https://sputnik-abkhazia.info/20220618/asny-akhada-my-ayn-aeizakyra-argylara-akhynanagou-geieit-1039669046.html
Аԥсны ахада Мықә ақыҭан аӡеизакырҭа аргылара ахьынӡанагоу гәеиҭеит
Аԥсны ахада Мықә ақыҭан аӡеизакырҭа аргылара ахьынӡанагоу гәеиҭеит
Sputnik Аҧсны
Аӡеизакырҭа ҿыц аргылара иалагеит иҳаҩсыз ашықәс жьҭаарамзазы, иара Очамчыра араион ақыҭақәа жәпакы ӡыла еиқәнаршәалоит. 18.06.2022, Sputnik Аҧсны
2022-06-18T17:19+0300
2022-06-18T17:19+0300
2022-06-18T20:59+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ауаажәларра
очамчыра араион
аслан бжьаниа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/12/1039667052_0:111:928:633_1920x0_80_0_0_16a9e6892bc61c74eeb625b14aa6b74b.jpg
АҞӘА, рашәара 18 – Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион Мықә ақыҭан зыргылара иаҿу аӡеизакырҭа даҭаан игәеиҭеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура."Аусурақәа зегь рхыркәшаразы хымԥада идыргылароуп ашәаҳагатә хыбра, инагатәуп амқьаҭ ахыкәырша, анаҩс адгьыл кылҵәаны аӡы аашьҭтәуп, иара убас фымцала еиқәыршәатәуп", - иҳәеит Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба.Иара иажәақәа рыла, ари аҭыԥ аҟны иазгәаҭоуп авидеорбагақәа рықәыргылара.Аӡеизакырҭа апроекттә ахарџьнҵа иартәоит 53,8 миллион мааҭ, 2022 шықәса жьҭаарамзазы аусуракәа рхыркәшара азгәаҭоуп.Иара убас аҳәынҭқарра ахада игәеиҭеит Аҟәа-Очамчыра амҩаду хада арлашаразы аусурақәа ахьынӡанагоу.Ҵыԥх цәыббрамза аахыс 605 шьаҟа адырсхьеит, акронштеинқәа 570, аплафонқәа 1060 шьақәыргылоуп, еиқәыршәоу атрансформатортә станциаеиҵақәа 5 шьақәыргылоуп. Ашәахьа аибыҭара иалагоит.Ахарџьнҵатә усурақәа иартәоит 77 миллион мааҭ рҟынӡа, аҟазауаа ишазгәарҭо ала аусурақәа хыркәшахоит жьҭаарамзазы.
https://sputnik-abkhazia.info/20220618/aslan-bzhania-gylrysh-aamsarkasara-argylarat-usuraa-shymaysua-geieit-1039665178.html
очамчыра араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/12/1039667052_0:24:928:720_1920x0_80_0_0_92f6d77c5bb910b436a9fc718fe264d3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра, очамчыра араион, аслан бжьаниа
ажәабжьқәа, ауаажәларра, очамчыра араион, аслан бжьаниа
Аԥсны ахада Мықә ақыҭан аӡеизакырҭа аргылара ахьынӡанагоу гәеиҭеит
17:19 18.06.2022 (ирҿыцуп: 20:59 18.06.2022) Аӡеизакырҭа ҿыц аргылара иалагеит иҳаҩсыз ашықәс жьҭаарамзазы, иара Очамчыра араион ақыҭақәа жәпакы ӡыла еиқәнаршәалоит.
АҞӘА, рашәара 18 – Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион Мықә ақыҭан зыргылара иаҿу аӡеизакырҭа даҭаан игәеиҭеит ҳәа
аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аргылара иалагеит 2021 шықәса жьҭаарамзазы. Иахьатәи аамҭазы 500м3 зкуа амқьаҭқәа ҩба дыргылахьеит, ишьҭаҵоуп аӡымҩангагатә цәаҳәақәа, ишьақәыргылоуп адәахьтәи атрансформатортә астанциаеиҵақәа, ашьаҟақәа арсны афымцацәаҳәақәа нагоуп.
"Аусурақәа зегь рхыркәшаразы хымԥада идыргылароуп ашәаҳагатә хыбра, инагатәуп амқьаҭ ахыкәырша, анаҩс адгьыл кылҵәаны аӡы аашьҭтәуп, иара убас фымцала еиқәыршәатәуп", - иҳәеит Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба.
Иара иажәақәа рыла, ари аҭыԥ аҟны иазгәаҭоуп авидеорбагақәа рықәыргылара.
Аӡеизакырҭа апроекттә ахарџьнҵа иартәоит 53,8 миллион мааҭ, 2022 шықәса жьҭаарамзазы аусуракәа рхыркәшара азгәаҭоуп.
Иара убас аҳәынҭқарра ахада игәеиҭеит Аҟәа-Очамчыра амҩаду хада арлашаразы аусурақәа ахьынӡанагоу.
Ҵыԥх цәыббрамза аахыс 605 шьаҟа адырсхьеит, акронштеинқәа 570, аплафонқәа 1060 шьақәыргылоуп, еиқәыршәоу атрансформатортә станциаеиҵақәа 5 шьақәыргылоуп. Ашәахьа аибыҭара иалагоит.
Ахарџьнҵатә усурақәа иартәоит 77 миллион мааҭ рҟынӡа, аҟазауаа ишазгәарҭо ала аусурақәа хыркәшахоит жьҭаарамзазы.