Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш азгәаҭара иазку азҵаарақәа ирылацәажәеит

© Foto / АпсныпрессСостоялось заседание по вопросу празднования Дня добровольца в Абхазии
Состоялось заседание по вопросу празднования Дня добровольца в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2022
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 1992 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, раԥхьатәи амшқәа инадыркны хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны ахьчараз иааит Нхыҵ Кавказынтәи, алада Урыстәылантәи, Ҭырқәтәыла, Сириа, ахара аҳәаанырцәынтәи хатәгәаԥхарала аибашьцәа.
АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш азгәаҭара 30 шықәса ахыҵра аиҿкааразы иаԥҵоу Аҳәынҭқарратә комиссиа раԥхьатәи аилатәара мҩаԥысит Аминистрцәа реилазаараҟны, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа ихантәаҩрала. Абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс" амаҵзура.

"Хатәгәаԥхарала еибашьра иаауазаалак ҳреигәырӷьон. Дара иҳавагыланы Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи иазықәԥон. Хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳҭоурых аҟны зегь раасҭа иуадаҩыз амшқәа рзын дара ацхыраара ҳарҭеит. Уи азын иҭабуп ҳәа раҳҳәоит", - иҳәеит Џьопуа аилатәара аартуа.

Раԥхьаӡа акәны хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш азгәаҭан нанҳәа 15, 2012 шықәсазы. Нанҳәа 14 аибашьра аналагаз амш 30 шықәса ахыҵра иазку агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа злазгәаҭоу ала, хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирыдҳәалоу ахҭысқәа азгәаҭоуп нанҳәа 13 инаркны 17-нӡа.
Аиԥылара иалахәыз ргәаанагарақәа рҳәеит аныҳәа иадҳәалоу аусқәа рымҩаԥгаразы.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымадаразы аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьал ажәалагала ҟаиҵеит, Донтәи аказакцәа рхаҭарнакцәеи Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәа рҟынтәии аҽыуаа ашьха акаҵәара ихыҵны Аԥсныҟа раара аиҿкаара.
Атәылахьчара аминистрра архивтә усбарҭа аиҳабы Валериан Агәмаа ирыдигалеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз иранашьазарц агәышԥтәы дырга мамзаргьы аҳаҭыртә шәҟәқәа. Аҟәа ақалақь ахада - Аҳәынҭқарратә филармониаҿ аныҳәатә концерт мҩаԥгазарц.
Акультура аминистр иҳәеит хара имгақәан ишдырхио хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымшныҳәа азгәаҭараз акомиссиа ирыдыркылаша аусмҩаԥгатә ҳәаақәызҵо аплан.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2021
Бжьаниа: Аԥсны зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа шәгәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 2300-ҩык инареиҳаны хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз. Урҭ рҟынтәи 51-ҩык "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵоуп. 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп. 623-ҩык "Агәымшәараз" амедал рыҭоуп. Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит 260-ҩык.
Традициала ишаԥу еиԥш нанҳәа 15 аҽны хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш аҽны Аԥсны ахьчараз иааз Нхыҵ Кавказынтәи, алада Урыстәылантәи, Ҭырқәтәыла, Сириа, ахара аҳәаанырцәынтәи аибашьцәа ргәаладыршәоит, анышә иахьамадоу иаҭаан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0