Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥарахсаалага "Аԥра" ала 2021 шықәсазы ашәарақәа 25 миллиард мааҭ ыҟан

© Sputnik / Акоп КущянБанковские карты Апра
Банковские карты Апра - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2022
Анапаҵаҩра
"Аԥра" World ала имҩаԥыргоз аоперациақәагьы рхышәаҵышәа иацлеит –ахархәаҩцәа аҳәаанырцә инырхит 66 миллион мааҭ.
АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система "Аԥра" ала 2021 шықәсазы аоперациақәа 25,3 миллиард мааҭ рыхә мҩаԥган.

Аԥсны Абанк адыррақәа рыла, ари 8,3 миллиард мааҭ еиҳауп 2020 шықәсазы аасҭа. Процентла еиҿурԥшуазар, 46% аоперациақәа Аԥсны аҵакыраҿы имҩаԥысуеит, 54% - жәларбжьаратәи аԥарашәаратә система аҩнуҵҟа. Урҭ рҟынтәи 7,2% - ахсаалага "Мир" аҿы.

Иааидкыланы Аԥсны аҵакыраҿы еиҳахеит инапынҵадатәу аоперациақәа. Ареспублика ауааԥсыреи асасцәеи абанктә хсаалагақәа ахархәара рырҭо иалагеит атауарқәеи амаҵзурақәеи рыхә ашәаразы ҩынтә еиҳаны. Иааидкылан атауарқәеи амаҵзурақәеи ирыхшәаауп 6,3 миллиард мааҭ.
Амилаҭтә ԥарашәаратә система ахсаалагақәа еиҳа-еиҳа ахархәара роуа иалагеит. 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 азтәи адыррала, "Аԥра" зхы иазырхәо рхыԥхьаӡара 95 нызқьҩык иреиҳауп. 2021 шықәсазы мацара 10 000 хсаалага ҭыжьын.
Банковские карты Апра - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.12.2021
Аԥсны
Аԥсны амилаҭтә банк аԥарахсаалага "АԤРА" азы 2022 шықәсазы ацҵа азнархиоит
Аԥсны Абанк аҳасабырбала, ареспублика аекономика апандемиа ахҟьаԥҟьақәа ириааит, ари абанктә система аҿиара ианыԥшит.
2021 шықәсазы абанктә системаҿ аикәыршара иартәеит 97,6 миллиард мааҭ. Ари 35,6 рыла еиҳауп уаанӡатәи ашықәс аасҭа. Урҭ рҟынтәи Аԥсныҟа иааит 51,5 миллиард мааҭ, ицеит - 46,1 миллиард. Реивыга 5,4 миллиард мааҭ ҟалеит (уаанӡатәи ашықәс азы - 2,2 миллиард).
Аҳәаанырцәҟа аиагара аганахьала 2021 шықәсазы азеиԥш хышәаҵышәа 9,2 миллиард мааҭ ыҟан. Аиҳарак Урыстәыла - 6,7 миллиард мааҭ (72,7%), Узбекисҭани Таџьикисҭани - 1,07 миллиард мааҭ, Ҭырқәтәыла - 1,2 миллиард мааҭ.
Нацбанк Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Аԥсны
Абанк ахсаалага "АԤРА" аҟынтәи урыстәылатәи ахсаалагақәа рахь аԥара аиагара аланарҵәоит
Ажәабжьқәа зегьы
0