Андреи Стенин ихьӡ зху аицлабра 2022 шықәсазтәи асиа кьаҿ цәырнагеит

© Sputnik / Мигель Кандела / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие выставки конкурса им. Андрея Стенина в Барселоне
Открытие выставки конкурса им. Андрея Стенина в Барселоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2022
Анапаҵаҩра
Асиа кьаҿ иану аноминантцәа рахьтә аԥхьахәқәа зауз, гран-пригьы згаз аиҿкааратә еилакы рыӡбахә рҳәоит цәыббрамзазы.
АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik. Андреи Стенин игәалашәара иазку афоторепортиорцәа ҿарацәа рзы аицлабра аноминантцәа 2022 шықәсазтәи рсиа кьаҿ рыларҳәеит.
Сынтәа ари асиа иалалеит атәылақәа 14 рҟынтәи афотоҭыхыҩцәа, Иран, Китаи, Италиа, Испаниа, Бангладеш, Филиппинқәа, ЕАА уҳәа рҟынтәи. Раԥхьаӡа акәны ари асиа иалашәеит Босниеи Герцеговинеи Гватемалеи рҟынтәи афотоҭыхыҩцәа.
"Ҳазҭоу ашықәсан ицәыргаз аусумҭақәа даҽа зныкгьы иаҳдырбеит ҳазҭагылоу аамҭазы афотосахьа - еиҳа ишьақәтәоу акоммуникациа шьақәзыргылои еиуеиԥшым ахҭысқәа реилкаара алзыршои формоуп. Иара еиҭагатәыс азәгьы имаӡам, уи ахҳәаа аҟаҵара аҭахӡам, убри азы иуниверсалтәуп. Иагьа аамҭа уадаҩ ҳҭагылазаргьы, афотожурналистцәа ҿарацәа абри ауниверсалтә бызшәа рдыруеит, рхы иадырхәоит, ԥхьаҟа ахәыцра рылшоит. Дара ҟәыӷоуп, абаҩхатәра рылоуп, ҳаицлабра акоманда урҭ зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьаҳшьоит", - лҳәеит Стенин ихьӡ зху аицлабра акуратор Оксана Олеиник.
Аицлабра аиҿкааҩцәа иара убас ргәы иҭоуп аиааира згаз аицлабра алахәылацәа адунеи ақалақьқәа рҿы амҩақәа рнысра рзеиҿкаара.
Открытие выставки конкурса им. Андрея Стенина в Барселоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2022
Андреи Стенин ихьӡ зху аицлабрахь 2022 шықәсазтәи аусумҭақәа рыдкылара хыркәшоуп

Аицлабра иазкны

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика жәларбжьаратәи аконкурс хықәкыс иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аконкурс – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.
Аиндаҭлара жәларбжьаратә информациатә партнерцәаны иҟоуп: аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik, аинформациатә маҵзура Askanews, амедиахолдинг Independent Media, аинформациатә маҵзура Telam, ажәабжьтә маҵзура ANA, ателеканали апортали RT, Shanghai United Media Group (SUMG), аинтернет-портал China Daily, аинтернет-портал The Paper, амедиа-ҳа Al Mayadeen, аетникатә фотосахьақәа Рфестиваль.
Ажәабжьқәа зегьы
0