https://sputnik-abkhazia.info/20220625/1039741172.html
Аблакыреи аилабгареи: Аҟәатәи аихамҩатә вокзал
Аблакыреи аилабгареи: Аҟәатәи аихамҩатә вокзал
Sputnik Аҧсны
Sputnik афотолентаҿ – Аҟәатәи аихамҩатә вокзал абжа еилабганы ишыҟоугьы аус ауеит. 25.06.2022, Sputnik Аҧсны
2022-06-25T17:22+0300
2022-06-25T17:22+0300
2022-06-25T19:20+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101749/32/1017493250_0:308:5859:3603_1920x0_80_0_0_50592115d396c6b6f134f00c50ef2806.jpg
Аҟәатәи аихамҩатә вокзал ахыбра аартын 1951 шықәса ԥхынҷкәын 1 азы.Авокзал апроект авторцәас иамоуп архитекторцәа Левани Лолеи Мушкудианиаа. Авокзал аҿаԥшыларатә хәҭа мармалташьлеи гранитлеи ичаԥоуп. Аԥенџьырқәеи акассеи ахьа иалхны иҟаҵан. Ақьафурҭа адашьма амҿеиваԥса ықәын.Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәатәи аихамҩатә вокзал ааха аҭан. Усҟан адәыӷбақәа рныҟәара зынӡа иаанкылахеит, ахыбра ахаҭа аӷацәа абџьар ҵәахырҭа ҭыԥны иҟарҵеит. Ҩаԥхьа авокзал аусура хацыркын 2004 шықәсазы."Аԥсны Аихамҩа" аиҳабыра авокзал аиҭашьақәыргылара ргәы иҭоуп. 2019 шықәсазы АУН "Аԥсны Аихамҩа" адиректор хада Алхас Вартагаа Sputnik Аԥсны аинтервиу аҟны иҳәеит "авокзал ахыбра аҳәынҭқарратә ҩаӡарала аиҭашьақәыргылара ргәы ишҭоу".Ашықәс иалагӡаны бжьаратәла авокзал иаднакылоит 300 нызқьҩык рҟынӡа апассаџьыр.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101749/32/1017493250_321:0:5536:3911_1920x0_80_0_0_2fef07200378577b0458813dccde5d68.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, аԥсны, афотосахьақәа
фото, аԥсны, афотосахьақәа
Аблакыреи аилабгареи: Аҟәатәи аихамҩатә вокзал
17:22 25.06.2022 (ирҿыцуп: 19:20 25.06.2022) Sputnik афотолентаҿ – Аҟәатәи аихамҩатә вокзал абжа еилабганы ишыҟоугьы аус ауеит.
Аҟәатәи аихамҩатә вокзал ахыбра аартын 1951 шықәса ԥхынҷкәын 1 азы.
Авокзал апроект авторцәас иамоуп архитекторцәа Левани Лолеи Мушкудианиаа. Авокзал аҿаԥшыларатә хәҭа мармалташьлеи гранитлеи ичаԥоуп. Аԥенџьырқәеи акассеи ахьа иалхны иҟаҵан. Ақьафурҭа адашьма амҿеиваԥса ықәын.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәатәи аихамҩатә вокзал ааха аҭан. Усҟан адәыӷбақәа рныҟәара зынӡа иаанкылахеит, ахыбра ахаҭа аӷацәа абџьар ҵәахырҭа ҭыԥны иҟарҵеит. Ҩаԥхьа авокзал аусура хацыркын 2004 шықәсазы.
"Аԥсны Аихамҩа" аиҳабыра авокзал аиҭашьақәыргылара ргәы иҭоуп. 2019 шықәсазы АУН "Аԥсны Аихамҩа" адиректор хада Алхас Вартагаа Sputnik Аԥсны аинтервиу аҟны иҳәеит "авокзал ахыбра аҳәынҭқарратә ҩаӡарала аиҭашьақәыргылара ргәы ишҭоу".
Ашықәс иалагӡаны бжьаратәла авокзал иаднакылоит 300 нызқьҩык рҟынӡа апассаџьыр.
© Sputnik / Акоп КущянАҟәа аҭыԥшӡарҭақәа ируаку - аҳтнықалақь авокзал.
Аҟәа аҭыԥшӡарҭақәа ируаку - аҳтнықалақь авокзал.
