https://sputnik-abkhazia.info/20220626/zyzhlar-rkhaira-iakhaz-ashyy-anatoli-vozba-igalashara-iazkny-1039821138.html
Зыжәлар рхақәиҭра иахьӡаз ашәҟәыҩҩы: Анатоли Возба игәалашәара иазкны
Зыжәлар рхақәиҭра иахьӡаз ашәҟәыҩҩы: Анатоли Возба игәалашәара иазкны
Sputnik Аҧсны
Рашәарамза 22 рзы 90 шықәса ҵит диижьҭеи ашәҟәыҩҩы-ажурналист, ҳажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара акыршықәса агәҭа иалагылаз Анатоли Возба. Уи игәалашәара иазку... 26.06.2022, Sputnik Аҧсны
2022-06-26T19:10+0300
2022-06-26T19:10+0300
2022-06-26T19:10+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/1a/1039818190_0:2:1920:1082_1920x0_80_0_0_b30c81d2204855bae59cf3c2720c1027.jpg
"Аԥсҭазаара уҳәеит ҳәа… Зыԥсҭазааратә усура еилашуаз, заԥхьаҟа ҳлитературазы иҵегь ҟазҵараны иҟаз, абаҩхатәра змаз ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы Анатоли Баҭа-иԥа Возба дычмазаҩымкәа, дыбзиахәха дшыҟаз, машәырла иԥсҭазаара далҵит, ианвар 26 аҽны, 1994 шықәсазы. Ари цәыӡын аԥсуа литературазы… Ижәлар гәакьа лаӷырӡыла дкәабаны, рхы-ргәы далхны, дзыԥсаз ала ихцәажәаны, ианвар 29 аҽны Анатоли Возба Лыхны акыҭан, иабацәа рҳаҭгәын аҿы, "унарцә мҩа бзиахааит" ҳәаны, анышә днамардеит…Амала, Анатоли Возба иҭынхаз иҩымҭақәа ыҟоуп ҳдоуҳатә ԥсҭазааразы рхатә ҵакы рыманы, ихьӡ-иԥша дмырӡыртә еиԥш. Нас уи акәӡами ари адунеи аҿы ашәҟәыҩҩы изыҳәан ихадароугьы…"Руслан ҚапбаҲаԥсуа литератураҿы иҟоуп ашәҟәыҩҩцәа зырҿиаратә процесс инаваргыланы излагылаз аамҭа агәеисыбжь ӷәӷәаны изныруаз, ианаҭахыз аамҭазы, зкалам нкаршәны, иԥсыда-инхада ахьырҳәоз аҭыԥқәа рҿы инеины зыжәлар иралагылоз, иаҭаххаргьы, егьа ишәарҭазаргьы, рҿахәы зҳәоз…Сара ибзиаӡан исгәалашәоит, усҟан есжәашықәса рахьтә знык ажәлар зыргәамҵуаз рҳәарцаз ианеизоз ашықәсқәа руак раан акәын, Анатоли Возба иааирԥшыз агәаӷьра. Уи усҟан еицырдыруаз, зыхьӡ-зыԥша ыҟаз аԥсуа шәҟәыҩҩын, ирҿиаратә усура анаҩсангьы, хыхь ишазгәаҳҭаз еиԥш, еснагь аԥсуа жәлар рыԥсҭазаара агәеилашра далагылан, уи иахылҵуаз аҟыбаӡыбақәа, ауадаҩрақәа дрыцәхьаҵны бзанҵык дҟамлацызт…Уи ус шакәу шаҳаҭра ауеит агазеҭ "Бзыԥ" аҟны иара иикьыԥхьыз ақырҭуа еиҳабыра акыршықәсала Аԥсны иазааргахьаз азалымдарақәа ртәы зҳәоз аԥсуа интеллигенциа гәыԥҩык СССР аиҳабыреи КПСС анапхгаҩцәеи рахь ирҩыз "Аԥсуа шәҟәы" амацарагьы. Ииашоуп, Руслан Қапба игәалашәараҿгьы уи инаҵшьны иазгәеиҭоит, усҟан апартиа Гәдоуҭатәи араиком актәи амаӡаныҟәгаҩ Константин Озган ицхыраара шимазгьы, дышидгылозгьы, ари аҩыза агәаӷьра араионтә газеҭ аредактор ихаҭыԥуаҩ изы имариамызт, изаҳамҳәарызеи, иԥсҭазаара ашәарҭара иҭанаргыларгьы алшон. Избанзар усҟан Қырҭтәылатәи акомпартиеи аиҳабыреи абгалаџқәа реиԥш еиқәхаԥс итәан, нахьхьиӡа аахыс аԥсуа жәлар рзы иҟарҵоз аиҵаҟәаҟәарақәеи азалымдарақәеи ртәы аартны рҳәара, ркьыԥхьра аӡәгьы азин ирымҭартә еиԥш…Аԥхьаҩ ибзианы идыруеит Анатоли Возба раԥхьаҵәҟьа Ҳаџьараҭ Кьахьба изкны аҭоурыхтә повест шиҩыз, нас, шықәсқәак рышьҭахь, ихаирҭәааит, иҵегь аус адулан ироманны иҭижьит. Уимоу, аԥсуа-ақырҭуа еибашьра аԥхьаҵәҟьа 1991 шықәсазы еиҭаганы Москва иҭижьит. Уи аурысшәахь ҟазарыла еиҭеигеит абаҩхатәра бзиа злаз, урысшәала иҩуаз, аха Аԥсны ииз, иааӡаз апоет Иури Лакрба.Сара ибзиан исгәалашәоит, усҟан уи ашәҟәы анҭыҵ иҟан ацәажәарақәа, Баграт Шьынқәба иажәеинраалоу ироман "Ахра ашәа" иҩхьан, уаҟа Ҳаџьараҭ Кьахьба ихаҿсахьа нхарҭәааны иаарԥшуп, уажәы даҽазнык уи ахаҿсахьа азхьаԥшра иаԥсамзар ҟаларын ҳәа. Аха Баграт иара ихаҭагьы уи аверсиа даҿагылеит, иҳәеит, иара ироман жәеинраалатә формала ишҩу, Возба итәы ҭоурыхтә-прозатә формала, урҭ аҩбагьы акы иазымҳәаз даҽакы иаҳәоит, ус анакәха, аҩбагьы алитературатә ԥсҭазаара азин рымоуп ҳәа!.. Ари агәаанагара аӡәгьы дзаҿамгылеит, ирласны еиқәтәеит ирхылҵыз ацәажәарақәагьы…Абраҟа иазгәаҭатәуп Анатоли Возба агәаӷьра ду шимаз, уи аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә еизара дуқәа рышьҭахь, аката-катаҳәа Қарҭынтәии Москвантәии иаарышьҭуаз еиуеиԥшымыз аделегациақәа рԥылараан, шамахак зегьы дрылахәын, "Аидгылара" Гәдоуҭатәи аҟәша аиҳабык, патриотк, интеллигентк иаҳасабала. Урҭ аизарақәа зегьы ирылахәыз Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа акырынтә иҳәо саҳахьеит Анатоли Возба изы: "Уи ауаҩ, "Аидгылара" аиҳабыс сара санахадыргыла нахыс, дзакәытә патриот дууз сыблала избеит. Иҟалап, ҳара убри аус ҳаҿнаҵы, зынзаҵәык ихы нықәҵаны уаҩҵас дмыцәацызҭгьы, ҳаргьы ҳиртәомызт, иаргьы дтәомызт!..Насгьы, аратәи агазеҭқәа иаҳзырнымҵоз, иааҳамҵԥааны иганы Гәдоуҭа иара дызхагылаз агазеҭ "Бзыԥ" ианиҵон, ажәлар ирылаирҵәон. Аиаша ҳҳәар ами, усҟан уи агазеҭ даара аус ауит, Аԥсны мацара акәым, Қырҭтәылаҟагьы маӡала иганы иаԥхьон, акомментариқәа ҟарҵон ртелехәаԥшрақәеи ргазеҭқәеи рыла. Нас, ҳара урысшәалагьы аԥсышәалагьы "Аидгылара" ҳәа агазеҭқәа рҭыжьра ҳаналага, ашәарҭара ӷәӷәа зцыз акьыԥхьымҭақәа