Урыстәыла аладатәи ахәҭахьы аԥыррақәа аамҭалатәи аԥкрақәа ирыцырҵеит

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМеждународный аэропорт в Сочи
Международный аэропорт в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2022
Анапаҵаҩра
Жәабран 24 аахыс аԥкрақәа ирыҵанакны иҟоуп урыстәылатәи аҳаирбаӷәазақәа 11.
АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Урыстәыла аладатәии агәҭантәии ахәҭақәа рҳаирбаӷәазақәа рҟны иалагалоу аамҭалатәи аԥкрақәа ирыцҵоуп рашәара анҵәамҭанӡа, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Росавиациа адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Урыстәыла аладатәи ахәҭеи агәи рҳаиртә баӷәазақәа 11 рахь аԥырра аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп рашәара 30-нӡа", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵаркуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.
Апассаџьырцәа рырманшәаларазы урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа еиҿыркаауеит даҽа хырхарҭамҩақәак рхы иадырхәарц, иаҳҳәап, Шәача, Волгоград, Аминералтә ӡқәа, Ставрополь, Москва.
Аԥкрақәа алагалоуп жәабран 24 инаркны, Украина аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь. Аԥкырақәа мзызны ирымоуп аибашьра ахьцо аҵакырақәа иахьырзааигәоу аԥырра шәарҭараны Росавиациа иахьашьаз азы.
Международный аэропорт в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2022
АҬ "Ԥсоу" аҟынтә автобусқәа ԥхынгәы 1 инаркны уахи-ҽни аҳаирбаӷәазаҟынӡа иныҟәалоит
Ажәабжьқәа зегьы
0