Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габлиаԥҳа аиндустриалтә коллеџь азанааҭ ҿыцқәа рзы: шықәсык аахыс сгәы иҭаз нагӡоуп

Габлиаԥҳа аиндустриалтә коллеџь азанааҭ ҿыцқәа рзы: шықәсык аахыс сгәы иҭаз нагӡоуп
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә индустриалтә коллеџь адиректор Светлана Габлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит сынтәатәи аушьҭымҭацәа рдыррақәа зеиԥшроу, иалагалоу азанааҭ ҿыцқәа ртәы, уаанӡатәиқәа азҿлымҳара ахьынӡарымоу.
Аколлеџь аҿы ицоит аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа, сынтәа иалгоит ф-занааҭк рыла астудентцәа ҳәа адырра ҟалҵеит аиҿцәажәараҿы Габлиаԥҳа. Ахәыҷқәа ицәгьамкәа рдыррақәа аадырԥшуеит ҳәа азгәалҭеит лара.
Аколлеџь аиҳабы еиҭалҳәеит, астундетцәа изылго азанааҭқәа азҿлымҳара ахьынӡарымоу атәы, насгьы атәылазы ихәарҭоу аспециалистцәа, рзанааҭ ала, иаҳҳәап афымцалара аганахьала, усҟак ишазхьамԥшуа.
"Сынтәа ҿыцны иаадыртуа акурсқәа рахь иаҵанакуеит асантехникцәа рзанааҭ, афымцеидырҭәалага, иара убас амонтажтә усурақәа зҵазкуа ахырхарҭа, уаҟа аа-занааҭк рыла аҵара рҵалоит. Уи шықәсык аҵанакуеит. Урҭ азанааҭқәа рыла атеориагьы ҟалоит, апрактикагьы. Аиқәыршәара ҳаҿуп апрограмма, арҵаҩцәа ԥшаауп. Уи ус дууп. Шықәсык аахыс сгәы иҭаз нагӡоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Габлиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0