уахь ииаҳгеит, аха иара зегьы акоуп иҟаиҵац ҟаиҵон, уантәи ихкьыԥхьлааны иара игазеҭгьы ианиҵон, иҵегь ауаа ирылаҵәарц!.. Убри аҩыза агәӷьреи, агәаӷьи, иақәнагоз адырреи змаз роуп ҳажәлар милаҭ ҳасабла реиқәырхараҿы акырӡа зылшаз…"Уажәшьҭа ҳаныԥшылап алитератураҿгьы, Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿгьы зџьабаа шьардоу ашәҟәыҩҩы-ажурналист Анатоли Возба инысымҩа:Возба Анатоли Бата-иԥа (22.06.1932, Аԥсны, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭа - 26.01.1994). Ашәҟәыҩҩы, ажурналист, ауаажәларратә усзуҩы. СССР-и Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәеи СССР-и Аԥсни Ржурналистцәа реидгылақәеи дрылан. Дыҩуан аԥсышәала.Ашәҟәыҩҩы иԥсҭазааратә мҩа акыр илакьуан, дышқәыԥшӡаз иаб диԥхоит. Иашьеи иареи аибара дмырбакәа ран Зиза илааӡеит. Иқыҭаҿ абжьаратә школ даналга, дҭалоит Москватәи аихамҩаргыларатә институт, аха актәи ашықәс аан иҭаацәаратә ҭагылазаашьа ауадаҩра инамаданы аҩныҟа дыхнымҳәыр амуит. Иагьа ус акәзаргьы, аҵара гәҭакыс измаз аҷкәын 1954 ш. А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт дҭалоит. Хәышықәса рышьҭахь иҵара хыркәшаны иқыҭахь дцоит, Лыхнытәи абжьаратә школ аҟны аусура далагоит, хара имгакәа Гәдоуҭа араион аҵара аҟәша ашҟа диасуеит. Арантә диаргоит араионтә газеҭ "Бзыԥ" аредакциахь. "Бзыԥ" еиҧш, иҩымҭақәа анылон агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" ("Аԥсны"). Ажурналист изанааҭ ицааиуан, ибызшәа беиан. Дышнеи-шнеиуаз аредактор ихаҭыԥуаҩс диаргоит, аҵыхәтәан редакторсгьы дыҟан. Акьыԥхь ианиҵаз иҩымҭақәа рыла ихьӡ аԥхьаҩцәа еицырдырит, агазеҭгьы аҳаҭыр шьҭнахуан.1950-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа нахыс аамҭа ҿыц аира ицәырнагон абаҩхатәрақәа. Усҟантәи абиԥара дреиуаны дцәырҵит Анатоли Возба, ирылукаауазгьы дыруаӡәкын.Арҿиара аус мацарала иҽҭахикаауамызт, иԥсҭазаара зегьы ижәлар рымаҵ аура иазкын, аԥсадгьыл азы ақәԥаҩцәа дреиуан. Амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далагылан. Аҵыхәтәан, Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" анеиҿкахаагьы, иара ари ахеидкыла Гәдоуҭатәи аҟәша напхгара аиҭон. Аԥсны ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара иазкны ииҩуаз, агазеҭ ианиҵоз истатиақәа, ишырҳәо еиԥш, ицҳафыруа иҟан, ажәлар ирылаҵәахьан, еснагь иазԥшын арҿиаҩы иажәа. Апублицист ҟаза еснагь аамҭа шизымхозгьы, игәыгәҭаижьуамызт алитература. Асахьаркыратә литература иаҵанакуа аҩымҭақәа маҷымкәагьы иҭижьит.Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала: Кьахь Ҳаџьараҭ. Аповест. Аҟәа, 1960; Агәыӷра ашә аартызароуп. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1966; Аӡбаҩцәа дрысҭоит. Аиумортә жәабжьқәа, Аҟәа, 1971; Амра аҽарыцқьоит. Ажәабжьқәа, Аҟәа, 1979; Ашыц мҳаҵә. Аиумортә жәабжьқәа. Аҟәа, 1981; Кьахьба Ҳаџьараҭ. Ароман. Аҟәа, 1986; Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҟәа, 2010-2011; аурысшәала еиҭаган: Ҳаџьараҭ Кьахьба. Ароман. М., 1991.Абраҟа иазгәаҭатәуп, аԥсуа жәлар рыҩнуҵҟагьы иҟоу азалымдарақәа, аиҵаӷьычра, ацәгьеибаҳәара, аҵарҭышагара, аҳәынҭқарратә мал аӡара, аԥсшәа атәамбара, атәым культура ахьынҳалара, адоуҳадара зегьы нарҭбааны ишырныԥшуа ипиесақәа: "Хакәыцәи Қәабзачи" ацикл аҟнытә, "Ачымазара ҿыц - спид", "Аҩыжәра, анаркоманиа, аҭаҭынахара", "Акооперативи егьырҭи".Рҿахәы бзианы ирҳәахьеит, ҳажәлар даарагьы ирылаҵәахьеит еицырдыруа иажәабжьқәа: "Абарҭ роуп аразҟы змоу", "Бадис аҭырас ааигеит", "Аԥҳал ҟазҵауа амаа иара иахьиҭаху иеиҭоит", "Ҩ-цәымҳак", "Акасыжәфара иашьцылаз аҳәыс", "Сыԥҳәысымкәа сызшаз" уҳәа убас ирацәаны.Аҵыхәтәан, санҵамҭа ашәҟәыҩҩы Анатоли Возба изы ихсыркәшоит збаҩхатәреи, зыуаҩреи, зҟәыӷара дуи даара пату рықәысҵоз акритик Владимир Аҵнариа ашәҟәыҩҩи уи дызлиааз иаамҭеи ирызку ицәаҳәақәа рыла: "Абри аамҭа (20-тәи ашәышықәса 50-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа ауп дызҿу) аԥсуа литература аибашьрашьҭахьтәи ауадаҩрақәа ахганы, иаанамыртыцыз, уаанӡа иазымҳәацыз, идуу акы аҳәарц аҽазкра, аҽеибыҭара, изыхьӡази изхьымӡази еилырго, ацәамцәақәа каԥсо, агәаӷь ацқьара еиқәырхо, арҿыцра ианаҿыз акәын, даҽа етапк ахь ианхалоз акәын. Убасҟан аҟара аԥсуа литература аҟыбаҩ ҿыцқәа аланамгалацызт…"
https://sputnik-abkhazia.info/20191207/Dryshi-Belorussiei-rybzhara-apoet-Iuri-Lakerbai-igalasharazy-1028960584.html
https://sputnik-abkhazia.info/20170621/anatoli-vozba-iyiszei-ikollegohei-dirgaladarsheit-1021298862.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/1a/1039818190_238:0:1683:1084_1920x0_80_0_0_4ee061c31b0248758ea4e23cf9145db9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
