Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа "Абаза-ТВ" аколлектив 15 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2022
Анапаҵаҩра
Актәи иҳәынҭқарратәым Аԥсны ателеканал "Абаза-ТВ" раԥхьаӡа акәны аефир ахь ицәырҵит рашәара 26 2007 шықәса рзы.
АҞӘА, рашәара 26 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа "Абаза-ТВ" аколлективи уи анапхгаҩы Руслан Ҳашыги ателеканал 15 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит. Абри азы ажәабжь аланарҵәеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа иазгәеиҭеит "Абаза-ТВ" Аԥсны АИХқәа рыбжьара аҭыԥ ду шааннакыло, ахатәы ҟазшьа шамоу, аудиториа ду шазҿлымҳау.
"Руслан Мкан-иԥа, актәи ихьыԥшым аԥсуа телеканал "Абаза-ТВ" ауаа иахьеицырдыруа, иахьазҿлымҳау, иахьырҭаху зыбзоуроу Шәара ижәбо аџьабааи активла иаашәырԥшуа шәгәаанагареи , иара убас шәнапаҵаҟа аус зуа ауаа рзанааҭ азҟазареи роуп изыбзоуроу", - ҳәа иануп ахада идныҳәалараҿы.
"Абаза-ТВ" – еиуеиԥшым ахырхарҭақәа шьҭызхуа адырраҭарақәа, ишиашоу ицо аефирқәа, ихадоуи иҵаруи атемақәа аазырԥшуа асиужетқәа рыла иҭәуп иҳәеит Бжьаниа. "Даара игәахәара дууп шәусураҟны лассы-лассы шәахьазхьаԥшуа аҵарадырратәи апатриоттәи проектқәа", - ҳәа инаҵишьит ахада.
Аслан Бжьаниа ателеканал аусзуҩцәа ирзеиӷьеишьеит аусуратә гәацԥыҳәара, аихьӡара ҿыцқәа, аизҳазыӷьара.
Ажәабжьқәа зегьы
0