Путин иҳәеит Урыстәыла БРИКС атәылақәа аус шрыцауло

© Sputnik / POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин выступил на Евразийском экономическом форуме
Президент РФ В. Путин выступил на Евразийском экономическом форуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2022
Анапаҵаҩра
Путин адунеитә економика арҿиара, ацифратә економика аусхк аҟны аусеицура арҿиара, атранспорт-логистикатә еимадара ҿыцқәа раԥҵара атәы далацәажәеит.
АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәеит Урыстәыла ԥхьаҟагьы БРИКС атәылақәа (Бразилиа, Урыстәыла, Индиа, Китаи, Аладатәи Африка - аред) аус рыцура ишазыхиоу. Абри атәы аанацҳауеит Кремль асаит.
Путин иҳәеит ианыуадаҩу аамҭазы анаплакыҩцәа рбизнес шдырҿио, мраҭашәаратәи атәылақәа аџьармыкьатә економика, ахы иақәиҭны ахәаахәҭра, ахатә мазара аламкьысра рыпринципқәа ишрызхьамԥшуа, асанкциа ҿыцқәа шаларгало. Иара иажәақәа рыла, арҭ зегьы абизнес аинтересқәа ақәыӷәӷәара рырҭоит.

"Арҭ ауадаҩрақәеи ирыхьмырԥшыкәа БРИКС анаплакуаа еицырзыфеидоу ахәаахәҭратә, афинанстә, аинвестициатә еимадарақәа дырҭбаауеит. Убас, сынтәатәи ашықәс аԥхьатәи хымз рыҩнуҵҟа Урыстәылатәи Афедерациеи "ахәба" аҳәынҭқаррақәеи ртауареикәыршара 38 процент рыла иазҳаит – 45 миллиард доллар рҟынӡа", - иҳәеит атәыла ахада.

Путин иҳәеит БРИКС атәылақәа жәларбжьаратәи аекономикатә еилазаараҿы еиҳа динамикатә ҟазшьала иҿио ахәҭа аинтересқәа ишырхаҭарнаку. Ари аиҿкаара иалоу ахәба ҳәынҭқарра-лахәылацәа руааԥсыра х-миллиардҩык иреиҳауп, адунеитә ВВП 25% рыла иахәҭакуп.
Урыстәылатәи абизнесуааи БРИКС атәылақәа рбизнесуааи аимадарақәа рыбжьарҵоит – индиатәи адәқьанқәа аадыртуеит, китаитәи автомашьынақәеи амаҭәахәқәеи ааргоит, ақыҭанхамҩеи атехнологиа ҳаракқәеи русхк аҟны еиныруеит иҳәеит атәыла ахада.
Путин иара убасгьы иҳәеит Урыстәыла анапхгара асанкциақәа рнырра аларҟәра рыҽшазыршәо, аусеицура иазыхиоу атәылақәа зегьы рнырра ишазыхиоу.
Президент РФ В. Путин принял участие в работе ПМЭФ-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2022
Владимир Путин Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҿы иқәгылара: ихадоу
Аҩнуҵҟатәи аекономикаҿ акәзаргьы абизнесуаа ишалшо ала адгылара рырҭоит, иаԥырҵоит аԥыжәаратә кредитҭараз апрограммақәа рԥаразоужьра, ашәахтәи аҳазалхратәи ашәарақәа рзы азинҷыдақәа аларгалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0