидкыланы иҳалшахьоу зегьы наҟ-наҟ еихаҳҳалап ҳәа ҳтәылақәа ирзыфеидоу ахырхарҭақәа рҟны", - ҳәа ануп Аҳәынҭқарратә Дума Виачеслав Володин иахь иишьҭыз адныҳәалараҟны.

Иахьа иара убас урыстәылатәи рколлегацәа аныҳәа рыдырныҳәалеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи.
Урыстәыла Амш азгәарҭо иалагеит рашәара 12 1990 шықәса раахыижьҭеи, уи аҽы имҩаԥысыз РСФСР Жәлар рдепутатцәа актәи Реизара ду аан ирыдыркылеит Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа.
Ажәабжьқәа зегьы
0