Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амҳаџьырра иԥсанаҟьаз аижәлантә реигәныҩра: иҿыцны ихацырку Кәыџаа рныҳәара

© Foto / Милана КәыҿбаКәыҿаа рныҳәара
Кәыҿаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2022
Анапаҵаҩра
XIX ашәышықәса анҵәамҭазы Аԥснынтәи амҳаџьырра иагаз иреиуан Кәыџаа рыжәла реиҳараҩӡакгьы. Иахьазы ари ажәла зыжәлоу рыбжьара иҟоуп зыԥсадгьыл ахь ихынҳәны зыҵәҩаншьап ҩаԥхьа иазырсыз. Ҳазҭоу амзазы Кәыџаа рыжәла ахьҭыҵыз аҭыԥ аҟны аныҳәара мҩаԥыргеит.
Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Кәыџаа аижәлантәқәа рныҳәара иазкны Есма Ҭодуаԥҳа иазлырхиаз анҵамҭа.
Рашәара 19 рзы Риҵатәи амилаҭтә парк аҳәырԥсарра иахьаҵанакуа, Иаӷьеи Ҩыԥсареи ахьеилало аҭыԥ аҟынтәи адәҟьаҟьара зҵазкуа, Кәыџба иашҭа ҳәа изыхьӡыншьалоу ахәаҿы имҩаԥган Кәыџаа (Кәыҿаа ҳәагьы аҳәашьа ыҟоуп - Е.Ҭ.) аижәлантәқәа рныҳәара. Аныҳәара иалахәыз ишырҳәо ала, уаанӡа ас еиԥш аижәлантә рныҳәара мҩаԥырымгацызт. Сынтәа уи иҿыцны ихацыркхаз акы акәхеит, дара рыжәла ахьҭыҵыз аҭыԥ аҟны имҩаԥыргарцгьы рыӡбеит. Ари аныҳәара еиднакылеит Аԥсны инхо Кәыџаа рнаҩсгьы, Аԥсны анҭыҵ инхогьы.
Кәыџаа рыжәла иахьа зхыԥхьаӡара маҷу аԥсуа жәлақәа иреиуоуп. Урҭ ихдырҵәеит, ихҵәараххеит XIX ашәышықәса аҩбатәи азыбжазы Аԥсны зҭагылаз аҭоурых еибарххарақәа ирхырҟьаны. Ҩ-империа дуқәак реибашьра аԥсуа милаҭ аныӡаара ихықәнаргылеит. Убасҟан, амҳаџьырра иахырҟьаны, Кәыџаагьы иԥсаҟьаны атәым дгьылқәа рахь иагеит. Џьоукы Ҭырқәтәыла иагеит, даҽа џьоукы Баҭым, иҟоуп Ҟарачы-Черқьесиатәи адгьылқәа рҿы инхазгьы.
Иазгәаҭатәуп, аҵарауаа, аҭоурыхҭҵааҩцәа, Кәыџаа рыжәла аԥсуа-адыга зеиԥш шьаҭа рымоуп ҳәа ишырыԥхьаӡо. Уи атәы русумҭақәа рҿы иазааҭгылахьеит Ионова С. Х., Тхаицухов М.С., дара иагьышьақәдырӷәӷәоит ари ажәла аԥсуа хылҵшьҭроуп иамоу ҳәа. Аԥсны урҭ Кәыџба иашҭа иҭыҵыз роуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
"Кәыџаа ара даара имаҷын амҳаџьырра ашьҭахь, избанзар зегь уахь иагеит: Ӷәада ҭаацәарак ыҟан, убри абиԥара ирхылҵыз, нас Дәрыԥшь ақыҭан, Маска Кәыџба ҳәа дыҟан, дыԥсхьеит, рыцҳа, ихшара ыҟоуп, убригьы иаб амҳаџьырраҟынтәи дхынҳәын, адгьыл убра ирҭан дынхеит. Кәыткаиақәа ҳәагьы ианырҵахьан, убарҭгьы абиԥарак ыҟан Аԥсны, уаҳа ыҟаӡамызт, егьырҭ зегьы Ҭырқәтәылаҟа амҳаџьырра иагеит. Уаҟа Сақариа, Адаԥазар иахьаҵанакуа ақыҭақәа рҿы инхоит. Уаантәи егьырҭ арегионқәа рахьгьы ицеит. Уахь рхыԥхьаӡара маҷуп ҳәа узҳәом, ибзианы иҟоуп. Аԥхьаӡа, амҳаџьырра ашьҭахь, Аԥсны иааны избаз Сириантәи Кәыџба Аҳмаҭ иоуп, иара дҳақьым дуун. Уи ишьҭахь уи иашьеиҵбы дааит. Баҭымынтәи иааз дреиуоуп Џьамал Кәыџба 1989 шықәсазы", – ҳәа еиҭалҳәоит Ирма Адлеиба – Кәыџба.
© Foto / Милана КәыҿбаКәыџаа рныҳәара. Арӷьарахьтә аҩбатәи игылоу Ирма Адлеиба - Кәыџба лоуп.
Кәыҿаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2022
Кәыџаа рныҳәара. Арӷьарахьтә аҩбатәи игылоу Ирма Адлеиба - Кәыџба лоуп.
Рыцҳарас иҟалаз, дара Аԥсныҟа ихынҳәызгьы ираамҭанымкәа рыԥсҭазаара иалҵит, аха иҟоуп урҭ ирыхшаз. Ирма Адлеиба – Кәыџбагьы лыԥшәма Ақын Кәыџба, 90-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсныҟа игьежьыз, ара аҭаацәара аԥызҵаз ҳџьынџьуаа дреиуоуп.
Иазгәаҭатәуп, Аԥсны дырҩегьых аҭоурых ӡеибафара ианалагылаз аамҭазоуп дара Аԥсныҟа ианыгьежьызгьы, рыԥсадгьыл ахьчараз ирыԥхьон ршьа. Иҟоуп уи зызхара зшьапы ақәыргылара иахьымӡакәа зыԥсҭазаара ахҭнызҵазгьы. Абас ираамҭанымкәа зыԥсҭазаара иалҵыз ахацәа рацәахеит. Уи азмырхакәа, Ақын иашьа, Солмаз Кәыџба (иаамҭамкәа иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь) иԥҳа Илиаида Кәыџԥҳагьы 29 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит. Убри лан лоуп "иҟоу шәымбаӡои, аныҳәара ҟашәҵа, аҿар игылаз иамуит, егьырҭ иааз – иамуит" лҳәан, ирыӡбеит аныҳәара амҩаԥгара ҳәа ҳзеиҭалҳәеит Ирма Адлеиба – Кәыџба.
© Foto / Милана КәыҿбаКәыџаа рыиашьара адырга
Кәыҿаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2022
Кәыџаа рыиашьара адырга
"Арҭ аныҳәарақәа рцәыӡхьан азы, аныҳәаҩ Борис Қәҭелиа иҟны Кәыџаа неин, уҳацхраа, ишахәҭоу, акы агҳажьыр ҳәа ҳшәоит, абас ҳгәы иҭоуп анырҳәа, дҳаиҭеит атәы здыруа Беслан Шьынқәба. Убри аныҳәара мҩаԥигеит, ҳаизеит Кәыџба иашҭа. Ҟарачы-Черқьесиатәи ареспублика аҟынтәигьы ҩыџьа аишьцәа, ианраҳа, иаан, рҽаладырхәит. Кәыџаа аӡӷабцәагьы, аҭацацәагьы алахәын, аха урҭ рыԥшәмацәа (амаҳәцәа. – Е. Ҭ.) аладмыргылаӡеит, аҭацацәа ыҟан, ахшара ыҟан, дара Кәыџаа ыҟан", – ҳәа ҳалҳәеит Ирма Адлеиба – Кәыџба.
© Foto / Милана Кәыҿба

