Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Алада-урыстәылатәи апарламенттә ассоциациа аконференциа иалахәын

© Foto / Telegram/ ПАРЛАМЕНТ АБХАЗИИ В дистанционном формате состоялись заседания Совета Южно-Российской Парламентской Ассоциации и пленарное заседание Конференции
 В дистанционном формате состоялись заседания Совета Южно-Российской Парламентской Ассоциации и пленарное заседание Конференции - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2022
Анапаҵаҩра
Алада-урыстәылатәи апарламенттә ассоциациа анаҩстәи аконференциа мҩаԥысраны иҟоуп 2022 шықәса ҭагалан Маиҟәаԥ ақалақь аҟны.
АҞӘА, рашәара 25 – Sputnik. Аԥсны Апарламент адепутатцәа рхы аладырхәит XXXVI Алада-урыстәылатәи апарламенттә ассоциациа аконференциа, уи мҩаԥысуан онлаин аформат ала рашәара 23-24 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Жәлар Реизара аофициалтә саит.
"Ҳара ҳзы акраҵанакуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламенти Алада Урыстәыла Апарламентқәеи русеицуреи реимадарақәеи рырҭбаара. Агәраганы сыҟоуп аԥхьаҟагьы уи лҵшәа бзиала ишымҩаԥысло. Иахьатәи аамҭазы иҟоу ахҭысқәа рҭыԥ ианықәлалак, хаҭала ҳаибабап ҳәа агәыӷра сымоуп", - иҳәеит Аԥсны Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Алада-урыстәылатәи апарламенттә ассоциациа ахантәаҩы Владимир Немцеви ахеилак алахәылацәеи рахь ихы рханы.
Иара агәра диргеит аԥсуа депутатцәа наҟ-наҟгьы ари апарламент аиҿкаара аусура активла ишалахәхо.
Апленартә еилатәараан адепутатцәа еиуеиԥшым аусхкқәа - аекономика, адгьылхархәара, асоциалтә усхк, аҵарадырра, агәабзиарахьчара - ирыҵаркуа 60 инареиҳаны азакәанԥҵаратә аԥшьгамҭақәеи азыҳәақәеи ирыхәаԥшит. Уи адагьы ирзааҭгылеит абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыцхраара азҵаарақәа.
Алада-урыстәылатәи апарламенттә ассоциациа иалахәуп Адыгеиа, Астрахан, Ҟрым, Волгоград, Калмыкиа, Краснодар, Ростовтәи аобласт, Севастополь рзакәанԥҵаратә усбарҭақәа. Аԥсны уи иалахәын Ингуштәыла, Ҟарачы-Черқьесиа, Ставропольтәи атәылаҿацә, Нхыҵ Уаԥстәыла реиԥш азинқәа еиҳа ирмаҷны.
Ассоциациа хықәкыс иамоуп адепутатцәа ргәаанагарақәеи рԥышәеи реимдара, азинтә ҳәынҭқарра, адемократиа, апарламентаризм, урыстәылатәи афедерализм арҿиара ацхраара.
Ажәабжьқәа зегьы
0