Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аруаа" ражәалагалақәа: аветерантә еиҿкаара Аҟәа аизара мҩаԥыргеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Съезд Аруаа
Съезд Аруаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2022
Анапаҵаҩра
"Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа ҩышықәса инапынҵақәа рынагӡара аҿҳәара ацҵаразы рыбжьы ирҭеит аизара аделегатцәа, иара убас аветерантә еиҿкаара Иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәа алырхит.
АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ажәабатәи реизара мҩаԥысит рашәара 14 рзы, Аҟәа.

Еизаз рҿаԥхьа иқәгылаз аиҿкаара ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа иазгәеиҭеит иахьатәи амчраҿы иҟоу атәыла анапхгара алхрақәа рыламҭалазы ауаа зықәдыргәыӷыз аусқәа шынарымгӡаз, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Апарламент ахь еилаԥсоу аформала алхрақәа рымҩаԥгара.

"Иара убас ажәа рырҭеит ачынуаа рхыԥхьаӡара шеиҵартәуа, ашәахтәқәа ршәаразы азакәан шаԥырхуа, Апрламенти атәыла ахадеи рыбжьара анапынҵақәа шеихыршо. Атәыла ахада аиҭарҿыцрақәа рымҩаԥгаразы Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә аоперациа ҷыда аԥырхагам. Арҭ аусқәа рынагӡаразы абиуџьет аҟынтәи аԥарагьы аҭахӡам. Ачынауаа рхыԥхьаӡара аиҵатәра аҳәынҭқарра аԥарақәа акырӡа аиҷаҳара алныршон, аха ҳара ҳҿы ҽакала иҟоуп - аминистррақәа 12 рҟынтәи 14 рахь ииаргеит", - иҳәеит иара.
"Аруаа" ахантәаҩы иара убас азинхьчаратә усбарҭақәа русуреи, аекономика аҭыԥ ақәҵареи, егьырҭ аҳәынҭқарра ахырхарҭақәа русушьа ҽеим ҳәа ахәшьара аиҭеит. Ҭемыр Гәлиа иазгәеиҭеит, афымца ахархәаразы ахә ацҵара зулафахәы маҷуа ауааԥсыра рыԥсҭазаара анырра шанаҭо.
© Sputnik / Томас Тхайцук Ауаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" реизара
Съезд Аруаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2022
Ауаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" реизара
Аԥсны аҿиаразы амилаҭ еидызкыло ахықәкы алхтәуп. Гәлиа иажәақәа рыла "Аруаа" уи азы ажәалагалақәа рымоуп.
"Ирыдаҳгаларц ҳҭахәуп абас еиԥшу иҟоу ахықәкы: амчреи аҳәынҭқарреи рахь ажәлар рыгәрагара архынҳәра. Ажәа агәрагара, аиҳабацәа пату рықәҵара, ҳагәреибагара архынҳәразы аиаша ҳәалатәуп, ламысла иныҟәалатәуп. Доусы ҳхаҭақәа рыла ҳалагароуп, еилкаатәуп акапитализм ҳауаажәлар ишырнымаало", - иҳәеит иара.
Иара убас иҳәеит агәаанагара, Аԥсны апарламент-апрезидент напхгараҭарахь аиасра ишаамҭоу.
"Еилаԥсоу аформала Апарламент алхны, апрезиденти апарламенти рыбжьара анапынҵақәа еихшатәуп, ажәлар иалырхыз алшара рыҭатәуп Аԥсны Аиҳабыра реилазаара ашьақәыргылара", - иҳәеит Гәлиа.
Ҭемыр Гәылиа инаҵшьны иазгәеиҭеит "Аруаа" ишрыдыргало акыр зҵазкуа азҵаарақәа рыӡбараз, аԥсабаратә малқәагь убрахь иналаҵаны жәларызегьтәи ареферендум амҩаԥгара. Иара аполитикатәи ауаажәларратәи аиҿкаарақәа зегьы ааиԥхьеит ареферендум ахь инагахо азҵаарақәа реиқәыршәара рҽаладырхәырц.
Аизараҿ аделегатцәа рықәгыларақәа рышьҭахь Иреиҳаӡоу ахеилак "Аруаа" 56-ҩык алахәылацәа абжьыҭарала иалырхит, ирыдыркылеит аизара арезолиуциа.
© Sputnik / Томас Тхайцук Ауаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" реизара
Съезд Аруаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2022
Ауаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" реизара
Ахәҭакахьала ашәҟәы аҟны иаҳәоит, Аҳәынҭқарра ахадеи Апарламенти рнапынҵақәа рынагӡараҿы мҽхакыҭбаала аполитикатә еиҭакрақәа аҭахны ишыҟоу. Уи адагьы, жәларбжьаратәи аҭагылазаашьатә еибарххарақәа инарымаданы "Аруаа" иазгәарҭоит ареспубликаҟны арбџьармчқәа рыҩаӡара ашьҭыхра.
Иара убас "Аруаа" Апарламент иаднагалоит аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркыларц, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рзы азакәан.
Абарҭқәа рнаҩс, аиҿкаара атәылаҟны афымцалашара ахәԥса ашьҭыхра инамаданы аҳәынҭқарра ахада иахь аҳәара ҟарҵоит Аԥыза-министри аекономика аҟәшеи русура ахәшьара аиҭарц. Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркыларц "Ареспублика ауаажәларратә телехәаԥшразы" азакәан.
Ажәабжьқәа зегьы
0