Кәыџаа рныҳәара

Кәыџаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
1/5

Кәыџаа рныҳәара

© Foto / Милана Кәыҿба

Кәыџаа рныҳәара

Кәыџаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
2/5

Кәыџаа рныҳәара

© Foto / Милана Кәыҿба

Кәыџаа рныҳәара

Кәыџаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
3/5

Кәыџаа рныҳәара

© Foto / Милана Кәыҿба

Кәыџаа рныҳәара

Кәыџаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
4/5

Кәыџаа рныҳәара

© Foto / Милана Кәыҿба

Кәыџаа рныҳәара

Кәыџаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
5/5

Кәыџаа рныҳәара

1/5

Кәыџаа рныҳәара

2/5

Кәыџаа рныҳәара

3/5

Кәыџаа рныҳәара

4/5

Кәыџаа рныҳәара

5/5

Кәыџаа рныҳәара

Иҳәатәуп, Аԥсны ари ажәла Кәыџба ҳәа иныҟәызго ыҟоуп, Кәыҿба ҳәа измоугьы ыҟоуп, аха урҭ аӡә шракәу рхаҭагьы еицҿакны ирҳәоит. Уи атәы арҵабыргуеит дара аижәлантә рныҳәараҿы Кәыџбақәагьы Кәыҿаагьы ахьалахәыз.
Аныҳәаҩ ишрабжьигаз ала, аныҳәаразы иадыргалеит ацә-шьтәа, аҳампалқәа, ацәашьы.
"Иаҳхылаԥшхәу, иҳақәиҭу, зегьы збарҭоу, зегь зымчу, зегь зылшо! Иахьа, абра ҳахьгылоу, Кәыџаа рыжәла, иахьынӡанаӡааӡо, аԥсуа-адыгашьҭра рхылҵшьҭра зегьы анкьатәи, ҭоурыхла, рхәышҭаараҟны иааит, рашҭаҟны. Иуашьапкны иуҳәоит, иранаужьырц, иахьхәуп рыгха-ԥха, иҳагу ҳаҭоумҵан ҳәа иуҳәоит Анцәа ду, зегь зылшо!" – ҳәа дныҳәеит аныҳәаҩ Беслан Шьынқәба, зшьамхы арсны игылаз Кәыџаа раԥхьа днагыланы, мрагыларахь ихы рханы.
© Foto / Милана КәыҿбаКәыџаа рныҳәара. Аныҳәаҩ Беслан Шьынқәба.
Кәыҿаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2022
Кәыџаа рныҳәара. Аныҳәаҩ Беслан Шьынқәба.
Кәыџаа аижәлантәқәа аринахысгьы есышықәса аныҳәара шымҩаԥыргало ҳәа аҿаҭахьа шьҭарҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0