Владимир Путин Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҿы иқәгылара: ихадоу

© Sputnik / Павел Бедняков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин принял участие в работе ПМЭФ-2022
Президент РФ В. Путин принял участие в работе ПМЭФ-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин ихы алаирхәит Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум.
Ахада иқәгылара темас иаман ҳазҭагылоу аамҭазы Урыстәыла аҿаԥхьа ицәырҵыз аӡбатә ҿыцқәа, адунеи аҿы аекономикатә ҭагылазаашьа, акризис амзызқәа, мраҭашәаратәи асанкциақәа раан Урыстәыла аҿиашьа.
Афорум мҩаԥысуеит адунеитә дипломатиаҿы, аекономикаҿы, аполитикаҿы зеиԥш ҟамлацыз аҭагылазаашьаан, убри азы атәыла ахада иқәгылара аҵак ду амоуп.

Мраҭашәара ақәымчрақәа рзы

Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит европатәии америкатәии аполитикцәа агәаанагара шрымоу дара адунеи аҿы рԥыжәара наунагӡа иҟазаауеит ҳәа. Аха урҭ иҟоу шыҟоу ахьрыдрымкыло адагьы, дара пату зқәырымҵо атәылақәа рхатәы милаҭтә интересқәа рыхьчартә алшара рырҭаӡом.
Путин иазгәеиҭеит "ахьтәы миллиард" атәылақәа иахьа уажәраанӡагьы егьырҭ атәылақәа рхатә колониақәас ишырԥхьаӡо, аҩбатәи аҩаӡара роуп ҳәагьы ишхәыцуа. Еиду Америкатәи аштатқәа Аибашьра хьшәашәаҿы иаиааизшәа агәаанагара рыманы дара рхатә ҭахрақәа ԥшьоушәа рыӡбахә рҳәоит.

"Ахәаахәҭратә, ааглыхратә, алогистикатә еимадарақәа акыр, уаанӡа апандемиа еиԥнарҟьаз, уажәы ҩаԥхьа ауадаҩрақәа ирҭагылоуп. Уи адагьы, аусутә хыԥша, ахатәтәра аламкьысра, адунеитә валиутақәа ҳаҭыр рықәҵара зегьы шьақәырҟьоуп - урҭ шьақәзырҟьаз Мраҭашәаратәи ҳҩызцәа роуп, ишьақәдырҟьеит рхатәы амбициақәа, уаанӡатәи агеополитикатә лаԥшхырԥарақәа реиқәырхаразы", - иҳәеит ахада.

Иара иажәақәа рыла, арҭ аиҭакра ӷәӷәақәа "ҳтәаны ҳзырзыԥшӡом", аҽеиҭакрақәа изҿу аҳәынҭқаррақәеи арегионқәеи рроль хырҩа ҳзаҭаӡом. Урҭ ркультура, рҟазара, Аолимпиадақәа рҟны ралахәра уҳәа рақәиҭымтәрақәа алҵшәа роуӡом.

Асанкциақәеи урыстәылатәи аекономикеи ирызкны

Мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла иақәырҵаз асанкциақәа Владимир Путин хшыҩдароуп ҳәа рхиҳәааит.
"Дара рыгәҭакы еилкаан: Урыстәыла аекономика шьақәдырҟьар рҭахын абизнес-еимадарақәа еиԥҟьаны, мчыла мраҭашәаратәи аилахәырақәа урыстәылатәи аџьармыкьақәа рҟынтәи иқәцаны, активқәа ҵааркны, ааглыхреи, афинансқәеи, ауаажәларра рыԥсҭазаара аҩаӡареи рыларҟәреи", - иҳәеит Путин.
Урыстәыла ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла аекономикатә ҭагылазаашьа шьаҿа-шьаҿала аҭышәынтәалара ишаҿу. Асанкциа ҿыцқәа аналаргалаз ашьҭахь хымз ааҵуаны, аинфлиациатә цәқәырԥа аларҟәра ҳалшеит, аинфлиациа 17,8% ианхала нахыс алаҟәрахь идәықәлеит, уажәы уи 16,7% иҟоуп, наҟ-наҟгьы алаҟәра иаҿуп. Уигьы ҳаракуп, аха илеип ҳәа ҳаҟоуп.

