Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Алашараз ажәытә хәԥҵәала аԥарашәара: иҟарҵар акәузеи ауал зқәу абонентцәа ԥхынгәы 1 аҟынӡа

© Sputnik Лампочки
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2022
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 1 инаркны Аԥсны ауааԥсыра рхы иадырхәо афымцамч ҩынтә еиҳаны иахыршәаалароуп. Ахәԥҵәа киловатт-сааҭк азы 40 капеи аҟынтәи 70 капеи ахь ихалоит.
АҞӘА, рашәара 21 – Sputnik. Аилахәыра "Амшынеиқәафымцамч" афымцамчҭира Аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷанба арадио Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит абонентцәа рхы иадырхәаз афымцамч азы руалқәа ԥхынгәы 1 аҟынӡа иршәар шакәу.

"Аҵакыраҿтәи аҭиратә ҟәшақәа рахь абонентцәа неироуп афымцамчгәаҭагақәа рырбагақәа рыманы. Уа ҳусзуҩцәа аԥарашәара анымҩаԥгаз аҵыхәтәантәи арыцхә иахәаԥшны ауал ирықәу азгәарҭоит. Уи азы аквитанциа ирҭоит абонент. Анаҩс ауал шәатәуп. Убри аан ауал ашәаразы аамҭа рырҭоит ауалшәаҩцәа", - иҳәеит иара.

Ауал дузар, абонент уи еихшаны ишәар ҟалоит.
"Избан ари заҭаху? ԥхынгәы 1 инаркны ахәԥҵәа ҿыц алагалахоит Аминистрцәа реилазаара аӡбрала. Киловатт-сааҭк ахатәхаҿқәа рзы 40 капеи ацынхәрас 90 капеи иаԥсахоит. Убри азы абонентцәа руал азхьаԥшра арҭароуп", - иҳәоит Алхас Ҷанба.
Алашара ахархәара анаҭаз ашьақәыргылара ахьамуаз ԥхынгәы 1 инаркны ауалқәа зегьы атариф ҿыц ала ишәатәхоит ҳәа иҳәоит иара.
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2022
Аԥсны
Апрокуратура хада "Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа ауал зқәу ишыршәо азы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит
"Дасу иуал азгәаҭара аиҭарц идаагалоит, анаҩс абонент ажәытә ахәԥҵәала ишәатәу ишәарц азы алшара иоуеит", - иҳәеит Ҷанба.
Аилахәыра "Амшынеиқәафымцамч" афымцамчҭира Аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷанба иажәақәа рыла алашараз атариф шышьҭыху азы аинформациа ашьҭахьгьы абонентцәа ҽырҵысрак ҟарымҵеит, ауалқәа азыркырц зҭахугьы рацәаҩымхеит.

"Иҟалап абонентцәа ари рхахьы иаарымгазар, аха ҳара абжьгара ҟаҳҵоит ушьҭан ргәы иамыхәаша ажәабжь рмоурц, аус иахаӡгыларц", - иҳәеит иара.

Ԥхынгәы 1 инаркны афымцамч абзазаратә хықәкқәа рзы зхы иазырхәо, агәаҭагақәа ззықәгылам ахатәхаҿқәа киловат-сааҭк азы 90 капеи ршәалароуп, агәаҭагақәа ззықәгылоу асоциалтә нормақәа ирхымсуазар - 70 капеи ршәалароуп, урҭ ирхыҳәҳәозар – 90 капеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0