Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба Атәыла хада Апарламент ахь инашьҭымҭаз: иҵарны иқәгылаз азҵаарақәа зегьы азгәаҭан

Ҳагба Атәыла хада Апарламент ахь ишьҭымҭаз: иҵарны иқәгылаз азҵаарақәа зегьы азгәаҭан
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Жәлар реизарарахь иҟаиҵаз анашьҭымҭа арадио Sputnik аефир аҿы ахҳәаа аиҭеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Раԥхьа инаргыланы аполитолог дазааҭгылеит Аԥсны ашәарҭадара азҵаатәы. Ҳтәыла адәахьтәи ашәарҭара аҟнытә уақәгәыӷыртә ихьчоуп иҳәеит Аслан Бжьаниа. Беслан Ҳагба урҭ ажәақәа ахҳәаа рыҭауа иазгәеиҭеит, уи дшақәшаҳаҭу.
"Аԥсны ахада уиқәшаҳаҭхаратәы иҟоуп, избанзар, раԥхьа иргыланы ари зыбзоуроу Урыстәылоуп. 2008 шықәса ашьҭахь иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭра Аԥсны ашәарҭадара аганахьала иахьа уажәраанӡа инагӡаны иааргоит. Адәныҟа Аԥсны ашәараҭара аиуеит ҳәа ҳаҟаӡам. Аха Атәыла аҩнуҵҟа ашәарҭара рацәаны иҟоуп. Ҳара ҳаҩнуҵҟа ҳҽеиҽаҳкаароуп, асоциалтә-економикатә еизҳарахь ҳхы ҳархароуп", - ҳәа иҳәеит Ҳагба.
Аполитолог иара убасгьы игәааангара иҳәеит аҳәынҭқарратә система 2023 шықәсанӡа аԥсахразы иқәгылоу азҵаатәы аганахьалагьы.
Иааидкыланы анашьҭымҭа ахәшьара аҭауа Беслан Ҳагба иҳәеит иҵарны иқәгылаз азҵаарақәа зегьы шазгәаҭаз, аха убри аан ҳамч ақәханы иӡбамкәа иҟоу азҵаарақәа, амаҩақәа рҿы ауааԥсыра рҭахара, игәы "шыԥнажәауа".
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0