Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи аботаникатә баҳча аиҳабы аҭааҩцәа рхымҩаԥгашьа дахашшаауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАбхазский государственный ботанический сад
Абхазский государственный ботанический сад  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2022
Анапаҵаҩра
180 шықәса раԥхьа ишьаҭаркыз Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҿ 3 000 рҟынӡа ҵиаахкы ирызҳауеит.
АҞӘА, рашәара 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәатәи аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәбаз аҭааҩцәа рхымҩаԥгашьа дахашшаауеит, аобиект аҭааратә аамҭеихшанҵа ԥсахтәны дахәаԥшуеит. Абри атәы иара иазгәеиҭеит арадио Sputnik аефир аҿы.
"Аботаникатә баҳча - ари ԥсабаратә музеиуп. Еиԥҟьарада ауаа уахь рынашьҭра иашам. Аха аԥаразымхаразы усеиԥш ҟаҳҵалароуп. Иахьа ауаа аԥҟарақәа рықәныҟәара бзиа ирбаӡом. Аӡәы ашәҭ ҿихуеит, аҽаӡәы - абӷьы. Зааигәа унеир ҟамло аҵиаақәа ирылакьысуеит. Ахымҩаԥгашьатә культура цыркьуеит", - иҳәеит иара.
Гәбаз иажәақәа рыла, Аԥсны ауааԥсырагь арахь рлақәа рыман инеиуеит. Ахәыҷқәа ракәзаргьы, аԥсабара аиҷаҳашьа рыздырам. Иддырҵаӡом. Ахьчаҩцәа урҭ зегь рышьклаԥшра иахьӡаӡом. Адуцәа ракәзар, ахәыҷқәа ирхылаԥшӡом. Уи адагьы ашколхәыҷқәа аурокқәа ныжьны ара рҽанырҵәахуа ыҟоуп.
Аҟәатәи адендропарк аҭаара азин ахьыҟам Гәбаз ииашоуп ҳәа ахиҳәаауеит. Иҟалоит уи ԥхьаҟа азин ҟаҵахар, аха уи азы ахьчаратә усмҩаԥгатәқәа рҭыԥ иқәҵатәуп.
"Ҳәарада, арҭ аобиектқәа ауаа рзоуп изеиҿкаау, аха аԥхасҭа арымҭаларц азы мчыбжьык ахь знык, ҩынтә рнеира азырхатәуп. Аибашьра ҟалаанӡа Аҟәа Шәача аасҭа иԥшӡан. Уажәы Риҵеи Афон ҿыци рҿеиԥш абилеҭқәа рыхәқәа хаҳамгалеит, аха апроблема рацәа ҳамоуп атехника, афонд, апитомник рганахьала", - иҳәеит иара.
Гәбаз Аботаникатә баҳча аусуразы: амчымхарақәа шыҟоугьы ҳазҿлымҳауп аизырҳара - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.10.2021
Арадио
Гәбаз Аботаникатә баҳча аусуразы: амчымхарақәа шыҟоугьы ҳазҿлымҳауп аизырҳара
180 шықәса раԥхьа ишьаҭаркыз Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҿ 3 000 рҟынӡа ҵиаахкы ирызҳауеит. Аҵакыра 5 гектарк иҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0