"Аԥсҭазаара уҳәеит ҳәа… Зыԥсҭазааратә усура еилашуаз, заԥхьаҟа ҳлитературазы иҵегь ҟазҵараны иҟаз, абаҩхатәра змаз ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы Анатоли Баҭа-иԥа Возба дычмазаҩымкәа, дыбзиахәха дшыҟаз, машәырла иԥсҭазаара далҵит, ианвар 26 аҽны, 1994 шықәсазы. Ари цәыӡын аԥсуа литературазы… Ижәлар гәакьа лаӷырӡыла дкәабаны, рхы-ргәы далхны, дзыԥсаз ала ихцәажәаны, ианвар 29 аҽны Анатоли Возба Лыхны акыҭан, иабацәа рҳаҭгәын аҿы, "унарцә мҩа бзиахааит" ҳәаны, анышә днамардеит…
Амала, Анатоли Возба иҭынхаз иҩымҭақәа ыҟоуп ҳдоуҳатә ԥсҭазааразы рхатә ҵакы рыманы, ихьӡ-иԥша дмырӡыртә еиԥш. Нас уи акәӡами ари адунеи аҿы ашәҟәыҩҩы изыҳәан ихадароугьы…"
Ҳаԥсуа литератураҿы иҟоуп ашәҟәыҩҩцәа зырҿиаратә процесс инаваргыланы излагылаз аамҭа агәеисыбжь ӷәӷәаны изныруаз, ианаҭахыз аамҭазы, зкалам нкаршәны, иԥсыда-инхада ахьырҳәоз аҭыԥқәа рҿы инеины зыжәлар иралагылоз, иаҭаххаргьы, егьа ишәарҭазаргьы, рҿахәы зҳәоз…
Сара ибзиаӡан исгәалашәоит, усҟан есжәашықәса рахьтә знык ажәлар зыргәамҵуаз рҳәарцаз ианеизоз ашықәсқәа руак раан акәын, Анатоли Возба иааирԥшыз агәаӷьра. Уи усҟан еицырдыруаз, зыхьӡ-зыԥша ыҟаз аԥсуа шәҟәыҩҩын, ирҿиаратә усура анаҩсангьы, хыхь ишазгәаҳҭаз еиԥш, еснагь аԥсуа жәлар рыԥсҭазаара агәеилашра далагылан, уи иахылҵуаз аҟыбаӡыбақәа, ауадаҩрақәа дрыцәхьаҵны бзанҵык дҟамлацызт…
Уи ус шакәу шаҳаҭра ауеит агазеҭ "Бзыԥ" аҟны иара иикьыԥхьыз ақырҭуа еиҳабыра акыршықәсала Аԥсны иазааргахьаз азалымдарақәа ртәы зҳәоз аԥсуа интеллигенциа гәыԥҩык СССР аиҳабыреи КПСС анапхгаҩцәеи рахь ирҩыз "Аԥсуа шәҟәы" амацарагьы. Ииашоуп, Руслан Қапба игәалашәараҿгьы уи инаҵшьны иазгәеиҭоит, усҟан апартиа Гәдоуҭатәи араиком актәи амаӡаныҟәгаҩ Константин Озган ицхыраара шимазгьы, дышидгылозгьы, ари аҩыза агәаӷьра араионтә газеҭ аредактор ихаҭыԥуаҩ изы имариамызт, изаҳамҳәарызеи, иԥсҭазаара ашәарҭара иҭанаргыларгьы алшон. Избанзар усҟан Қырҭтәылатәи акомпартиеи аиҳабыреи абгалаџқәа реиԥш еиқәхаԥс итәан, нахьхьиӡа аахыс аԥсуа жәлар рзы иҟарҵоз аиҵаҟәаҟәарақәеи азалымдарақәеи ртәы аартны рҳәара, ркьыԥхьра аӡәгьы азин ирымҭартә еиԥш…
Абраҟа иазгәаҭатәуп ашәҟәыҩҩы Анатоли Возба Ҳаџьараҭ Кьахьба иаҳәшьаԥа гәакьа шиакәыз, иҟалап, уи илаз ареволиуциатә хыԥша ишиашаз иара иахьгьы ииасызар!..
Аԥхьаҩ ибзианы идыруеит Анатоли Возба раԥхьаҵәҟьа Ҳаџьараҭ Кьахьба изкны аҭоурыхтә повест шиҩыз, нас, шықәсқәак рышьҭахь, ихаирҭәааит, иҵегь аус адулан ироманны иҭижьит. Уимоу, аԥсуа-ақырҭуа еибашьра аԥхьаҵәҟьа 1991 шықәсазы еиҭаганы Москва иҭижьит. Уи аурысшәахь ҟазарыла еиҭеигеит абаҩхатәра бзиа злаз, урысшәала иҩуаз, аха Аԥсны ииз, иааӡаз апоет Иури Лакрба.
