00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:45
15 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Агазеҭ "Гал" ҭыҵуеижьҭеи 30 шықәса ҵит
18:15
14 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
25 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
Российские специалисты совместно с абхазскими энергетиками осмотрели объекты энергосистемы
18:35
10 мин
Актуальный комментарий
Литовкин: размещение в Очамчыре базы Черноморского флота России — правильное решение
18:45
11 мин
Актуальный комментарий
Пневмония: кто чаще болеет и на какие симптомы
18:56
10 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Герман Гәазаа ицхырааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥгахоит Гәдоуҭа

© Foto / Bogomil MihaylovМикрофон
Микрофон - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2022
Анапаҵаҩра
Жәашықәса зхыҵуа ахшыбаҩ акьыба чмазара змоу Герман Гәазаа изы ахәшә 6,5 миллион мааҭ иаԥсоуп.
АҞӘА, рашәара 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Ачымазара бааԥс змоу аҷкәын Герман Гәазаа изы агәыҳахалратә концерт мҩаԥгахоит Гәдоуҭа ашәахьа рашәара 27 Акультура ахан аҿы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ахадара акультура аҟәша аиҳабы Ҭемыр Шамба.
Иара иазгәеиҭеит аконцерт асааҭ 18:00 рзы ишалаго. Асценахь ицәырҵуеит ансамбль "Адац", акәашара атеатр "Аурашьа", аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа – Џьими Шәманиа, Саида Габниа, Авто Конџьариа, Ильда Қәычбериа, Хатуна Ҭарба.
Аконцерт азы абилеҭ 200 мааҭ иаԥсахоит. Идырҳаз аԥарақәа зегьы Герман Гәазаа ихәшәтәрахь ирышьҭуеит. Иара убас иргылазаауеит акәалаԥ хәыҷ досу шаҟа иҭаху аԥара ҭаиршәырц азы. Ари аусмҩаԥгатә еиҿыркааит араион ахадареи акультура аусбарҭеи.
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" Герман Гәазаа изы аԥареизгара хацнаркит рашәара 14 рзы. Аофициалтә саит аҿы ишырҳәо ала, ачымазара шилаз еилкаахеит шықәсык аԥхьа.

"Шықәсык аԥхьа Герман игәы хынҳәуа, ихлахаҵ гьежьуа далагеит, аполиклиникаҿы ирҳәеит аротавирустә инфекциа имоуп ҳәа. Мчыбжьык аҽыхәшәтәра ашьҭахь иҭагылазаашьа еиӷьымхаӡеит, анаҩс аневролог иахь дрышьҭит, иара иоуп аҭаацәа иразҳәаз ихшыбаҩ арӷьаратәи ахәҭаҿы чырак ыҟаоуп ҳәа. Анализқәа аныҟарҵа ашьҭахь аҳақьым иажәа хьанҭа шиашаҵәҟьаз еилкаахеит. Герман иҭаацәа зегь реиҳа ибааԥсыз ажәабжь раҳаит - ахшыбаҩ акьыба аԥшьбатәи астадиа, аглиома", - ҳәа адырра ҟанаҵоит афонд.

Аҷкәын ихшыбаҩ иамоу ачыра акыр идууп азы аԥҟара алшом, уи аизҳара аанкылара заҵәык ауп иҟало. Уажәазы ачыра аҷкәын иарӷьа напи иарӷьа шьапи русура алзыршо анервқәа ирықәыӷәӷәоит, ицәажәаратә аппарат аусура еиԥҟьоуп.
Герман Гәазаа ашәахәап терапиа изыҟарҵахьеит, ахимиотерапиа 10 блокк, аха макьана деиӷьхом. Урыстәылатәи аҳақыьмцәа ахәшә "Exkivity" изылырҩааит, уи ҩ-курск ҟауҵарц азы уажәтәи акурс ала иаҭахуп 6,6 миллион мааҭ.
Ари ахәшә Урыстәыла иҭаҩӡам. "Ашана" ишаанацҳауа ала, урыстәылатәи афонд "Добросвет" иалшеит ари ахәшә аҷкәын изы иаарышьҭырц, дара еизыргеит миллионк раҟара аԥара, зынӡауажәазы 1,6 миллион мааҭ роуп аҷкәын изы еизганы иҟоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0