Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Нестор Цужба урыстәылатәи аԥқьаҭасратә академиеи иареи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

© Foto / Государственный комитет РА по делам молодежи и спортуНестор Цужба стал победителем турнира Российского теннисного тура
Нестор Цужба стал победителем турнира Российского теннисного тура - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2022
Анапаҵаҩра
Нестор Цужба 2022 шықәса раахыс аԥқьаҭасразы ареитингтә еицлабраҟны дыхәмаруеит. Ахәмарра даналагоз 450-тәи ацәаҳәаҟны дыҟан, иахьатәи аамҭазы 2013 шықәсазы ииз рыбжьара аԥхьахә ҭыԥ аанызкыло хҩык рыбжьара дыҟоуп.
АҞӘА, рашәара 25 – Sputnik, Сариа Кәарцхьелиаԥҳа. Аԥсуа аԥқьаҭасыҩ қәыԥш Нестор Цужба Александр Островски иакодемиеи иареи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Нестор иаб Давид Цужба.
Нестор дахысит аԥышәаратә гәаҭара, "Avant Garde" апрограмма дастудентхеит. Давид Цужба иажәақәа рыла Академиа аанахәара ус имариӡам. Сынтәа ари апрограмма иаанахәаз хә-ҩы зыҵәык роуп.

"Урыстәыла акодемиақәа рацәоуп, аха ирласны араҟа еиԥш аизҳара џьаргьы иуоуӡом. Александр Островски иакодемиа – европатәи азнеишьа амоуп. Уажәы иаҳа аҽырҭбаара иаҿуп, сынтәа Германиа рыҟәша аадыртит, ҳаԥхьаҟа Дубаи аартра ргәы иҭоуп. Ааӡамҭацәа ақәҿиара дуқәа рԥеиԥшуп. "Avant Garde" иаднакыло аспорт аҟны аихьӡара дуқәа аазырԥшхьоу роуп", - иҳәеит Нестор иаб.

Аԥқьаҭасыҩ қәыԥш ихаҭа маҷк игәы еихьнашьит раԥхьатәи иазыҟаҵаҩ Елизабет Акәыциеи иареи реиԥырҵра атәы аниаҳа, аха еиликаауеит Москва аспорт ду ашҟа ашәқәа шизаанартуа иҳәеит Давит Цужба.
Нестор Цужба 2022 шықәса раахыс аԥқьаҭасразы ареитингтә еицлабраҟны дыхәмаруеит. Ахәмарра даналагоз 450-тәи ацәаҳәаҟны дыҟан, иахьатәи аамҭазы 2012-2013 шықәсқәа рзын ииз рыбжьара 43-тәи ацәаҳәа ааникылоит. 2013 шықәсазы ииз рыбжьара аԥхьахә ҭыԥ аанызкыло хҩык рыбжьара дыҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0