Сара ибзиан исгәалашәоит, усҟан уи ашәҟәы анҭыҵ иҟан ацәажәарақәа, Баграт Шьынқәба иажәеинраалоу ироман "Ахра ашәа" иҩхьан, уаҟа Ҳаџьараҭ Кьахьба ихаҿсахьа нхарҭәааны иаарԥшуп, уажәы даҽазнык уи ахаҿсахьа азхьаԥшра иаԥсамзар ҟаларын ҳәа. Аха Баграт иара ихаҭагьы уи аверсиа даҿагылеит, иҳәеит, иара ироман жәеинраалатә формала ишҩу, Возба итәы ҭоурыхтә-прозатә формала, урҭ аҩбагьы акы иазымҳәаз даҽакы иаҳәоит, ус анакәха, аҩбагьы алитературатә ԥсҭазаара азин рымоуп ҳәа!.. Ари агәаанагара аӡәгьы дзаҿамгылеит, ирласны еиқәтәеит ирхылҵыз ацәажәарақәагьы…
Абраҟа иазгәаҭатәуп Анатоли Возба агәаӷьра ду шимаз, уи аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә еизара дуқәа рышьҭахь, аката-катаҳәа Қарҭынтәии Москвантәии иаарышьҭуаз еиуеиԥшымыз аделегациақәа рԥылараан, шамахак зегьы дрылахәын, "Аидгылара" Гәдоуҭатәи аҟәша аиҳабык, патриотк, интеллигентк иаҳасабала. Урҭ аизарақәа зегьы ирылахәыз Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа акырынтә иҳәо саҳахьеит Анатоли Возба изы: "Уи ауаҩ, "Аидгылара" аиҳабыс сара санахадыргыла нахыс, дзакәытә патриот дууз сыблала избеит. Иҟалап, ҳара убри аус ҳаҿнаҵы, зынзаҵәык ихы нықәҵаны уаҩҵас дмыцәацызҭгьы, ҳаргьы ҳиртәомызт, иаргьы дтәомызт!..
Насгьы, аратәи агазеҭқәа иаҳзырнымҵоз, иааҳамҵԥааны иганы Гәдоуҭа иара дызхагылаз агазеҭ "Бзыԥ" ианиҵон, ажәлар ирылаирҵәон. Аиаша ҳҳәар ами, усҟан уи агазеҭ даара аус ауит, Аԥсны мацара акәым, Қырҭтәылаҟагьы маӡала иганы иаԥхьон, акомментариқәа ҟарҵон ртелехәаԥшрақәеи ргазеҭқәеи рыла. Нас, ҳара урысшәалагьы аԥсышәалагьы "Аидгылара" ҳәа агазеҭқәа рҭыжьра ҳаналага, ашәарҭара ӷәӷәа зцыз акьыԥхьымҭақәа уахь ииаҳгеит, аха иара зегьы акоуп иҟаиҵац ҟаиҵон, уантәи ихкьыԥхьлааны иара игазеҭгьы ианиҵон, иҵегь ауаа ирылаҵәарц!.. Убри аҩыза агәӷьреи, агәаӷьи, иақәнагоз адырреи змаз роуп ҳажәлар милаҭ ҳасабла реиқәырхараҿы акырӡа зылшаз…"
Уажәшьҭа ҳаныԥшылап алитератураҿгьы, Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿгьы зџьабаа шьардоу ашәҟәыҩҩы-ажурналист Анатоли Возба инысымҩа:
Возба Анатоли Бата-иԥа (22.06.1932, Аԥсны, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭа - 26.01.1994). Ашәҟәыҩҩы, ажурналист, ауаажәларратә усзуҩы. СССР-и Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәеи СССР-и Аԥсни Ржурналистцәа реидгылақәеи дрылан. Дыҩуан аԥсышәала.
Ашәҟәыҩҩы иԥсҭазааратә мҩа акыр илакьуан, дышқәыԥшӡаз иаб диԥхоит. Иашьеи иареи аибара дмырбакәа ран Зиза илааӡеит. Иқыҭаҿ абжьаратә школ даналга, дҭалоит Москватәи аихамҩаргыларатә институт, аха актәи ашықәс аан иҭаацәаратә ҭагылазаашьа ауадаҩра инамаданы аҩныҟа дыхнымҳәыр амуит.
Иагьа ус акәзаргьы, аҵара гәҭакыс измаз аҷкәын 1954 ш. А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт дҭалоит. Хәышықәса рышьҭахь иҵара хыркәшаны иқыҭахь дцоит, Лыхнытәи абжьаратә школ аҟны аусура далагоит, хара имгакәа Гәдоуҭа араион аҵара аҟәша ашҟа диасуеит. Арантә диаргоит араионтә газеҭ "Бзыԥ" аредакциахь. "Бзыԥ" еиҧш, иҩымҭақәа анылон агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" ("Аԥсны"). Ажурналист изанааҭ ицааиуан, ибызшәа беиан. Дышнеи-шнеиуаз аредактор ихаҭыԥуаҩс диаргоит, аҵыхәтәан редакторсгьы дыҟан. Акьыԥхь ианиҵаз иҩымҭақәа рыла ихьӡ аԥхьаҩцәа еицырдырит, агазеҭгьы аҳаҭыр шьҭнахуан.
