https://sputnik-abkhazia.info/20220620/atylakhchara-aministrra-yrtyla-amilitarizatsia-asny-amilat-sharadara-nashaaueit-1039692712.html
Атәылахьчара аминистрра: Қырҭтәыла амилитаризациа Аԥсны амилаҭтә шәарҭадара ҵнашәаауеит
Атәылахьчара аминистрра: Қырҭтәыла амилитаризациа Аԥсны амилаҭтә шәарҭадара ҵнашәаауеит
Sputnik Аҧсны
Қырҭтәыла иаԥҵоуп ақырҭуа-аполиак наплакы. Иазԥхьагәаҭоуп аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 2022 шықәса нҵәаанӡа рҭыжьра иалагарц. 20.06.2022, Sputnik Аҧсны
2022-06-20T09:40+0300
2022-06-20T09:40+0300
2022-06-20T09:40+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0b/1b/1031361855_405:0:2725:1305_1920x0_80_0_0_30a294f99a6e162860a8f2c10d4836cb.jpg
АҞӘА, рашәара 20 – Sputnik. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра афицар, аполковник Александр Жваниа арадио Sputnik аҟны Қырҭтәыла аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рҭыжьразы анаплакы аартра ахҳәаа аиҭеит. Ашьха Ҟарабах имҩаԥысуа ахҭысқәа адунеи зегьы аҿы адронқәа рахь аинтерес цәырыргеит. Урҭ аԥеиԥш рыманы ирбо иалагеит. Аԥырҩы дызҭам аппаратқәа рхархәара арҭбаара аибашьратә шәарҭарақәа иреиуаны иҟоуп ҳәа иҳәеит Жваниа. "Дара рыхәԥса рацәак идуум, аха убри аан инарыгӡо рацәоуп. Аԥшыхәратәи абомбакажьратәи системақәа, аракетақәа рҭырҟьагақәа ракәны иҟалар алшоит. Аӷа ицәыӡ маҷны инапынҵақәа рынагӡара алдыршоит", - иҳәеит аминистрра ахаҭарнак. Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хра шрымоу аадырԥшхьеит еиуеиԥшым аибашьрақәа рҿы, ирацәоуп аҳәынҭқаррақәа аҳауахьчаратә система аиҭакра иазхәыцыз ҳәа азгәеиҭеит Александр Жваниа. "Иахьазы атәылақәа жәпак рҿы арҭ аибашьыгатә аппаратқәа раарԥшреи рҭархареи рганахьала аусурақәа мҩаԥысуеит. Уи азы рхы иадырхәоит арадиолокациатә станциақәа, аоптикатәии акустикатәии хархәагақәа, аинформациа еимыздо, анализ рызҭо ахархәагақәа. Рҭархаразы рхы иадырхәоит аиҳарак азенит-ракетатә артиллериатә комплексқәа", - иҳәеит иара. Рашәара 10 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра аанарԥшит Қырҭтәыла арратә лшара аиҵыхразы, аԥырҩы дызҭам аибашьыгатә хархәагақәа рҭыжьра алагаразы. Аусбарҭа жәларбжьаратәи абжьаҟазаҩцәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Қырҭтәыла ахымҩаԥгашьа Аахыҵ Кавказ аҿы ашәарҭадара шыҵнашәаауа, аимак аҭышәныртәалара аԥынгылақәа шанаҭо дырдырразы.
https://sputnik-abkhazia.info/20220526/nato-ainstruktortsa-belorussiei-asni-rny-aprovokatsiaa-rymagaraz-agya-azyaron-1039263643.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220615/bzhania-asny-iznykymka-igarakheit-nato-ashykhrat-airplana-aaa-sheilargo-1039609570.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220616/bzhania-yrtyla-aktivla-ar-amcha-eiznaraueit-1039620357.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0b/1b/1031361855_695:0:2435:1305_1920x0_80_0_0_934fe819cdfaddbcaf56d19ba2d1a6ef.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Атәылахьчара аминистрра: Қырҭтәыла амилитаризациа Аԥсны амилаҭтә шәарҭадара ҵнашәаауеит
Қырҭтәыла иаԥҵоуп ақырҭуа-аполиак наплакы. Иазԥхьагәаҭоуп аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 2022 шықәса нҵәаанӡа рҭыжьра иалагарц.
АҞӘА, рашәара 20 – Sputnik. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра афицар, аполковник Александр Жваниа арадио Sputnik аҟны Қырҭтәыла аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рҭыжьразы анаплакы аартра ахҳәаа аиҭеит.
"НАТО атәылақәа рыцхыраарала Қырҭтәыла амилитаризациа имҩаԥысуа Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара иаԥырхагоуп. Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр арҭ аппаратқәа ҭзыжьуа Қырҭтәыла анаплакы аусура алагаразы иҳәамҭа ҳусбарҭаҿы агәҭынчымра аанарԥшит", - иҳәеит иара.
Ашьха Ҟарабах имҩаԥысуа ахҭысқәа адунеи зегьы аҿы адронқәа рахь аинтерес цәырыргеит. Урҭ аԥеиԥш рыманы ирбо иалагеит. Аԥырҩы дызҭам аппаратқәа рхархәара арҭбаара аибашьратә шәарҭарақәа иреиуаны иҟоуп ҳәа иҳәеит Жваниа.
"Дара рыхәԥса рацәак идуум, аха убри аан инарыгӡо рацәоуп. Аԥшыхәратәи абомбакажьратәи системақәа, аракетақәа рҭырҟьагақәа ракәны иҟалар алшоит. Аӷа ицәыӡ маҷны инапынҵақәа рынагӡара алдыршоит", - иҳәеит аминистрра ахаҭарнак.
Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хра шрымоу аадырԥшхьеит еиуеиԥшым аибашьрақәа рҿы, ирацәоуп аҳәынҭқаррақәа аҳауахьчаратә система аиҭакра иазхәыцыз ҳәа азгәеиҭеит Александр Жваниа.
"Иахьазы атәылақәа жәпак рҿы арҭ аибашьыгатә аппаратқәа раарԥшреи рҭархареи рганахьала аусурақәа мҩаԥысуеит. Уи азы рхы иадырхәоит арадиолокациатә станциақәа, аоптикатәии акустикатәии хархәагақәа, аинформациа еимыздо, анализ рызҭо ахархәагақәа. Рҭархаразы рхы иадырхәоит аиҳарак азенит-ракетатә артиллериатә комплексқәа", - иҳәеит иара.
Рашәара 10 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра аанарԥшит Қырҭтәыла арратә лшара аиҵыхразы, аԥырҩы дызҭам аибашьыгатә хархәагақәа рҭыжьра алагаразы. Аусбарҭа жәларбжьаратәи абжьаҟазаҩцәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Қырҭтәыла ахымҩаԥгашьа Аахыҵ Кавказ аҿы ашәарҭадара шыҵнашәаауа, аимак аҭышәныртәалара аԥынгылақәа шанаҭо дырдырразы.