Асанкциақәа адунеи ишаныруа

"Ҳара иаҳдыруеит европатәи атәылақәа рхадацәа рыбжьара аицәажәарақәа шцо асанкциақәа ааҳәны дара зегьы ирԥырхагахар шалшо", - иҳәеит Путин.
Владимир Путин иазгәеиҭеит иалагалоу асанкциақәа рымшала Евроеидгыла ироуа ацәыӡқәа 400 миллиард доллар ишыҟоу, аинфлиациа 20% рҟынӡа ихалеит Еиду Америкатәи аштатқәа рҿы - 40%.
Аекономикатә еидара еиҳа иӷару, ихьчам атәылауаа ирықәлоит, ауадаҩрақәа рызцәырнагоит.
"Абри аҩыза аҭагылазаашьаан апопулизми арадикалтә ҵысрақәеи цәырҵыр ҟалоит, иӷәӷәоу асоциал-економикатә ҽеиҭакрақәа, адеградациа, аелитақәа реиҭакрақәа ҟалар ҟалоит", - иҳәеит ахада.
Владимир Путин инаҵишьны иазгәеиҭеит Мраҭашәара атәылақәа рҿы ауадаҩрақәа акыр шааҵуа ицәырҵижьҭеи, апандемиа ҟалаанӡагьы. Иахьатәи аҭагылазаашьаҟынӡа икылнагеит ҭакԥхықәрада имҩаԥысуа атәылақәа рмакроекономикатә политика.
"Ҳара ҳоперациа атәгьы сҳәоит: ааи, уи ари азҵаараҟны анырра ҟанаҵеит, аха ԥырхагас иҟалаҵәҟьаз - ииашамкәан имҩаԥырго аекономикатә политикоуп. Дара ҳара Донбасс ҳазлагаз аоперациа ҿарԥас иҟарҵеит. Рыгхақәа Урыстәыла иақәырҵеит", - ҳәа азгәеиҭеит Путин.
Переговоры президента РФ В. Путина с президентом Белоруссии А. Лукашенко - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2022
Путин еиҭеиҳәеит мраҭашәаратәи атәылақәа иҟарҵо агхақәа рыхҟьаԥҟьақәа ртәы
Уи адагьы, Мраҭашәара иҟаз урыстәылатәи аҭаҵәахқәа "рҵааркра" атәылақәа жәпакы аеврои адоллари рахь агәрагара рцәыӡит, хымԥада уи арҭ авалиутақәа акагьы иаԥсамкәан иҟанаҵоит.

Аекономика аиҭашьақәыргыларазы ашьаҿақәа ирызкны

Урыстәылатәи абизнес аусхкқәа зегьы рҿы аԥгаԥсатә лагалақәа рзы аамҭа инахар рылшоит, ҳазҭоу ашықәс аҩбатәи аԥшьбарак азы. Уи иаанаго зеиԥш ҟамлац аҳәынҭқарратә кредит аҭароуп. Изнахаз ахәшәарақәа знык ала шәатәыс ироуӡом, ашықәс иалагӡаны иршәалар ҟалоит.
Уи адагьы, азинҷыдатә ипотекала азыԥҵәа ларҟәын, иара апрограмма ахаҭа иацҵоуп ашықәс аанҵәаанӡа. Уажәы азыԥҵәа жә-процентк иҟоуп. Иҳадаҳкылаз ашьаҿақәа анхарҭатә уадаҩрақәа рыӡбара адагьы, аргыларатә усхк ацхраара рылшоит.
Владимир Путин иара убас иҳәеит Абанк Хада азыԥҵәа хада ахьыланарҟәуа иахҟьаны азинҷыдатә ипотеказы 7% рҟынӡа иларҟәхоит.
Урыстәыла ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит урыстәылатәи аекономика иазырур ирҭахыз "аблицкриг" атәы иамгаӡеит, аинформациатә еибашьраан ирҳәақәоз зегь цәгьарахоит ҳәа акгьы иашамхеит, Урыстәыла иалшоит ауадаҩрақәа зегьы риааира, азҵаарақәа зегьы рыӡбара.
Видеообращение президента РФ В. Путина к участникам XI Всероссийского фестиваля НХЛ - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2022
Путин: Урыстәыла аглобалтә економикатә арена иқәҵӡом
Ажәабжьқәа зегьы
0