1950-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа нахыс аамҭа ҿыц аира ицәырнагон абаҩхатәрақәа. Усҟантәи абиԥара дреиуаны дцәырҵит Анатоли Возба, ирылукаауазгьы дыруаӡәкын.
Арҿиара аус мацарала иҽҭахикаауамызт, иԥсҭазаара зегьы ижәлар рымаҵ аура иазкын, аԥсадгьыл азы ақәԥаҩцәа дреиуан. Амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далагылан. Аҵыхәтәан, Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" анеиҿкахаагьы, иара ари ахеидкыла Гәдоуҭатәи аҟәша напхгара аиҭон. Аԥсны ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара иазкны ииҩуаз, агазеҭ ианиҵоз истатиақәа, ишырҳәо еиԥш, ицҳафыруа иҟан, ажәлар ирылаҵәахьан, еснагь иазԥшын арҿиаҩы иажәа. Апублицист ҟаза еснагь аамҭа шизымхозгьы, игәыгәҭаижьуамызт алитература. Асахьаркыратә литература иаҵанакуа аҩымҭақәа маҷымкәагьы иҭижьит.
Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала: Кьахь Ҳаџьараҭ. Аповест. Аҟәа, 1960; Агәыӷра ашә аартызароуп. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1966; Аӡбаҩцәа дрысҭоит. Аиумортә жәабжьқәа, Аҟәа, 1971; Амра аҽарыцқьоит. Ажәабжьқәа, Аҟәа, 1979; Ашыц мҳаҵә. Аиумортә жәабжьқәа. Аҟәа, 1981; Кьахьба Ҳаџьараҭ. Ароман. Аҟәа, 1986; Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҟәа, 2010-2011; аурысшәала еиҭаган: Ҳаџьараҭ Кьахьба. Ароман. М., 1991.
Абраҟа иазгәаҭатәуп, аԥсуа жәлар рыҩнуҵҟагьы иҟоу азалымдарақәа, аиҵаӷьычра, ацәгьеибаҳәара, аҵарҭышагара, аҳәынҭқарратә мал аӡара, аԥсшәа атәамбара, атәым культура ахьынҳалара, адоуҳадара зегьы нарҭбааны ишырныԥшуа ипиесақәа: "Хакәыцәи Қәабзачи" ацикл аҟнытә, "Ачымазара ҿыц - спид", "Аҩыжәра, анаркоманиа, аҭаҭынахара", "Акооперативи егьырҭи".
Рҿахәы бзианы ирҳәахьеит, ҳажәлар даарагьы ирылаҵәахьеит еицырдыруа иажәабжьқәа: "Абарҭ роуп аразҟы змоу", "Бадис аҭырас ааигеит", "Аԥҳал ҟазҵауа амаа иара иахьиҭаху иеиҭоит", "Ҩ-цәымҳак", "Акасыжәфара иашьцылаз аҳәыс", "Сыԥҳәысымкәа сызшаз" уҳәа убас ирацәаны.
Аҵыхәтәан, санҵамҭа ашәҟәыҩҩы Анатоли Возба изы ихсыркәшоит збаҩхатәреи, зыуаҩреи, зҟәыӷара дуи даара пату рықәысҵоз акритик Владимир Аҵнариа ашәҟәыҩҩи уи дызлиааз иаамҭеи ирызку ицәаҳәақәа рыла:
"Абри аамҭа (20-тәи ашәышықәса 50-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа ауп дызҿу) аԥсуа литература аибашьрашьҭахьтәи ауадаҩрақәа ахганы, иаанамыртыцыз, уаанӡа иазымҳәацыз, идуу акы аҳәарц аҽазкра, аҽеибыҭара, изыхьӡази изхьымӡази еилырго, ацәамцәақәа каԥсо, агәаӷь ацқьара еиқәырхо, арҿыцра ианаҿыз акәын, даҽа етапк ахь ианхалоз акәын. Убасҟан аҟара аԥсуа литература аҟыбаҩ ҿыцқәа аланамгалацызт…"