Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи аҳазалхыҩцәа изакәанымкәа амаинингқәа атәылахь ралагалара аԥдырҟәҟәааит

© AFP 2023 / LARS HAGBERGМайнинг биткойнов рассматривается на BitFarms в Сент-Хьясинте, Квебек
Майнинг биткойнов рассматривается на BitFarms в Сент-Хьясинте, Квебек - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа акриптовалиута зырҳауа амаругақәа атәылахь ралагалара азин ыҟам.
АҞӘА, рашәара 13 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы атәылахь акриптовалиута амаининг азы аппаратқәа изакәанымкәа ралагалара аԥдырҟәҟәаит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Амаининг азы амаругақәа жәбеи урҭ рышьақәгылагақәеи рбеит рашәара 11 рзы Аԥсны атәылауаҩ И. Чхьетиа иитәыз арҭмаҟи имашьына иҭаз акәалаԥқәеи ргәаҭараан.
Уи аҽныҵәҟьа Аԥсны атәылауаҩ С.Кондакчиан зыԥсҟы икыз автомашьынаҿы ирбеит иагьимырхит 8 хеш-платак (амаининг-маругақәа рзы ашьақәгылагақәа - аред.азгә.).
Ирԥшааз амаругақәеи ашьақәгылагақәеи аҳазалхратә ҭыԥ "Ԥсоу" аусзуҩцәа ирымырхит. Аматериалқәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ашьаусԥшааратә ҟәшахьы ирырҭеит.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа амаинингтә фермақәа афымцамч рхы архәарази, иара убас акриптовалиута арҳаразы амаругақәа атәылахь ралагаларази аԥкрақәа ирыцырҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0