© Sputnik / Томас Тхайцук Авокзал апроект авторцәас иамоуп архитекторцәа Левани Лолеи Мушкудианиаа.
Авокзал апроект авторцәас иамоуп архитекторцәа Левани Лолеи Мушкудианиаа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАвокзал аҿаԥшыларатә хәҭа мармалташьлеи гранитлеи ичаԥоуп.
Авокзал аҿаԥшыларатә хәҭа мармалташьлеи гранитлеи ичаԥоуп.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аԥенџьырқәеи акассеи ахьа иалхны иҟаҵан. Уажәы апластик ԥенџьырқәа ҭасоуп.
Аԥенџьырқәеи акассеи ахьа иалхны иҟаҵан. Уажәы апластик ԥенџьырқәа ҭасоуп.
© Sputnik / Томас Тхайцук Ахыбра аҩнуҵаҟа зныкала уаа хәышәҩык инаркны зқьҩык рҟынӡа иакоит.
Ахыбра аҩнуҵаҟа зныкала уаа хәышәҩык инаркны зқьҩык рҟынӡа иакоит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Иахьатәи аамҭазы акассаҿ аҳаири аихамҩатә билеҭқәа ааухәартә алшара ыҟоуп.
Иахьатәи аамҭазы акассаҿ аҳаири аихамҩатә билеҭқәа ааухәартә алшара ыҟоуп.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аҟәантәи адәыӷбақәа цоит Москва, Санкт-Петербург, Самара.
Аҟәантәи адәыӷбақәа цоит Москва, Санкт-Петербург, Самара.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәатәи аихамҩатә вокзал ааха ӷәӷәа аҭан.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәатәи аихамҩатә вокзал ааха ӷәӷәа аҭан.
© Sputnik / Томас Тхайцук Иблахкыгоу асоветтә рхитектура иахьагьы иубарҭоуп.
Иблахкыгоу асоветтә рхитектура иахьагьы иубарҭоуп.
© Sputnik / Акоп КущянАхыбра ӷәӷәала ааха шаиузгьы, еиқәхаз хәҭақәак иаадырԥшоит шаҟа иблахкыраз.
Ахыбра ӷәӷәала ааха шаиузгьы, еиқәхаз хәҭақәак иаадырԥшоит шаҟа иблахкыраз.
© Sputnik / Акоп КущянАаха змоуи аԥақәа зхысызи агәашьақәа рҟны "аԥсҭазаара ҿыц" аира иаҿуп.
Ааха змоуи аԥақәа зхысызи агәашьақәа рҟны "аԥсҭазаара ҿыц" аира иаҿуп.
© Sputnik / Томас Тхайцук Иқьаԥҭахаз азалқәа иахьа уажәраанӡагь аҭааҩцәа ирызԥшуп.
Иқьаԥҭахаз азалқәа иахьа уажәраанӡагь аҭааҩцәа ирызԥшуп.
© Sputnik / Томас Тхайцук Араҟа Аџьынџьтәылатә еибашьраан аӷацәа абџьар ҵәахырҭа ҭыԥны иҟарҵеит.
Араҟа Аџьынџьтәылатә еибашьраан аӷацәа абџьар ҵәахырҭа ҭыԥны иҟарҵеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҿаԥшьқәа ус иаанхеит "иҟьантазӡа".
Аҿаԥшьқәа ус иаанхеит "иҟьантазӡа".
© Sputnik / Томас Тхайцук Ҭыԥқәак рҟны аџьоуҳар иану зыблаҵару афотоҭыхыҩ ида ацәгьы изгәаҭаӡом.
Ҭыԥқәак рҟны аџьоуҳар иану зыблаҵару афотоҭыхыҩ ида ацәгьы изгәаҭаӡом.
© Sputnik / Томас Тхайцук Авокзал ахыбра аамҭа-аамҭала арҽеирақәа азыруеит, аха шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара макьана иаламгацт.
Авокзал ахыбра аамҭа-аамҭала арҽеирақәа азыруеит, аха шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара макьана иаламгацт.
© Sputnik / Акоп Кущян2019 шықәсазы АУН "Аԥсны Аихамҩа" аиҳабыра ирҳәеит авокзал аиҭашьақәыргылара ргәы ишҭоу.
2019 шықәсазы АУН "Аԥсны Аихамҩа" аиҳабыра ирҳәеит авокзал аиҭашьақәыргылара ргәы ишҭоу.